https://sputnik-abkhazia.info/20250329/amsh-zbazi-asha-zbazi-a-asha-ashra-aanyzhra-aaky-1054252006.html
"Амшә збази ашьҭа збази ҳәа": ашьҭа-ашьҭра ааныжьра аҵакы
"Амшә збази ашьҭа збази ҳәа": ашьҭа-ашьҭра ааныжьра аҵакы
Sputnik Аҧсны
Ауаҩы идунеи аниԥсахлак дыздыруаз анихцәажәо, "уи ишьҭамҭа бзиоуп", "ашьҭра бзиа аанижьит" рҳәоит. Иара убас, аԥсуаа ржәар иалоуп ажәақәа: абшьҭра, аншьҭра... 29.03.2025, Sputnik Аҧсны
2025-03-29T14:00+0300
2025-03-29T14:00+0300
2025-03-29T14:00+0300
аԥсны
жәлар рдоуҳа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102880/56/1028805662_0:173:3027:1876_1920x0_80_0_0_f847d45ac0390deaeb510e20cd9ccabb.jpg
Ауаҩы идунеи аниԥсахлак дыздыруаз анихцәажәо, "уи ишьҭамҭа бзиоуп", "ашьҭра бзиа аанижьит" рҳәоит. Иара убас, аԥсуаа ржәар иалоуп ажәақәа: абшьҭра, аншьҭра, лымкаала "иаб ишьҭа", "иан лышьҭа" ҳәа. Иаҳҳәап: "иаб ишьҭа дхылан днеиуеит" – иус наигӡоит аанагоит.Аха изакәызеи "ашьҭа" ҳәа дызҿыз аԥсабара иузаҟәымҭхо иадҳәалаз раԥхьатәи ауаҩы? Иарбан ҵаку уи иаҵеиҵоз?Ашьҭа – ари ауаҩы (аԥстәы, ма даҽакы) данныҟәо, дахьиасыз аҭыԥ аҿы иаанхо ишьапы ашьҭа ауп. Ажәытәӡатәи аамҭақәа рзы уи амагиатә рҿиара анырбаалон."Ашьҭа" амагиатә ҵакала иара зтәу аобиект иаҟәыҭхамкәа иахәаԥшуан. Аԥсуаа имҩаԥыргон ақьабз "ашьапныҳәа", ма "ашьахәԥҟара" ҳәа хьӡыс измаз. Уи аныҟәара алагара зцәыцәгьахаз ахәыҷы изы иҟарҵон. Аныҳәараз иалхыз амш азы аԥҳәыс цқьа амажәа кәаҳаны амгьал лӡуан, нас илныҳәоз ахәыҷы уи амгьал дықәыргыланы ишьапы ашьҭа ҭылхуан. Ишьапы асахьа ахьақәҭыхыз амгьал аса иара (ма иан) агьама илырбон, егьырҭ амгьал асақәа амхны ақьабз иалахәыз ахәыҷқәа ирзылшон."Ашьҭа" иадҳәалоу, ҳаамҭазгьы ахархәара змоу азхаҵарақәа иреиуоуп – ауаҩы аҩны дандәылҵлак ашьҭахь, дахьнеиша днеиаанӡа "ишьҭауԥссар (ишьҭа аԥссара) ҟалаӡом" ҳәа иазгәарҭо. Аԥсы дахьдәылырго аҩны аҟны акәзар, "ушьҭахьҟа ухьамԥшын" ҳәа зықәрахь инеихьоу аԥҳәыс бырг илдырԥссоит – ишьҭа, ишьҭахьҟа инхаз дрызхьаауа дҟамларц.Ауаҩы инаҩсангьы, "ашьҭа" нрыжьуеит еиуеиԥшым амифологиатә персонажцәа. Иаҳҳәап: Ӡызлан лышьҭа (уи ишаҳдыруа еиԥш лшапашьхәа аԥхьаҟа ихоуп), Адауы ишьҭа, ҳәамҭақәак рҟны ишҳәоу ала, аныхатәарҭа аҟныгьы ашьҭа ааннажьуеит – шьоукы ашьац ықәыблааны ирбоит, адгьыл блызшәа ашьҭра ааннажьит рҳәоит уҳәа убас егьырҭгьы. Ауаҩы арҭ ашьҭақәа дырхыланы дышнеиуа иара амифологиатә персонаж инхарҭа ҭыԥ дақәшәоит, ирреалтәу адунеи ахь дианагоит. Аха "амшә збази ашьҭа збази ҳәа" аԥсуаа ражәа иаланы ишырҳәо еиԥш, ашьҭа уанажьогьы ыҟоуп. Усҟан "аҩсҭаа дирҟьалеит" рҳәоит."Ашьҭа" аҵакы иара зтәу аобиект иадҳәаланы иуԥылоит, иара убас абзазаратә магиаҿы – ауаҩы ашьамаҟа, аԥсаса, ауахьад аниҭиуа, ма ианааихәо. Аахәаҩ иааихәо аԥстәы ашьапы иаҵоу шьацума, нышәгәалума, изакәызаалак, "ашьапы ашьҭа наҵхны" иҩны аганахь амҩа инанижьлоит, мамзаргьы аҩны ианнеигалак, ажәҭра (ма аҽҭра) ашәхымс иҵаиҵоит. Ари ақьабз ҵакыс иамоу арахә зтәыз дыгәхьаанамго, иаазхәаз иҟны иаднаԥхьало иҟаларц ауп."Ашьҭа" аанрыжьуан аҩны аргыларазы аҭыԥ аналырхуазгьы. Ашыӡ, ахәаӡ, ма изакәызаалак хрыӷк карԥсон аҩны дыргыларц иалырхыз аҭыԥ аҿы. Адырҩаҽны уаҟа ианнеилак шьҭак анны ирбар, уи ала еилыркаауан ари аҭыԥ иара аԥшәма дамоу, дамаму. Ашьҭа анымхалазар, "аҭыԥ цқьоуп", аргылара ҟалоит ҳәа иԥхьаӡан."Ашьҭа" злоу ажәаԥҟақәа:"Амшә збази ашьҭа збази ҳәа","Амшә ашьҭа – шьҭа иалаҩашьом","Амшә абгахәыҷы ашьҭа анаба иџьанашьон".
https://sputnik-abkhazia.info/20240330/amsh-asha-zbazi-akhaa-zbazi-a-akha-a-ala-ikhyrkshou-azhaaa-1050596316.html
https://sputnik-abkhazia.info/20241130/abga-anyrk-sybgakhyup-aon-agygshyg-irykhaau-azhaaei-reilyrgaei-1052966713.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Есма Ҭодуаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102963/74/1029637432_634:0:1967:1333_100x100_80_0_0_6428449d26d913d4418a6902209f10ec.jpg
Есма Ҭодуаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102963/74/1029637432_634:0:1967:1333_100x100_80_0_0_6428449d26d913d4418a6902209f10ec.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102880/56/1028805662_148:0:2879:2048_1920x0_80_0_0_67e05be1cf0b04c633caa46f3bf6e5e4.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Есма Ҭодуаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102963/74/1029637432_634:0:1967:1333_100x100_80_0_0_6428449d26d913d4418a6902209f10ec.jpg
жәлар рдоуҳа, аԥсны
Ауаҩы идунеи аниԥсахлак дыздыруаз анихцәажәо, "уи ишьҭамҭа бзиоуп", "ашьҭра бзиа аанижьит" рҳәоит. Иара убас, аԥсуаа ржәар иалоуп ажәақәа: абшьҭра, аншьҭра, лымкаала "иаб ишьҭа", "иан лышьҭа" ҳәа. Иаҳҳәап: "иаб ишьҭа дхылан днеиуеит" – иус наигӡоит аанагоит.
Аха изакәызеи "ашьҭа" ҳәа дызҿыз аԥсабара иузаҟәымҭхо иадҳәалаз раԥхьатәи ауаҩы? Иарбан ҵаку уи иаҵеиҵоз?
Ашьҭа – ари ауаҩы (аԥстәы, ма даҽакы) данныҟәо, дахьиасыз аҭыԥ аҿы иаанхо ишьапы ашьҭа ауп. Ажәытәӡатәи аамҭақәа рзы уи амагиатә рҿиара анырбаалон.
