00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
30 мин
08:30
31 мин
13:00
30 мин
13:30
31 мин
18:00
30 мин
18:30
31 мин
21:00
30 мин
21:30
31 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
13:00
30 мин
13:30
31 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Аиааира Ду – 80
Sputnik Аԥсны ишәзеиҭанаҳәоит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы Аиааира агараҟны Аԥсны аҵеицәа иҟарҵаз алагала атәы.

"Урылаҽхәартә иҟан": аишьцәа Леиаа ирызкны

© Sputnik / Сергей Аверин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраархив
архив - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.05.2025
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду ианалага, афронт ахь ицеит хҩык аишьцәа Алықьсеи, Платони, Сандрои Беигәа-иԥацәа Леиаа. Дара еиҭымны изызҳаз, зхала еибааӡаз ракәын. Аҷкәынцәа рыхшыҩ бзиан, аҵарақәа рыман. Рыжәлар рылаҽхәо ианыҩагыла аамҭазы рлахьынҵа цәгьахеит. Аишьцәа рҭоурых анҵоуп Сандро иԥҳа Мевлиана Леиԥҳа лажәақәа рыла.
Иахьатәи санҵамҭа зызку Алықьсеи, Платони, Сандрои Леиаа ишыхәыҷқәаз рани раби рыԥхеит. Аишьцәа рхала ршьапы иқәгылеит. Драаӡеит раҳәшьазаҵә Евагьы.
© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтәАлександр Леиба
Александр Леиба - Sputnik Аҧсны
1/3
Александр Леиба
© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтәСандро Леиба
Сандро Леиба - Sputnik Аҧсны
2/3
Сандро Леиба
© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтәПлатон Леиба
Платон Леиба - Sputnik Аҧсны
3/3
Платон Леиба
1/3
Александр Леиба
2/3
Сандро Леиба
3/3
Платон Леиба
Мгәыӡырхәатәи ашкол иалгаз Алықьса, арҵаҩы изанааҭ ала аҵара иҵеит. Акоммунисттә партиа далан. Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду аламҭалазы Мгәыӡырхәатәи абжьаратә школ директорс дахагылан. Раԥхьа иара Баҭымҟа ддәықәырҵеит. Устәи 1942 шықәсазы Германиаҟа днанагеит баандаҩык иаҳасабала. Икоммунисттә партиатә билеҭ анидырбала, гәыԥҩык иҩызцәеи иареи шьны жрак аҟны еицыржит. Иахьа Киольн ақалақьтә музеи аҟны еиқәханы иҟоуп Алықьса иҭаацәа рахь иҩуаз асалам шәҟәқәа.
Платон Леиба ашкол даналга, Украина Иреиҳау арратә-танктә ҵараиурҭа дҭалоит. Иԥсҭазаарагьы уа ишьақәиргылоит. Анаҩс иаҳәшьеиҵбы Евагьы иара иахь дигоит. Сандро Аҟәатәи арҵаҩратә техникум дышҭаз аррақәра данаҵанак, азеиԥш ԥсадгьыл аҿаԥхьа иуалԥшьақәа рынагӡаразы Украинаҟа ддәықәырҵоит.
Григори Манча-иԥа Арӡынба - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.05.2025
Аиааира Ду – 80
"16 шықәса ихыҵуан": Григори Арӡынба изкны
"Рашәара 22 1941 шықәсазы Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду ианалага аҽны Платон арратә горнизон аҟны дыҟан. Ажәҩан аҳаирпланқәа аналала, аӷацәа адгьыл аҟны ирбоз зегьы ԥыххаа ианыргоз, Платон илшеит Дбар ҷкәынаки Гәынбаки рыԥсы аиқәырхара. Аҭагылазаашьа ԥшааны, машьынала Аԥсныҟа идәықәиҵеит иҭаацәа. Иаҳәшьа Вера, усҟан абыжьбатәи акласс аҟны аҵара лҵон. Аибашьра раԥхьатәи амшқәа рзы Платон хабарда дыбжьаӡуеит. Саб, Сандро иакәзар, ивзвод иалаз хҩык рыда зегьы ҭахоит. Анаҩс иара далалоит Калинин ихьӡ зхыз апартизантә отриад. Махәҿылатәи аибашьраан, иҩызцәеи иареи 40-ҩык аӷацәа ҭадырхоит, 30-ҩык рхәоит", - аҭоурых дазааҭгылоит Сандро Леиба иԥҳа Мевлиана.
Сандро аибашьра зегьы ихеигоит. Ажьырныҳәа 30 1945 шықәсазы ахәра иоуит. Ригатәи агоспиталь аҟны дышьҭарҵоит. Устәи, ҩаԥхьа ирратә уалԥшьақәа рынагӡара иациҵоит.
"Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду ианалагоз, саб аррамаҵура дахысуан, афронт аҿы дшыҟазгьы, зегь акоуп ирратә уалԥшьа аҵыхәтәанӡа инаигӡароуп ҳәа архәҭаҟны дынрыжьуеит. Аԥсныҟа дхынҳәуеит 1946 шықәсазы", - лажәа иацылҵоит Мевлиана.

1948 шықәсазы Сандро дҭаацәарахеит. Иара иаб игәараҭа ҵәҩаншьапс дахагылеит. Иԥшәмаԥҳәыс Галина Аргәынԥҳаи иареи хҩык аԥацәеи аԥҳаи рхылҵит. Рыҷкәынцәа Витали, Сасрыҟәа, Салаҭбеи алахәын ҳара хџьынџьтәылатәи аибашьра.

Алықьсеи, Платони, Сандрои раҳәшьазаҵә Вера Аԥсны еицырдыруаз ҳақьымхеит. Лара Қарҭтәи амедицинатә институт далганы, Гәдоуҭатәи аимҳәацәгьа чымазаратә хәшәтәырҭаҟны фтизиатрс аус луан.
Аишьцәа Алықьсеи Платони реибашьратә мҩа кьаҿхеит, аха аҭоурыхтә хҭысқәа рыла иҭәын. Еибганы амцашыра иалҵыз Сандро, аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа жәпакы дрыԥсахеит.
Кәычка Агрба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.05.2025
Аиааира Ду – 80
"25 шықәса аҭакра иқәырҵеит": Кәычка Агрба иҭоурых
Ажәабжьқәа зегьы
0