https://sputnik-abkhazia.info/20250506/aibashra-akhyrkshamaz-khabarda-dybzhaeit-avsenti-khagysh-izkny-1054423805.html
"Аибашьра ахыркәшамҭаз хабарда дыбжьаӡеит": Авқсенти Хагәышь изкны
"Аибашьра ахыркәшамҭаз хабарда дыбжьаӡеит": Авқсенти Хагәышь изкны
Sputnik Аҧсны
Аџьынџьтәылатәи Аибашьра Ду ианалага, алеитенант еиҵбы ичын ихҵаны афронт ахь дышьҭын 19 шықәса зхыҵуаз Авқсенти Ҳаџьараҭ-иԥа Хагәышь. Арԥыс аибашьра зегь... 06.05.2025, Sputnik Аҧсны
2025-05-06T13:27+0300
2025-05-06T13:27+0300
2025-05-06T13:27+0300
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
аиааира ду аҭоурыхқәа
аиааира ду ҳзаазгаз
аиааира ду – 80
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/04/0a/1054423987_0:159:840:631_1920x0_80_0_0_d94dbdc96ae68f2d6efad0170a7cc0b4.jpg
Аџьынџьтәылатәи Аибашьра Ду ианалага, алеитенант еиҵбы ичын ихҵаны афронт ахь дышьҭын 19 шықәса зхыҵуаз Авқсенти Ҳаџьараҭ-иԥа Хагәышь. Арԥыс аибашьра зегь ихаганы, Аиааира ҩымз шагыз хабарда дыбжьаӡуеит Чехословакиа. Авқсенти иҭоурых анҵоуп иашьа иԥҳа Кама Хагәышьԥҳа лажәақәа рыла Бзыԥҭа аҳаблан еицырдыруаз анхаҩ нага Ҳаџьараҭ Хагәышьи иԥшәмаԥҳәыс Машьа Џьыкырԥҳаи ааҩык ахшара рыман. Ҩыџьа аԥацәеи, фҩык аԥҳацәеи. Ҳаџьараҭ афаетон ала ауаа мҩаԥигон, уи ала иҭаацәа ныҟәигон. Аха иара дахьымӡеит ихәыҷқәа рааӡара. 1937 шықәсазы, Сталини Бериеи рполитика хәашь дналаӡа дцоит. Машьа лыхшара рааӡареи, аколнхара ауси аҩнатә бзазареи еилалгӡон. Раб ида ршьапы ақәыргылара шылцәыуадаҩызгьы, аӡә имазара еилаҳауа иҟалымҵеит. Уимоу, рыжәла ҭыргартә, зегьы занааҭк-занааҭк рыҭаны ауаҩра рылалхеит. Ҳаџьараҭ иԥацәа иреиҳабыз Авқсенти, Тҟәаԥс (Туапсе) Арратә ҵараиурта дышҭаз аибашьра иалагоит. Алеитенант ичын иманы устәи афронт ахь дцоит. 1944 шықәсазы, Авқсенти, иаҳәшьа Туча лахь ашәҟәы ааишьҭуеит. Уаҟа иҩуеит Бзыԥҭатәи аҷкәын Сергеи Быџбеи, даҽа ҩыџьа иҩызцәа аурысцәеи дышрыцу. Сергеи бааԥсыла дышчмазаҩыз, аха аԥсра дшацәынхаз. Аҭагылазаашьа ихы иархәаны иуаажәлар рахь салам шынаишьҭуа. "Ари асалам шәҟәы аҟны, саб иашьа Авқсенти иҩит дышимоу аԥа. Ишихьӡоу Саша. Лассы исахьа ҭыхны ишааишьҭуа, амала макьана аӡәгьы иалымҳәарц. Уи нахыс, Авқсенти иҵыхәала уаҳа жәабжьк мааит. 1945 шықәсазы, Аиааира амш ҩымз шагыз, хәажәкырамзазы Чехословакиа хабарда дышбжьаӡыз атәы зҳәоз ашәҟәы ааит", - еиҭалҳәоит Кама Хагәышьԥҳа. Аибашьра ианалагоз аамҭазы, Авқсенти иашьа Лиутик дхәыҷӡан, бжьышықәса ракәын ихыҵуаз. Аб игәараҭа ҵәҩаншьапс иара иакәхеит иазынхаз. Ан Машьеи, аиҳәшьцәеи еицхырааны Лиутик драаӡеит. Ашкол даналга, дҭарҵоит Аҟәа (уаанӡа Қарҭтәи ақыҭанхамҩатә институт, иахьа ААУ ҳәа иҟоу) иреиҳау аҵараиурҭа, иоуоит агроном изанааҭ. "Авқсенти иаҳәшьцәеи иашьеи, "аԥа дсымоуп, Саша ихьӡоуп" ҳәа асалам шәҟәы ианыз ацәаҳәақәа есқьынагьы ргәы иҭан. Асовет Еидгыла аамҭақәа инаддыркны иахьа уажәраанӡа, еиҳаби еиҵби иӡбахә аилкаара ҳашьҭан, аха ҳаԥшаарақәа зегьы лҵшәадоуп. Уи инеихылҵыз зегьы иаҳхьаауп", - лажәа иацылҵоит Кама. Лиутик данҭаацәараха, хҩык аԥҳацәеи аԥеи ихылҵит. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьраан, 1993 шықәсазы, Аиааира амш мышқәак шагыз дҭахоит аҭаацәара иаламлацыз, Авқсенти иԥа ихьӡ захьӡыз, Лиутик иԥазаҵә Александр. Уи нахыс абиԥара иацызҵо аҵеи дынхом. Ари ахьаа иахьагьы иаҵгәоит ҳәа иаҿуп аиашьҳәшьцәа, аха зегь акоуп рыхәра ӷьом. Аибашьраҿы дҭахоит Александр ишьа зурц иашьҭаз, иаҳәшьаду Тосиа лԥа Даур Ахәледиангьы. Ари ажәабжь сзеиҭазҳәаз Кама лакәзаргьы, аибашьра анцоз, Бзыԥҭатәи амбулаториаҟны ахәра зауны инаргоз асолдаҭцәа раԥхьатәи ацхыраара рылҭон. Гагра араион ахы ианақәиҭха диасуеит Гагратәи агоспиталь ахь аусура. Авқсенти Ҳаџьараҭ-иԥа Хагәышь иеибашьратә мҩа ҿахҵәеит Чехословакиа. Иара командаҟаҵаҩс даман, уи ахырхарҭаҟны фырхаҵарала зхы аазырԥшыз 310-тәи агвардиатә хысратә полк, ахысратә взвод. Ианашьан "Аиаҵәа ҟаԥшь" аорден.
https://sputnik-abkhazia.info/20221029/abi-aatsei-nikala-khagysh-ikhsharei-iarei-rourykh-1042171496.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Саида Жьиԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/07/0f/1032843706_750:0:2797:2047_100x100_80_0_0_5296ee4582322343fafed0d2d84e5823.png
Саида Жьиԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/07/0f/1032843706_750:0:2797:2047_100x100_80_0_0_5296ee4582322343fafed0d2d84e5823.png
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/04/0a/1054423987_0:81:840:710_1920x0_80_0_0_26d60ce51f1aca7376e9154aee992508.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Саида Жьиԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/07/0f/1032843706_750:0:2797:2047_100x100_80_0_0_5296ee4582322343fafed0d2d84e5823.png
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи, аиааира ду аҭоурыхқәа, аиааира ду ҳзаазгаз
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи, аиааира ду аҭоурыхқәа, аиааира ду ҳзаазгаз
Аџьынџьтәылатәи Аибашьра Ду ианалага, алеитенант еиҵбы ичын ихҵаны афронт ахь дышьҭын 19 шықәса зхыҵуаз Авқсенти Ҳаџьараҭ-иԥа Хагәышь. Арԥыс аибашьра зегь ихаганы, Аиааира ҩымз шагыз хабарда дыбжьаӡуеит Чехословакиа. Авқсенти иҭоурых анҵоуп иашьа иԥҳа Кама Хагәышьԥҳа лажәақәа рыла
Бзыԥҭа аҳаблан еицырдыруаз анхаҩ нага Ҳаџьараҭ Хагәышьи иԥшәмаԥҳәыс Машьа Џьыкырԥҳаи ааҩык ахшара рыман. Ҩыџьа аԥацәеи, фҩык аԥҳацәеи. Ҳаџьараҭ афаетон ала ауаа мҩаԥигон, уи ала иҭаацәа ныҟәигон. Аха иара дахьымӡеит ихәыҷқәа рааӡара. 1937 шықәсазы, Сталини Бериеи рполитика хәашь дналаӡа дцоит. Машьа лыхшара рааӡареи, аколнхара ауси аҩнатә бзазареи еилалгӡон. Раб ида ршьапы ақәыргылара шылцәыуадаҩызгьы, аӡә имазара еилаҳауа иҟалымҵеит. Уимоу, рыжәла ҭыргартә, зегьы занааҭк-занааҭк рыҭаны ауаҩра рылалхеит.
Ҳаџьараҭ иԥацәа иреиҳабыз Авқсенти, Тҟәаԥс (Туапсе) Арратә ҵараиурта дышҭаз аибашьра иалагоит. Алеитенант ичын иманы устәи афронт ахь дцоит.
1944 шықәсазы, Авқсенти, иаҳәшьа Туча лахь ашәҟәы ааишьҭуеит. Уаҟа иҩуеит Бзыԥҭатәи аҷкәын Сергеи Быџбеи, даҽа ҩыџьа иҩызцәа аурысцәеи дышрыцу. Сергеи бааԥсыла дышчмазаҩыз, аха аԥсра дшацәынхаз. Аҭагылазаашьа ихы иархәаны иуаажәлар рахь салам шынаишьҭуа.
"Ари асалам шәҟәы аҟны, саб иашьа Авқсенти иҩит дышимоу аԥа. Ишихьӡоу Саша. Лассы исахьа ҭыхны ишааишьҭуа, амала макьана аӡәгьы иалымҳәарц. Уи нахыс, Авқсенти иҵыхәала уаҳа жәабжьк мааит. 1945 шықәсазы, Аиааира амш ҩымз шагыз, хәажәкырамзазы Чехословакиа хабарда дышбжьаӡыз атәы зҳәоз ашәҟәы ааит", - еиҭалҳәоит Кама Хагәышьԥҳа.
Аибашьра ианалагоз аамҭазы, Авқсенти иашьа Лиутик дхәыҷӡан, бжьышықәса ракәын ихыҵуаз. Аб игәараҭа ҵәҩаншьапс иара иакәхеит иазынхаз. Ан Машьеи, аиҳәшьцәеи еицхырааны Лиутик драаӡеит. Ашкол даналга, дҭарҵоит Аҟәа (уаанӡа Қарҭтәи ақыҭанхамҩатә институт, иахьа ААУ ҳәа иҟоу) иреиҳау аҵараиурҭа, иоуоит агроном изанааҭ.
"Авқсенти иаҳәшьцәеи иашьеи, "аԥа дсымоуп, Саша ихьӡоуп" ҳәа асалам шәҟәы ианыз ацәаҳәақәа есқьынагьы ргәы иҭан. Асовет Еидгыла аамҭақәа инаддыркны иахьа уажәраанӡа, еиҳаби еиҵби иӡбахә аилкаара ҳашьҭан, аха ҳаԥшаарақәа зегьы лҵшәадоуп. Уи инеихылҵыз зегьы иаҳхьаауп", - лажәа иацылҵоит Кама.
Лиутик данҭаацәараха, хҩык аԥҳацәеи аԥеи ихылҵит. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьраан, 1993 шықәсазы, Аиааира амш мышқәак шагыз дҭахоит аҭаацәара иаламлацыз, Авқсенти иԥа ихьӡ захьӡыз, Лиутик иԥазаҵә Александр. Уи нахыс абиԥара иацызҵо аҵеи дынхом. Ари ахьаа иахьагьы иаҵгәоит ҳәа иаҿуп аиашьҳәшьцәа, аха зегь акоуп рыхәра ӷьом. Аибашьраҿы дҭахоит Александр ишьа зурц иашьҭаз, иаҳәшьаду Тосиа лԥа Даур Ахәледиангьы.
Ари ажәабжь сзеиҭазҳәаз Кама лакәзаргьы, аибашьра анцоз, Бзыԥҭатәи амбулаториаҟны ахәра зауны инаргоз асолдаҭцәа раԥхьатәи ацхыраара рылҭон. Гагра араион ахы ианақәиҭха диасуеит Гагратәи агоспиталь ахь аусура.
Авқсенти Ҳаџьараҭ-иԥа Хагәышь иеибашьратә мҩа ҿахҵәеит Чехословакиа. Иара командаҟаҵаҩс даман, уи ахырхарҭаҟны фырхаҵарала зхы аазырԥшыз 310-тәи агвардиатә хысратә полк, ахысратә взвод. Ианашьан "Аиаҵәа ҟаԥшь" аорден.