"Ашьҭа" амагиатә ҵакала иара зтәу аобиект иаҟәыҭхамкәа иахәаԥшуан. Аԥсуаа имҩаԥыргон ақьабз "ашьапныҳәа", ма "ашьахәԥҟара" ҳәа хьӡыс измаз. Уи аныҟәара алагара зцәыцәгьахаз ахәыҷы изы иҟарҵон. Аныҳәараз иалхыз амш азы аԥҳәыс цқьа амажәа кәаҳаны амгьал лӡуан, нас илныҳәоз ахәыҷы уи амгьал дықәыргыланы ишьапы ашьҭа ҭылхуан. Ишьапы асахьа ахьақәҭыхыз амгьал аса иара (ма иан) агьама илырбон, егьырҭ амгьал асақәа амхны ақьабз иалахәыз ахәыҷқәа ирзылшон.
"Ашьҭа" иадҳәалоу, ҳаамҭазгьы ахархәара змоу азхаҵарақәа иреиуоуп – ауаҩы аҩны дандәылҵлак ашьҭахь, дахьнеиша днеиаанӡа "ишьҭауԥссар (ишьҭа аԥссара) ҟалаӡом" ҳәа иазгәарҭо. Аԥсы дахьдәылырго аҩны аҟны акәзар, "ушьҭахьҟа ухьамԥшын" ҳәа зықәрахь инеихьоу аԥҳәыс бырг илдырԥссоит – ишьҭа, ишьҭахьҟа инхаз дрызхьаауа дҟамларц.
Ауаҩы инаҩсангьы, "ашьҭа" нрыжьуеит еиуеиԥшым амифологиатә персонажцәа. Иаҳҳәап: Ӡызлан лышьҭа (уи ишаҳдыруа еиԥш лшапашьхәа аԥхьаҟа ихоуп), Адауы ишьҭа, ҳәамҭақәак рҟны ишҳәоу ала, аныхатәарҭа аҟныгьы ашьҭа ааннажьуеит – шьоукы ашьац ықәыблааны ирбоит, адгьыл блызшәа ашьҭра ааннажьит рҳәоит уҳәа убас егьырҭгьы. Ауаҩы арҭ ашьҭақәа дырхыланы дышнеиуа иара амифологиатә персонаж инхарҭа ҭыԥ дақәшәоит, ирреалтәу адунеи ахь дианагоит. Аха "амшә збази ашьҭа збази ҳәа" аԥсуаа ражәа иаланы ишырҳәо еиԥш, ашьҭа уанажьогьы ыҟоуп. Усҟан "аҩсҭаа дирҟьалеит" рҳәоит.
"Ашьҭа" аҵакы иара зтәу аобиект иадҳәаланы иуԥылоит, иара убас абзазаратә магиаҿы – ауаҩы ашьамаҟа, аԥсаса, ауахьад аниҭиуа, ма ианааихәо. Аахәаҩ иааихәо аԥстәы ашьапы иаҵоу шьацума, нышәгәалума, изакәызаалак, "ашьапы ашьҭа наҵхны" иҩны аганахь амҩа инанижьлоит, мамзаргьы аҩны ианнеигалак, ажәҭра (ма аҽҭра) ашәхымс иҵаиҵоит. Ари ақьабз ҵакыс иамоу арахә зтәыз дыгәхьаанамго, иаазхәаз иҟны иаднаԥхьало иҟаларц ауп.
"Ашьҭа" аанрыжьуан аҩны аргыларазы аҭыԥ аналырхуазгьы. Ашыӡ, ахәаӡ, ма изакәызаалак хрыӷк карԥсон аҩны дыргыларц иалырхыз аҭыԥ аҿы. Адырҩаҽны уаҟа ианнеилак шьҭак анны ирбар, уи ала еилыркаауан ари аҭыԥ иара аԥшәма дамоу, дамаму. Ашьҭа анымхалазар, "аҭыԥ цқьоуп", аргылара ҟалоит ҳәа иԥхьаӡан.
"Амшә збази ашьҭа збази ҳәа",
"Амшә ашьҭа – шьҭа иалаҩашьом",
"Амшә абгахәыҷы ашьҭа анаба иџьанашьон".