Аиааира Ду – 80
Sputnik Аԥсны ишәзеиҭанаҳәоит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы Аиааира агараҟны Аԥсны аҵеицәа иҟарҵаз алагала атәы.

"Уаҳа ҳаиқәшәаӡом": Антипа Агрба иҭоурых

© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтәАнтипа Агрба
Антипа Агрба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.04.2025
Анапаҵаҩра
Лаҵарамза 9, 2025 шықәсазы иҵуеит 80 шықәса Аџьынџьтәылатәи Аибашьра Ду еилгеижьҭеи. Ари акразҵазкуа аҭоурыхтә хҭыс инамаданы, Sputnik аколумнист Саида Жьиԥҳа ишәыдылгалоит аибашьра иалахәыз аветеранцәеи, афронт аҟны иҭахази, хабарда ибжьаӡызи ирызкыу анҵамҭақәа рцикл. Раԥхьатәи аҭоурых ихҳәаауп 19 шықәса зхыҵуаз Калдахәаратәи арԥыс, Антипа Ԥшьӷәаз-иԥа Агрба. Иара иахьа уажәраанӡа хабарда ибжьаӡыз ҳәа дыԥхьаӡоуп. Ажәабжь анҵоуп Антипа иашьа имаҭа Римма Агрԥҳа лажәақәа рыла.
Ажәа ахы умҳәакәа аҵыхәа узҳәом рҳәоит. Убри аҟнытә, сажәабжь салагоит иахьатәи сфырхаҵа иаб иӡбахә ала. Ԥшьӷәаз Агрба 18 шықәса ихыҵуан Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа ихынҳәуаз, ҩыџьа ижәлантәқәа Аграа дрыцны данаа. Атәым жәҩан аҵаҟа инхеит арԥыс иаҳәшьцәа фҩык. Уи аамҭазы дара уаҟа аҭаацәара иалалахьан. Анкьа Мгәыӡырхәантәи ихырҵәаз Ԥшьӷәаз, иашьцәа Аграа Калдахәара дындырхеит. Уаҟа иҵәҩаншьап аирсит. Шықәсқәак рышьҭахь иара динасыԥхеит Патхәариаԥҳак (лыхьӡ ргәалашәом). Ҿыц еиднагалаз ҳәоуеиқәшәала еицынхон. Адгьыл иқәаарыхуан, арахәи аԥсасеи нҵаны ирыман. Ақыҭаҟны ҳаҭыр зқәыз ҭаацәан. Иреигәырӷьон рыуа, рҭынха. Ԥшьӷәаз игәараҭаҟны еиҵагылеит узықәгәыӷшаз абиԥара, ԥшьҩык аԥацәеи ҩыџьа аԥҳацәеи. Аха ари агәырӷьара нагӡамхеит. Аҷкәынцәа руаӡәы дшыхәыҷыз идунеи иԥсахеит. Лач захьӡыз 37-тәи ашықәсқәа раан аколнхара даӷоуп ҳәа харада ахара идҵаны, Гагра Абааҭатәи абахҭа аҵакыраҿы дыршьуеит.
Аиааира Ду ҳзаазгаз, аҭынчра еиқәзырхаз: Канџьариа иаб аветеран Мас изкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.05.2023
Арадио
Аиааира Ду ҳзаазгаз, аҭынчра еиқәзырхаз: Канџьариа иаб аветеран Мас изкны
"Лач сара сабду иакәын. Санду Катиа Анқәабԥҳа лҟынтә изласаҳаз ала, иара аҩны ддәылганы дыргеит, аколнхара даҿагылоит ҳәа ахара идҵаны. Гагра, Абааҭатәи абахҭаҟны данҭарка, санду мчыбжьык имҩа данын. Илымаз, бысҭа хьшәашәак, мгьалк изылгон. Аха еибадырбаӡомызт, лмакәан лымхны амчра аусзуҩцәа аҩнуҵаҟа иҩнаргалон. Мчыбжьык анҵы, НКВД ахыбра зыхьчоз хаҵак дындәылҵын, "уаҳа бмаан, быԥшәма хымш раԥхьа амшын аҟәараҿы дыршьит, иԥсыбаҩ аӡы иарҭеит" ҳәа лаиҳәеит. Убас сабду адунеи далӡӡа дцеит", - еиҭалҳәоит амаҭа Римма Агрԥҳа.
Лач данҭадырха ашьҭахь, Мақьҭаҭ захьӡыз иашьа, агәырҩа дзазымиааит… Игәы аусура иаҟәыҵеит…
Ари ахҭыс ала Ԥшьӷәас иҭаацәараҟны арыцҳара аҵыхәа ԥымҵәеит. 1941 шықәсазы иалагаз Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду далаӡеит 19 шықәса зхыҵуаз иԥеиҵбы Антипа.
1941 шықәсазы, Антипа Аҟәатәи арҵаҩратә техникум дҭан, аҩбатәи акурс ахь диасхьан. Аԥсуа бызшәеи алитературеи рзанааҭ ала аҵара иҵон. Аҭаацәа зхьыԥшуаз иакәын. Иқыҭауаа ракәзаргьы, азанааҭ иоуны иаара иазыԥшын. Усҟантәи аамҭазы аԥсуа школқәа арҵаҩцәа ирызгәаҟуан.
"Хҩык аԥацәа зыԥхаз сабду иан Патхәариаԥҳа изаамҭанымкәа лыдунеи лыԥсахит. Ԥшьӷәаз ҩыџьа иԥҳацәа Вереи, Кантушьеи, иԥа Антипеи рыла иԥсы ҭан. Ихигаз агәаҟрақәа дырцасны, изынхаз ихшара ршьапы иқәыргыланы рыбзиара ибар иҭахын. Аха иаԥхьаҟа изыԥшын даҽа рыцҳарак", - лажәа иацылҵоит Римма Агрԥҳа.
Аибашьра ианалага хара имгакәа, Антипа иҭаацәа рахь ашәҟәы ааит, арԥыс аибашьра дшыршьҭыз атәы зҳәоз. Аграа рҭаацәа аԥсҭазаара агьама рцәыӡит. Уахи-ҽни агәашә ахь иԥшуан, џьара салам шәҟәык шԥааимышьҭри ҳәа…
Аамз рышьҭахь, аиаҳәшьа Вера лыхьӡала ашәҟәы ааит. Антипа иҩуан Львов дшыҟоу. Мызқәак рышьҭахь, Антипа даҽа салам шәҟәык ааишьҭит. Уи ианыз ацәаҳәақәа маҷын, аха аҳәызба аасҭа иҵарын. "Уаҳа шәаргьы саргьы ҳаиқәшәаӡом", - арҭ ажәақәа наӡаӡа аиҳәшьцәа ргәы кылнаҵәеит, наӡаӡа Ԥшьӷәаз адунеи ақәзаара игәадырхшәеит…
Антипа аҵыхәтәантәи асалам шәҟәы анааишьҭуаз, аибашьра алагеижьҭеи шықәсык ҵуан. Ус анакәха, арԥыс хабарда дыбжьаӡеит 1942 шықәсазы. Ԥшьӷәаз ихылҵшьҭра иахьа уажәраанӡа ирызгәакьоу аибашьҩы ихаҭара ашьақәыргыларазы еиуеиԥшым амаҵзурақәа рахь ашәҟәқәа аларҵахьеит. Агәыӷра рымоуп мышкызны ибаҩ ахьамадоу шьақәдыргылап ҳәа…
Нонна Ханагуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.06.2020
Арадио
Аҭоурых арҵаҩы: Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз аԥсуаа рҭоурых атәы зҳәо маҷуп
Ԥшьӷәаз Агрба агәаҟра иаӡрыжәыз иакәхеит. Иԥсы ҭанаҵы атәым дгьыл аҟны инхаз иаҳәцәа уаҳа рыӡбахә имаҳаит. Хәыҷыччыбжьла иҭәыз игәараҭа ашәы ахаԥеит. Аха аамҭа иаратәы ҟанаҵеит, маҷ-маҷ ихәрақәа ашьабара иаҟәыҵит. Еиҵагылеит шәышықәса данырзааигәаха аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьазгаз имаҭацәа…
Ажәабжьқәа зегьы
0