00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Инструкция по применению
On air
14:56
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
Главные темы
18:37
15 мин
Актуальный комментарий
В Азии новая вспышка коронавируса
18:53
13 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Аиааира Ду – 80
Sputnik Аԥсны ишәзеиҭанаҳәоит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы Аиааира агараҟны Аԥсны аҵеицәа иҟарҵаз алагала атәы.

"Дхымхәаны дхынҳәит": Михаил Хәытаба изкны

© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтәМихаил Қамас-иԥа Хәытаба
Михаил Қамас-иԥа Хәытаба - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.05.2025
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду ианалага, имаҷӡам зықәра аҵанамккәа афронт ахь ишьҭыз арԥарцәа. Урҭ рыгәҭа дыҟоуп иахьа зыӡбахә шәзеиҭасҳәо Блабырхәа ииз иааӡаз Михаил Қамас-иԥа Хәытаба. Иара иҭоурых анҵоуп иԥа Игор иажәақәа рыла.
Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду аветеран Михаил Қамас-иԥа Хәытаба дыруаӡәкын, аибашьра атема иацәхьаҵуаз, алацәажәара зҭахымыз ахацәа. Аха иҟоуп иузымҵәахуа афакт. Михаил Қамас-иԥа дхымхәаны, изшьапык имамкәа иҩныҟа дхынҳәит. Иара ахәра иоуит лаҵара 1 1945 шықәсазы, Аиааира амш аҿаԥхьа.

"Саб аибашьра дыргеит 18 шықәса ихыҵаанӡа. Дахәҭакхеит 982-тәи хаз иҟаз аимадаратә баталион. Деибашьуан Белоруссиатәи афронт аҟны. Сара иахьагьы иџьасшьоит, арахә ааӡареи, адгьыл ақәаарыхреи рыда акагь зымбацыз ақыҭаҷкәын илзыршаз инапы ианырҵаз аҭакԥхықәра анагӡара", - иҳәоит аԥа Игор.

1946 шықәсазы, аамз агоспиталь аҟны игәабзиара шьақәыргыланы иҭаацәа рахь дааит Михаил. Схымхәоуп ҳәа игәы камыжькәа, ақыҭа бзазара инапы аликит. Изшьапык шимамзгьы, иааирыхуаз аџьықәреи соуп зҳәоз хаҵак изҭагаломызт.
Михаил аамҭак ашьҭахь аҭаацәара далалеит. Динасыԥхоит Тера Лакәабԥҳа. Аҭаацәараҿы аизҳара ҟалоит. Ирхылҵоит быжьҩык ахшаара.
Сажәабжьҳәаҩ Игор, есқьынагьы иаб диазҵаауан аибашьра цонаҵы дзықәшәоз хҭысқәак изеиҭеиҳәарц. Аха иара мап икуан.
Алықьса Цыгәба - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.04.2025
Аиааира Ду – 80
"Павлов иҩны ҭаирцәуан": аибашьра аветеран Алықьса Цыгәба изкны
"1981 шықәсазы, саб дыԥшааны, Украинантәи ицеибашьуаз иҩызак даауеит. Аамҭа акыр ҵхьеит аҟнытә ихьӡ сгәалашәом, аха сгәы иҭыҵуам "уаб ила сыԥсы ҭоуп" ҳәа ииҳәаз ажәақәа. Ҳасас аибашьра анцоз 25 шықәса ихыҵуан, саб иаасҭа кыр деиҳабын, аха абас дгәымшәаны дахьихцәажәоз сгәы азҳаит. Саб идҵа хадақәа иреиуан аимадара ахылаԥшра аҭара. Аӷацәа рхымцақәа лассы-лассы аимадаратә цәаҳәақәа ааха рырҭон. Урҭ реиҭашьақәыргылара иус мариамызт. Иԥсҭазаара ашәарҭара иҭаргыло адҵа наигӡон", - еиҭеиҳәоит аԥа.
1987 шықәсазы Игор Белоруссиа днанагеит. Даҭааит Хатын ҳәа изышьҭоу Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан шьаҭанкыла иблыз ақыҭа. Ибеит абаҟа, иҭиҵааит араҟа иҟалаз ашьаарҵәыратә ҭоурых. Аҩны дааны ила иабаз атәы иаб ианеизеиҭеиҳәа, иидырыз ажәабжь афакт ҿыцқәа рыла ихаирҭәаауа далагеит Михаил. Убасҟан Игор еиликааит, иаб ари ахырхарҭаҟынгьы дшеибашьуаз.
Михаил иеибашьратә лшамҭақәа рзы ианашьоуп "Аџьынџьтәылатә еибашьра" аорден I-тәи аҩаӡара, "Агәымшәаразы" амедал уҳәа аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа жәпакы.
Аџьынџьтәылатәи аибшьра Ду ианалага, азеиԥш ԥсадгьыл ахьчара игылеит Михаил иашьцәагьы, Маҭбеи Мкани.
Анцәа имчала, аишьцәа рыԥсы ҭаны рхәышҭаарахьы ихынҳәит.
Ҟәыруа Қәынҵал - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.04.2025
Аиааира Ду – 80
"Дышҭахаз маӡан": Кәынҵал Ҟәыруа изкны
Ажәабжьқәа зегьы
0