https://sputnik-abkhazia.info/20250529/1055114311.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
29.05.2025, Sputnik Аҧсны
2025-05-29T18:01+0300
2025-05-29T18:01+0300
2025-05-29T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/05/1d/1055114179_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_977bb0ddb3e51be77271309846db2223.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны аҵара асистема аҿиара иалацәажәеит аԥыза-министр Владимир Делбеи аҵара аминистр Хана Гәынԥҳаи.Дара иара убасгьы ареспубликаҿы аҵарашықәс ахыркәшареи алагарҭатә классқәа реиқәыршәареи ртәы иалацәажәеит. Гәынԥҳа аԥыза-министр илырдырит ашколқәак рҿы ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара ззин ыҟоу анормақәа ишреиҳау, апроблема еиҳарак Аҟәа ақалақь аҿы иҵарны ишыҟоу.Делба аҵара аминистрра анапхгаҩы анапынҵа лиҭеит ашколқәраҟынӡатәи, азеиԥштәи, абжьара-занааҭтәи ҵара асистема аиӷьтәразы ажәалагалақәа азлырхиарц ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.
Нижни Новгород амшқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны Аҟәа иаатит Жәларбжьаратәи аинклузивтә форум "Аԥсны аритм".Аиԥылара иалахәыз дрыдныҳәалеит Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Вараздат Миносиан."Аиашьаратә-қалақьқәа рфорум – ари еиуеиԥшым арегионқәа рхаҭарнакцәа реизгара мацара акәӡам иаанаго. Ари зыԥсы ҭоу платформауп, ара аҵара зҵо рыхшыҩҵакқәа, ркультурақәа, ргәаанагарақәа уҳәа рҽахьеидыркылоу ҭыԥуп. Ара ииуеит акультуратә, асоциалтә, аекономикатә ԥшьгамҭақәа ", — иҳәеит иара.Афорум рхы аладырхәит Аԥсни, Урыстәылеи, ИАР атәылақәеи рҟынтәи 150-ҩык инареиҳаны ауааԥсыра. Иара 60 инареиҳаны аусмҩаԥгатәқәа зҵанакуа Нижни Новгороди Аҟәеи русеицура иамҩақәҵаганы иҟалеит.
Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы игылоу аҭоурыхтә хыбраҿы иуашәшәыроу абарҵамаҷ еиҭашьақәыргылахоит.Аргылаҩцәа аусура иалагахьеит. Абарҵа ахьыуашәшәыраз иахҟьаны имҩасуаз ашәарҭара иҭанаргылон, хыхьынтәи иара ахәҭақәак амҵны икаҳар алшон", — ҳәа иҳәеит "Ақалақьргыларапроект" аиҳабы Асҭамыр Ԥиԥиа.Уи адагьы, аҿыԥшыларатә хәҭаҟны ақьырмыт арыцқьара азгәаҭоуп ҳәа аанацҳауеит Аҟәа ақалақь ахадара апресс-маҵзура. Акаҳуажәырҭа "Пингвин" аҿаԥхьа игылоу ақьырмытлых-ҩны 1906 шықәсазы идыргылеит аишьцәа Спиридони Григории Ксандопулаа. 1913 шықәсазы иахадыргылеит ахԥатәи аихагылагьы.
Аԥсуа драматә театр афоие аҿы иаатит ацәыргақәҵа "Ауаҩы иира".Ари ахҭыс Аҟәа имҩаԥысуа Нижни Новгород амшқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаау усмҩаԥгатәуп. Нижни Новгород иҟоу Максим Горки илитературатә музеи афотоҭыхымҭақәа, автор иҩымҭақәа ртекстқәа, ирҿиамҭақәа ирызку адыррақәа еидызкыло аекспозициа Аԥсныҟа иаанагеит, ахәыҷтәы театр "Вера" акәзар, аспектакль "Ауаҩы иира" аҟынтәи ацыԥҵәаха ықәнаргылеит.
Герман Арџьениа абокс азы Краснодартәи атәылаҿацә ачемпионат аҿы аиааира игеит.Иара 63,3 кьыла зыхьанҭара ыҟоу ркатегориаҿ дықәгылон, Сергеи Егоров дииааит ҳәа аанацҳауеит аспорт азы Аҳәынҭқарратә Еилакы.Герман Арџьениа абокс азы жәларбжьаратәи акласс аспорт азҟаза, БРИКС Ахәмаррақәа рҿы ахьтәы медал даԥсахахьеит.2024 шықәсазы Аԥсны иреиӷьу аспортсмен ҳәа дыԥхьаӡан.
Аԥсны аҵара асистема аҿиара иалацәажәеит аԥыза-министр Владимир Делбеи аҵара аминистр Хана Гәынԥҳаи.Дара иара убасгьы ареспубликаҿы аҵарашықәс ахыркәшареи алагарҭатә классқәа реиқәыршәареи ртәы иалацәажәеит. Гәынԥҳа аԥыза-министр илырдырит ашколқәак рҿы ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара ззин ыҟоу анормақәа ишреиҳау, апроблема еиҳарак Аҟәа ақалақь аҿы иҵарны ишыҟоу.Делба аҵара аминистрра анапхгаҩы анапынҵа лиҭеит ашколқәраҟынӡатәи, азеиԥштәи, абжьара-занааҭтәи ҵара асистема аиӷьтәразы ажәалагалақәа азлырхиарц ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура. Нижни Новгород амшқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны Аҟәа иаатит Жәларбжьаратәи аинклузивтә форум "Аԥсны аритм".Аиԥылара иалахәыз дрыдныҳәалеит Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Вараздат Миносиан."Аиашьаратә-қалақьқәа рфорум – ари еиуеиԥшым арегионқәа рхаҭарнакцәа реизгара мацара акәӡам иаанаго. Ари зыԥсы ҭоу платформауп, ара аҵара зҵо рыхшыҩҵакқәа, ркультурақәа, ргәаанагарақәа уҳәа рҽахьеидыркылоу ҭыԥуп. Ара ииуеит акультуратә, асоциалтә, аекономикатә ԥшьгамҭақәа ", — иҳәеит иара.Афорум рхы аладырхәит Аԥсни, Урыстәылеи, ИАР атәылақәеи рҟынтәи 150-ҩык инареиҳаны ауааԥсыра. Иара 60 инареиҳаны аусмҩаԥгатәқәа зҵанакуа Нижни Новгороди Аҟәеи русеицура иамҩақәҵаганы иҟалеит. Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы игылоу аҭоурыхтә хыбраҿы иуашәшәыроу абарҵамаҷ еиҭашьақәыргылахоит.Аргылаҩцәа аусура иалагахьеит. Абарҵа ахьыуашәшәыраз иахҟьаны имҩасуаз ашәарҭара иҭанаргылон, хыхьынтәи иара ахәҭақәак амҵны икаҳар алшон", — ҳәа иҳәеит "Ақалақьргыларапроект" аиҳабы Асҭамыр Ԥиԥиа.Уи адагьы, аҿыԥшыларатә хәҭаҟны ақьырмыт арыцқьара азгәаҭоуп ҳәа аанацҳауеит Аҟәа ақалақь ахадара апресс-маҵзура. Акаҳуажәырҭа "Пингвин" аҿаԥхьа игылоу ақьырмытлых-ҩны 1906 шықәсазы идыргылеит аишьцәа Спиридони Григории Ксандопулаа. 1913 шықәсазы иахадыргылеит ахԥатәи аихагылагьы. Аԥсуа драматә театр афоие аҿы иаатит ацәыргақәҵа "Ауаҩы иира".Ари ахҭыс Аҟәа имҩаԥысуа Нижни Новгород амшқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаау усмҩаԥгатәуп. Нижни Новгород иҟоу Максим Горки илитературатә музеи афотоҭыхымҭақәа, автор иҩымҭақәа ртекстқәа, ирҿиамҭақәа ирызку адыррақәа еидызкыло аекспозициа Аԥсныҟа иаанагеит, ахәыҷтәы театр "Вера" акәзар, аспектакль "Ауаҩы иира" аҟынтәи ацыԥҵәаха ықәнаргылеит. Герман Арџьениа абокс азы Краснодартәи атәылаҿацә ачемпионат аҿы аиааира игеит.Иара 63,3 кьыла зыхьанҭара ыҟоу ркатегориаҿ дықәгылон, Сергеи Егоров дииааит ҳәа аанацҳауеит аспорт азы Аҳәынҭқарратә Еилакы.Герман Арџьениа абокс азы жәларбжьаратәи акласс аспорт азҟаза, БРИКС Ахәмаррақәа рҿы ахьтәы медал даԥсахахьеит.2024 шықәсазы Аԥсны иреиӷьу аспортсмен ҳәа дыԥхьаӡан.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/05/1d/1055114179_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_9d5834c562aad77960078ad98fdee83d.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио