https://sputnik-abkhazia.info/20250611/laglaaa-eialeit-evrazia-kinofest--any-afrantsyz-aktiortsa-asnya-aakhara-shrylaz-1055259977.html
Лагәлааԥҳа еиҭалҳәеит "Евразиа-Кинофест" аҟны афранцыз актиорцәа Аԥсныҟа ааԥхьара шрылҭаз
Лагәлааԥҳа еиҭалҳәеит "Евразиа-Кинофест" аҟны афранцыз актиорцәа Аԥсныҟа ааԥхьара шрылҭаз
Sputnik Аҧсны
Лиук Бессон ифильм "Такси" аҿы ихәмаруа еицырдыруа афранцыз актиорцәа Сами Насерии Фредерик Дифентальи Аԥсныҟа ааԥхьара рылҭеит Аԥсуа телехәаԥшра... 11.06.2025, Sputnik Аҧсны
2025-06-11T16:39+0300
2025-06-11T16:39+0300
2025-06-11T16:39+0300
аԥсны
авидеонҵамҭақәа
аԥсны
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/06/0b/1055262409_0:55:3072:1783_1920x0_80_0_0_721c9a7280758710760e46b39cce757d.jpg
Лиук Бессон ифильм "Такси" аҿы ихәмаруа еицырдыруа афранцыз актиорцәа Сами Насерии Фредерик Дифентальи Аԥсныҟа ааԥхьара рылҭеит Аԥсуа телехәаԥшра акорреспондент Анна Лагәлааԥҳа, Шәача имҩаԥысуа афестиваль "Евразиа-Кинофест" аҿы аинтервиу анрымылхоз аамҭазы. Аԥсныҟа ааԥхьара исҭеит, уимоу ҳтәыла аҭоурыхгьы маҷк изеиҭасҳәеит, "ааԥхьара ҳаур ҳнеиуеит" ҳәа сеиҳәеит ҳәа азгәалҭеит Лагәлааԥҳа. Рашәара 6-13 рзы Шәача имҩаԥысуа афестиваль "Евразиа-Кинофест"аҿы иалаху 26 тәыла рҟынтәи акиноҭыхҩцәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Апсны ахаҭарнакцәагьы. "Сара аиааира сыманы схынҳәуеит" захьӡу афильм ахәаԥшцәа ирыдыргалеит Анна Хачатуриани Аида Габуниаԥҳаи. Арадио Sputnik амҩаԥгаҩ Лана Аԥшьлааԥҳаи Аԥсуа телехәаԥшра акорреспондент Анна Лагәлааԥҳаи реиҿцәажәара инарҭбааны шәахәаԥшыр ҟалоит Sputnik асаит аҟны.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/06/0b/1055262409_111:0:2842:2048_1920x0_80_0_0_29c3bf6c28cf9f839104ff86a6def5bf.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
авидеонҵамҭақәа, аԥсны, акультура, видео
авидеонҵамҭақәа, аԥсны, акультура, видео
Лагәлааԥҳа еиҭалҳәеит "Евразиа-Кинофест" аҟны афранцыз актиорцәа Аԥсныҟа ааԥхьара шрылҭаз
Лиук Бессон ифильм "Такси" аҿы ихәмаруа еицырдыруа афранцыз актиорцәа Сами Насерии Фредерик Дифентальи Аԥсныҟа ааԥхьара рылҭеит Аԥсуа телехәаԥшра акорреспондент Анна Лагәлааԥҳа, Шәача имҩаԥысуа афестиваль "Евразиа-Кинофест" аҿы аинтервиу анрымылхоз аамҭазы.
Аԥсныҟа ааԥхьара исҭеит, уимоу ҳтәыла аҭоурыхгьы маҷк изеиҭасҳәеит, "ааԥхьара ҳаур ҳнеиуеит" ҳәа сеиҳәеит ҳәа азгәалҭеит Лагәлааԥҳа.
Рашәара 6-13 рзы Шәача имҩаԥысуа афестиваль "Евразиа-Кинофест"аҿы иалаху 26 тәыла рҟынтәи акиноҭыхҩцәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Апсны ахаҭарнакцәагьы. "Сара аиааира сыманы схынҳәуеит" захьӡу афильм ахәаԥшцәа ирыдыргалеит Анна Хачатуриани Аида Габуниаԥҳаи.
Арадио Sputnik амҩаԥгаҩ Лана Аԥшьлааԥҳаи Аԥсуа телехәаԥшра акорреспондент Анна Лагәлааԥҳаи реиҿцәажәара инарҭбааны шәахәаԥшыр ҟалоит Sputnik асаит аҟны.