https://sputnik-abkhazia.info/20250405/ochamchyra-aktsia-aiaaira-aestafeta-maysit-1054367798.html
Очамчыра акциа "Аиааира аестафета" мҩаԥысит
Очамчыра акциа "Аиааира аестафета" мҩаԥысит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, мшаԥы 5 - Sputnik. Очамчыра ақалақь аҿы акциа "Аиааира аестафета" мҩаԥысит. 05.04.2025, Sputnik Аҧсны
2025-04-05T18:00+0300
2025-04-05T18:00+0300
2025-04-05T19:17+0300
ажәабжьқәа
аиааира ду – 80
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/04/05/1054367263_0:7:1280:727_1920x0_80_0_0_d273db97145c3fa005eec60d1f8837e2.jpg.webp
АҞӘА, мшаԥы 5 - Sputnik. Очамчыра ақалақь аҿы акциа "Аиааира аестафета" мҩаԥысит. Ашәҭқәа рышьҭаҵара рхы аладырхәит ақалақь ахадара ахаҭарнакцәа, аруаа, ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи. Анаҩс Акультура аҩны аҿы аныҳәатә концерт мҩаԥган, уи ашьҭахь Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаан иҭахаз амшынуаа ргәалашәара иазкны ашәҭшьыҵәрақәа амшын ихырҵеит. Жәларбжьаратәи арра-патриоттә усмҩаԥгатәқәа жәабран 2 рзы Бресттәи абааш аҟынтәи иалагеит. Аԥсны мшаԥымза ҩба рзы аушьҭратә-гәаҭаратә пункт "Ԥсоу" аҟны аестафета аднакылеит. Уаҵәи уаҵәашьҭахьи Аиааира асимвол Тҟәарчали Гали иргоит, мшаԥы ааба рзы Урыстәылаҟа ирырҭоит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/04/05/1054367263_152:0:1129:733_1920x0_80_0_0_89bea91b5fa7734d974547d6e05256f5.jpg.webpSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
АҞӘА, мшаԥы 5 - Sputnik. Очамчыра ақалақь аҿы акциа "Аиааира аестафета" мҩаԥысит.
Ашәҭқәа рышьҭаҵара рхы аладырхәит ақалақь ахадара ахаҭарнакцәа, аруаа, ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи.
Анаҩс Акультура аҩны аҿы аныҳәатә концерт мҩаԥган, уи ашьҭахь Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаан иҭахаз амшынуаа ргәалашәара иазкны ашәҭшьыҵәрақәа амшын ихырҵеит.
Жәларбжьаратәи арра-патриоттә усмҩаԥгатәқәа жәабран 2 рзы Бресттәи абааш аҟынтәи иалагеит. Аԥсны мшаԥымза ҩба рзы аушьҭратә-гәаҭаратә пункт "Ԥсоу" аҟны аестафета аднакылеит.
Уаҵәи уаҵәашьҭахьи Аиааира асимвол Тҟәарчали Гали иргоит, мшаԥы ааба рзы Урыстәылаҟа ирырҭоит.