https://sputnik-abkhazia.info/20250624/1055526596.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
24.06.2025, Sputnik Аҧсны
2025-06-24T13:30+0300
2025-06-24T13:30+0300
2025-06-24T13:41+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/06/18/1055526464_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_ba09190e4a788d0b4299215955a3ef49.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут Урыстәыла атәылауаҩра змоу, Урыстәыла ахәыҷқәа рзы аԥаратә цхыраагӡеи ан лмали зауа Аԥсны атәылауаа дырԥылеит. Аиԥылараҿы дара иазгәарҭеит атәылауаа ԥыҭҩык Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҿы ишаанкылоу, дара рганахьала ашьаус шаарту. Кьиут иҳәеит, атәыла ахада Бадра Гәынба идҵала иаԥҵоу аусуратә гәыԥ Урыстәыла ацхыраара зауз, аҭакԥхықәра зду атәылауаа рзы азакәантә цхыраара шрынаҭо.
Аԥсны амчратә усбарҭақәа акоррупциа иаҿагыло аусбарҭабжьаратә гәыԥ 2024 шықәсеи 2025 шықәса актәи азбжеи рзы аусура алҵшәақәа ирызкны аилатәара мҩаԥыргеит. Аусуратә гәыԥ иаҵанакуеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра, Аҳәынҭқаррахьчаратә маҵзура, Аҳәынҭқарратә миграциатә маҵзура, Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы, Арратә, Атранспорттә, Аԥсабарахьчаратә прокуратурақәа, араионқәеи Аҟәа ақалақьи рпрокуратурақәа рхаҭарнакцәа.
Шәачатәи аплиажқәа амшцәгьақәа рышьҭахь аамҭала иаркуп. Сааҭк иалагӡаны Адлер араион аҿы 55 мм ақәа леит. "Адлертәи араион ауп аиҳарак ааха зауыз. Аӡиас Херота ишәарҭоу аҩаӡара аҟынӡа ишьҭыҵит. Аамҭалатәи аӡхыҵрақәа аҭыԥ рыман амҩақәа рҟны, Ленин имҩахьынтә Шәача агәахьы ицо амҩадугьы уахь иналаҵаны", — ҳәа азгәаҭоуп ақалақь ахадара аҳәамҭаҿы. Акурорт акоммуналтәии атранспорттәи аинфраструктура ишахәҭоу еиԥш аусура иалагахьеит. Ақалақь аплиажқәа ррыцқьара иаҿуп.
Урыстәыла Аиҳабыра Ленинградтәи аобласти Аԥсни рыбжьара ахәаахәҭра, аекономика, аҭҵаарадырра, атехникатә, асоциал-культуратә усхкқәа рҿы аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьаҵаразы ажәалагала иақәшаҳаҭхеит. Уи иашьашәалоу адҵа азинтә актқәа официалла ркьыԥхьра асаит аҿы иқәыргылоуп.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут Урыстәыла атәылауаҩра змоу, Урыстәыла ахәыҷқәа рзы аԥаратә цхыраагӡеи ан лмали зауа Аԥсны атәылауаа дырԥылеит. Аиԥылараҿы дара иазгәарҭеит атәылауаа ԥыҭҩык Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҿы ишаанкылоу, дара рганахьала ашьаус шаарту. Кьиут иҳәеит, атәыла ахада Бадра Гәынба идҵала иаԥҵоу аусуратә гәыԥ Урыстәыла ацхыраара зауз, аҭакԥхықәра зду атәылауаа рзы азакәантә цхыраара шрынаҭо. Аԥсны амчратә усбарҭақәа акоррупциа иаҿагыло аусбарҭабжьаратә гәыԥ 2024 шықәсеи 2025 шықәса актәи азбжеи рзы аусура алҵшәақәа ирызкны аилатәара мҩаԥыргеит. Аусуратә гәыԥ иаҵанакуеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра, Аҳәынҭқаррахьчаратә маҵзура, Аҳәынҭқарратә миграциатә маҵзура, Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы, Арратә, Атранспорттә, Аԥсабарахьчаратә прокуратурақәа, араионқәеи Аҟәа ақалақьи рпрокуратурақәа рхаҭарнакцәа. Шәачатәи аплиажқәа амшцәгьақәа рышьҭахь аамҭала иаркуп. Сааҭк иалагӡаны Адлер араион аҿы 55 мм ақәа леит. "Адлертәи араион ауп аиҳарак ааха зауыз. Аӡиас Херота ишәарҭоу аҩаӡара аҟынӡа ишьҭыҵит. Аамҭалатәи аӡхыҵрақәа аҭыԥ рыман амҩақәа рҟны, Ленин имҩахьынтә Шәача агәахьы ицо амҩадугьы уахь иналаҵаны", — ҳәа азгәаҭоуп ақалақь ахадара аҳәамҭаҿы. Акурорт акоммуналтәии атранспорттәи аинфраструктура ишахәҭоу еиԥш аусура иалагахьеит. Ақалақь аплиажқәа ррыцқьара иаҿуп.Урыстәыла Аиҳабыра Ленинградтәи аобласти Аԥсни рыбжьара ахәаахәҭра, аекономика, аҭҵаарадырра, атехникатә, асоциал-культуратә усхкқәа рҿы аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьаҵаразы ажәалагала иақәшаҳаҭхеит. Уи иашьашәалоу адҵа азинтә актқәа официалла ркьыԥхьра асаит аҿы иқәыргылоуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/06/18/1055526464_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_2ae8614318489b3226b1ffdf27bd22f8.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио