https://sputnik-abkhazia.info/20250421/pavlov-iny-airtsuan-aibashra-aveteran-alysa-tsygba-izkny-1054375355.html
"Павлов иҩны ҭаирцәуан": аибашьра аветеран Алықьса Цыгәба изкны
"Павлов иҩны ҭаирцәуан": аибашьра аветеран Алықьса Цыгәба изкны
Sputnik Аҧсны
Сталинградтәи амцашыра иалагылаз, аӷа имацәаз иҭакыз "Павлов иҩны" 58 мшы аҭыӡқәа нзмыжьыз, анемец фашизм иаҿагылаз, 19 шықәса зхыҵуаз Аацытәи арԥыс Алықьса... 21.04.2025, Sputnik Аҧсны
2025-04-21T16:30+0300
2025-04-21T16:30+0300
2025-04-21T16:30+0300
аиааира ду – 80
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
аиааира ду аҭоурыхқәа
аиааира ду ҳзаазгаз
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/04/04/1054355607_0:79:800:529_1920x0_80_0_0_b9f753b9b577a4e1271288d71bc9ca8e.jpg
Сталинградтәи амцашыра иалагылаз, аӷа имацәаз иҭакыз "Павлов иҩны" 58 мшы аҭыӡқәа нзмыжьыз, анемец фашизм иаҿагылаз, 19 шықәса зхыҵуаз Аацытәи арԥыс Алықьса Шьаабан-иԥа Цыгәба изкуп анаҩстәи анҵамҭа. Иара Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду аҟны хабарда дыбжьаӡит, аха ихьӡ иахьа уажәраанӡа еиқәырханы ирымоуп иуаажәлар. Аҭоурых анҵоуп Алықәса иашьа иԥа Игор Цыгәба иажәақәа рыла. Алықьса, анхаҩ нага ҳәа ззырҳәоз Шьаабан Цыгәба иҭаацәараҟны диит. Ицызҳауан ҩыџьа аишьцәеи хҩык аиҳәшьцәеи. Ран д-Аҩӡԥҳан, Алсеҭ лыхьӡын. Шьаабан иуаажәлар имаҷымкәа иааԥсарақәа рыдын. Иара афаетон иман. Ҭацаагароума, мамзар џьара ицатәума, имазара деигӡомызт. Алықьса Афон ҿыцтәи хә-классктәи ашкол далгахьан. Аҵара имоуп ҳәа Аацытәи адәқьан аҟны акриуан. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа ианалага, 1941 шықәсазы Алықьса иашьеиҳабы Тычка афронт ахь иԥхьоит. Аха уи еиҳа ақыҭанхамҩа дамаҭәоуп, аҭаацәа дрыцхраауеит ҳәа, Алықьса иқәра иацҵаны иашьа иҭыԥан еибашьра дцоит. Усҟан 18 шықәса заҵәык ракәын ихыҵуаз. "Саб иашьа раԥхьа Ворошиловград днанагеит. Уаҟа ахәрақәагьы иоуит. Уи атәы злаадыруа аҩныҟа иааишьҭыз асалам шәҟәы алоуп. Уаҟа ианиҵеит иарӷьа напи ишьапи шхәыз. 1942 шықәсазы, ашьаарҵәыра иалагылаз Сталинградҟа дыршьҭуеит. "Павлов иҩны" ҳәа изышьҭаз аҟны, ахҵәацәа ралгаразы аоперациа далахәын", - еиҭеиҳәоит Игор Цыгәба. "Павлов иҩны" ҳәа ахьӡ ҷыда зырҭаз, ари Сталинградтәи апартиатә елита ахьынхоз ԥшь-еихагылак змаз хыбран. Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду аан, анемеццәа рнытә аҩны аҵаҟа рыԥсы рӡон абыргцәеи, аҳәсеи, аҳәыҷқәеи. Дара реиқәырхара акәын изызкыз, асержант Иаков Павлов игарнизон асолдаҭцәа рҿаԥхьа иқәгылаз адҵа. Уи далахәын ҳара ҳџьынџьуаҩгьы Алықьса Цыгәба. Алықьса, "Павлов иҩны" анаанижь ҭырҭҟәеит ҳәа аинформациа рымоуп иҭаацәа. Ихы данақәиҭыртә ашьҭахь деибашьуан Белоруссиатәи афронт аҟны. Устәи днаӡеит Венгрианӡа. Аибашьра аҽеиҩшамҭаз "дҭахеит" ҳәа иан ашәҟәеиқәаҵәа лзааит. Алықьса иаамышьҭахь, хара имгакәа Тычкагьы афронт ахь дыргоит. Иара сопиорс дыҟан, аибашьра зегьы ихганы даауеит. Ианашьан "Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аорден" II-тәи аҩаӡара. Москва, "Сад памяти" аҟны ихьӡала аҵла еиҭаҳауп. 1967 шықәсазы, Алықьса Шьаабан-иԥа Цыгәба ихьӡ ахырҵоит Аацытәи абжьаратә школ. Иара убас ихьӡ ахуп ақыҭамҩақәа руакы. Алықьса Шьаабан-иԥа Цыгәба иқәра иаҵанамккәа ихшыҩ шәит. Ҟазшьала иҭынчыз арԥыс, аибашьра адәаҟны идунеихәаԥшышьа аҽаԥсахит, згәы еиҭамсоз хаҵахеит. 58 мшы "Павлов иҩны" иаахоз ахымцақәа ддыӡрыжәит.
https://sputnik-abkhazia.info/20250420/uaa-aishaom-antipa-agrba-iourykh-1054375227.html
https://sputnik-abkhazia.info/20210508/Afashist-ieilaykhkhaara-iadyrgakhaz-rakhati-Aiaaira-Aparad-aourykh-1030391546.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Саида Жьиԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/07/0f/1032843706_750:0:2797:2047_100x100_80_0_0_5296ee4582322343fafed0d2d84e5823.png
Саида Жьиԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/07/0f/1032843706_750:0:2797:2047_100x100_80_0_0_5296ee4582322343fafed0d2d84e5823.png
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/04/04/1054355607_0:4:800:604_1920x0_80_0_0_1672c8e25f5ecde992a0f50a30ee9618.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Саида Жьиԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/07/0f/1032843706_750:0:2797:2047_100x100_80_0_0_5296ee4582322343fafed0d2d84e5823.png
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи, аиааира ду аҭоурыхқәа, аиааира ду ҳзаазгаз
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи, аиааира ду аҭоурыхқәа, аиааира ду ҳзаазгаз
Сталинградтәи амцашыра иалагылаз, аӷа имацәаз иҭакыз "Павлов иҩны" 58 мшы аҭыӡқәа нзмыжьыз, анемец фашизм иаҿагылаз, 19 шықәса зхыҵуаз Аацытәи арԥыс Алықьса Шьаабан-иԥа Цыгәба изкуп анаҩстәи анҵамҭа. Иара Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду аҟны хабарда дыбжьаӡит, аха ихьӡ иахьа уажәраанӡа еиқәырханы ирымоуп иуаажәлар. Аҭоурых анҵоуп Алықәса иашьа иԥа Игор Цыгәба иажәақәа рыла.
Алықьса, анхаҩ нага ҳәа ззырҳәоз Шьаабан Цыгәба иҭаацәараҟны диит. Ицызҳауан ҩыџьа аишьцәеи хҩык аиҳәшьцәеи. Ран д-Аҩӡԥҳан, Алсеҭ лыхьӡын. Шьаабан иуаажәлар имаҷымкәа иааԥсарақәа рыдын. Иара афаетон иман. Ҭацаагароума, мамзар џьара ицатәума, имазара деигӡомызт.
Алықьса Афон ҿыцтәи хә-классктәи ашкол далгахьан. Аҵара имоуп ҳәа Аацытәи адәқьан аҟны акриуан. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа ианалага, 1941 шықәсазы Алықьса иашьеиҳабы Тычка афронт ахь иԥхьоит. Аха уи еиҳа ақыҭанхамҩа дамаҭәоуп, аҭаацәа дрыцхраауеит ҳәа, Алықьса иқәра иацҵаны иашьа иҭыԥан еибашьра дцоит. Усҟан 18 шықәса заҵәык ракәын ихыҵуаз.
"Саб иашьа раԥхьа Ворошиловград днанагеит. Уаҟа ахәрақәагьы иоуит. Уи атәы злаадыруа аҩныҟа иааишьҭыз асалам шәҟәы алоуп. Уаҟа ианиҵеит иарӷьа напи ишьапи шхәыз. 1942 шықәсазы, ашьаарҵәыра иалагылаз Сталинградҟа дыршьҭуеит. "Павлов иҩны" ҳәа изышьҭаз аҟны, ахҵәацәа ралгаразы аоперациа далахәын", - еиҭеиҳәоит Игор Цыгәба.
"Павлов иҩны" ҳәа ахьӡ ҷыда зырҭаз, ари Сталинградтәи апартиатә елита ахьынхоз ԥшь-еихагылак змаз хыбран. Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду аан, анемеццәа рнытә аҩны аҵаҟа рыԥсы рӡон абыргцәеи, аҳәсеи, аҳәыҷқәеи. Дара реиқәырхара акәын изызкыз, асержант Иаков Павлов игарнизон асолдаҭцәа рҿаԥхьа иқәгылаз адҵа. Уи далахәын ҳара ҳџьынџьуаҩгьы Алықьса Цыгәба.
"Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду анеилга, Павлов ари аоперациа иазкны ажәахә аныҟаиҵоз, иӡбахә иҳәеит Алықьсагьы. Убасҟан ауп ҳаргьы ианеилаҳкаа Сталинградтәи ажәылара дшалахәыз. Асовет аамҭазы, "Павлов иҩны" аӡбахә ззымдыруадаз. Уи аанкыларазы, аӷацәа изныкымкәа ақәыларақәа мҩаԥыргахьан. Адгьыл аҵаҟала, асолдаҭцәеи изылшоз ахҵәацәеи еицхырааны амҩахәасҭа алардеит, ахҵәацәа амацәаз иҭыҵырц. 58 мшы, аҵыхәтәантәи рымчқәа рыла ҳаибашьцәа ирхьчеит ари ахыбра", - аҭоурых дазааҭгылоит Игор Цыгәба.
Алықьса, "Павлов иҩны" анаанижь ҭырҭҟәеит ҳәа аинформациа рымоуп иҭаацәа. Ихы данақәиҭыртә ашьҭахь деибашьуан Белоруссиатәи афронт аҟны. Устәи днаӡеит Венгрианӡа. Аибашьра аҽеиҩшамҭаз "дҭахеит" ҳәа иан ашәҟәеиқәаҵәа лзааит.
Алықьса иаамышьҭахь, хара имгакәа Тычкагьы афронт ахь дыргоит. Иара сопиорс дыҟан, аибашьра зегьы ихганы даауеит. Ианашьан "Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аорден" II-тәи аҩаӡара. Москва, "Сад памяти" аҟны ихьӡала аҵла еиҭаҳауп.
1967 шықәсазы, Алықьса Шьаабан-иԥа Цыгәба ихьӡ ахырҵоит Аацытәи абжьаратә школ. Иара убас ихьӡ ахуп ақыҭамҩақәа руакы.
Алықьса Шьаабан-иԥа Цыгәба иқәра иаҵанамккәа ихшыҩ шәит. Ҟазшьала иҭынчыз арԥыс, аибашьра адәаҟны идунеихәаԥшышьа аҽаԥсахит, згәы еиҭамсоз хаҵахеит. 58 мшы "Павлов иҩны" иаахоз ахымцақәа ддыӡрыжәит.