https://sputnik-abkhazia.info/20250629/aama-ashaa-alysa-gogua-imshynaa-abati-rtom-yit-1055517212.html
"Аамҭа ашьҭақәа": Алықьса Гогәуа имшынҵақәа аҩбатәи ртом ҭыҵит
"Аамҭа ашьҭақәа": Алықьса Гогәуа имшынҵақәа аҩбатәи ртом ҭыҵит
Sputnik Аҧсны
Ааигәа "Аԥҳәынҭшәҟәҭыжьырҭаҿы" иҭыҵит Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа имшынҵақәа еидызкыло ишәҟә ҿыц "Аамҭа ашьҭақәа" аҩбатәи атом. 29.06.2025, Sputnik Аҧсны
2025-06-29T16:20+0300
2025-06-29T16:20+0300
2025-06-29T16:20+0300
аԥсны
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/06/18/1055524120_0:223:811:679_1920x0_80_0_0_23d88a1b0207339278574ccc5337d097.jpg
Дарбан шәҟәыҩҩ дузаалакгьы иҩымҭақәа "ирҭамӡо" ахшыҩҵакқәа есымша имшынҵақәа рахь ииаигоит, уаҟа игәы каршәны, асахьаркыратә формақәа рацәак ихы иамырхәакәа, ижәлар ирызнеигоит, ирзынижьуеит иара дызлаԥшыз, ма иаҳаз, иԥылаз акрызҵазкуа ахҭысқәа зегьы. Ус еиԥш иҟоу аԥхьаҩ еиҳагьы "арсара" изымариоуп, избанзар, уаҟа ахҭысқәеи иибаз-иаҳаз аҭоурыхқәеи дара драцәажәоушәа ирзеиҭеиҳәоит.Иахьа абра сзыхцәажәо ашәҟәгьы иахьатәи ҳажәлар рҭоурых, аибашьраани аибашьра ашьҭахьи ирхыргаз, излаԥшыз иккаӡа асарқьеиԥш уаннарԥшылоит. "Аамҭа ашьҭақәа" ахьӡуп ашәҟәы, авторс дамоуп уажә ааигәаӡа зыԥсҭазаара иалҵыз, ҳаклассик, Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа. Абраҟа иазгәасҭар сҭахуп ашәҟәы иану амшынҵакәа рхы инаркны рҵыхәанӡа ажурнал "Алашара" адаҟьақәа ишырнылахьоу, инарҭбаан ҳаԥхьаҩцәа ишырбахьоу, аха иааизакны шәҟәыкны иҭымҵыцызт, иахьа уи аҩыза алшара ҳнапаҿы иҳауит "Аԥҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа" иабзоураны.Насгьы, ҳара ҳзы даара акраанагоит Алықьса Гогәуа иеиԥш иҟоу ашәҟәыҩҩ ду идунеиқәыԥшылашьа, уи ижәлар рыцәгьа-рыбзиа дахьалагылаз иибаз-иаҳаз, иара ишидикылаз, рхьаа иара ишицрасыз, ргәырӷьара дшалагәырӷьаз. Уи аԥсуа-ақырҭуа еибашьраан Аԥсны далҵны шьаҿакгьы ҟаимҵеит, уимоу, акырынтә ахырӷәӷәарҭақәа рахь днеихьан, ҳаҷкәынцәа-ҳаибашьцәа рыгәқәа ирӷәӷәон, урҭ рфырхаҵарақәа ртәы зҳәоз аочеркқәеи астатиақәеи рацәаны икьыԥхьуан Гәдоуҭа иҭыҵуаз агазеҭқәа "Бзыԥи" "Аԥсни" рҿы. Усҟан урҭ агазеҭқәа шааҭыҵлак аҭабиақәа рҿы инаргон, мамзаргьы Аԥсуа радио аҿы иаԥхьон.Абраҟа иазгәаҭатәуп даҽакгьы. "Аамҭа ашьҭақәа" ҩ-шәҟәыкны иҟоуп, актәи ашәҟәы ҭыҵижьҭеи ԥшьышықәса ҵуеит, уи аибашьра ахы инаркны аҵыхәанӡа ицоз ахҭысқәа ирылиааит, аҩбатәи ашәҟәы, иахьа ҳзыхцәажәо, аибашьра ашьҭахьтәи иуадаҩыз ашықәсқәа ирызкуп. Абраҟа аԥхьаҩ изы иааҳгоит ашәҟәы аҟынтәи ҭыԥқәак, усҟантәи аамҭазы ҳажәлар зҭагылаз бзиаӡаны еиликаарц азы:2004 шықәсаАпрель 1–8Аԥсрақәа рацәахеит. Иахьагьы ҳаҷкәынцәа аҭахара иаҿуп. Гал хҩык ршьит, даҽа хҩык рхәит. Ирхәыз даргьы ԥыҭҩык ларышьҭит, рабџьар рымырхит. Икылатәан ахысраҿы урҭ хацәоуп. Дара рыԥсымҭәра, рчарҳәарақәа ирыцымлазар, ирыгымхеит: иааилышьны аӷәтәы қьалақәа дыргылоит, адгьылқәа ркуеит. Ҳара ҳаҩнуҵҟагьы агәынамӡарақәа рацәахеит. Иҟаҳҵарызеи, зегьы ирласны иҟамлар, изоур зҭаху рацәаҩуп, еиҳарак акрураҿгьы, змаҵураҿгьы рацәак зхы аџьа азмырбо. Ҳекономика ашьҭыхра уадаҩхеит, аиҿкаарақәагьы агзар акәхап. "Астол" аҿы амҳаҵә ду змоуз, ма измоуӡаз ирыцлеит. Насгьы, амҳаҵә дуқәа зауз рҟынтә уалаҭахыла мацара еибарку рацәаҩхеит. Уи даара ишьаҳагоуп.Зны Америка ҳанеицыҟаз еицырдыруаз апоет Андреи Вознесенски исеиҳәеит аԥсҭазаараҿы мчы змоу аԥара ауп ҳәа. Убасҵәҟьа акгьы ацымҵакәа иахьиҳәаз џьасшьеит, абасҟак ахьӡ-аԥша змаз, аԥарагьы иазрыцҳамыз адоуҳа маҵуҩы ду. Аԥара, аекономика рымч здыруеит, аха абаҩхатәреи асахьаркыратә ҟазареи, абзиабареи анасыԥи – урҭ зегьы адоуҳа иаҵанакуеит – анрыцым, анҵыра рымаӡам, аԥарагьы бӷьыжәуп, аекономикагьы мгәарҭәыгоуп. Иахьагьы убас сгәы иаанагоит сара. Аха ҳара иахьатәи ҳаԥсҭазаарагьы урҭ аҩбагьы ирыгуп, ишьҭыхтәуп. Урҭ зегьы иаҳуалуп, аӡәы даанмыжькәа.Апрель 8–15Ашәарҭақәа рацәоуп. Ельцинраа, Козыревраа рымчра ақәгәыӷра цәгьоуп. Аахыҵ Кавказ иҟоу урыстәылаа рырратә складқәа зегьы бџьарла иҭәуп. Ԥасагьы убрантәи ироуз абџьар алоуп ишҳабашьуаз. Ҳара ҳакәзар, амацәаз ҳҭакуп, ҳҳәаақәа абџьар акәым, агәырҵаӷа рыхганы иузгом. Аха шьҭахьҟагьы царҭа ҳамаӡам."Аидгылара" Аҟәатәи аҟәша аилатәараҿы сыҟан. "Аидгылара" зегьы апрограмма ԥсахтәуп, зегь раԥхьа иргылан, дегьызмаха иқәхаз ҳҿар рыхәҭа еидкылатәуп, ирхылаԥштәуп. Насгьы, тенденциак ҟалеит, ихтыҵәҟьан ирымҳәазаргьы, аԥсуаа рзы иашшуеит Аԥсны иқәынхо егьырҭ амилаҭқәа рхаҭарнакцәақәак. Ақырҭқәа ара ирхагылан ианыҟаз, иаарҭахыз ишырҭахыз ианыҟарҵоз рҿы еихырхӡомызт, амч ахьыҟаз иадгылон. Ус аӡәы ианиамхаҳәалак, ҳара ҳтәқәа рхы ахашшаара иалагоит. Ҳара, шамахаӡак акәымзар, ианакәызаалак даҽа милаҭк иаиуаз уаҩҵас ҳарзыҟан. Џьаргьы рымҩа ҳамкыцызт. Уажәы акәзар, иаахтны иаҳҳәароуп ари атәыла, ҳара ахааназтәи ҳаԥсадгьыл аҿы, зхатәы ҳәынҭқарра аҟаҵара аҭакԥхықәра зду ҳара шҳакәу. Убри иаҵанакуа зегьы азы аҭакԥхықәра раԥхьа измоугьы, издугьы (государствообразующий народ.) Убри аиԥш аҳәынҭқаррагьы ҟаҳҵароуп, аԥсуаа роуп ара иқәынхогьы рзинқәа хьчаны, аиҩызара, аиашьара ахьрыбжьоу ҳәынҭқарраны. Ҳаргьы, иахьаҭахугьы, иахьаҭахымгьы ҳгәы аҭасра ҳаҟәыҵны, иҟоу шыҟоу аахтны иаҳҳәалароуп, ҳагьықәныҟәалароуп.1994 шықәса Октиабр 1–9Сириантәи ашәҟәыҩҩцәа аауеит ҳәа ҳзаарыцҳаит. Амҽышаз. Ҳмашьына ыҟам, аҽакы. Сириатәи аԥсуа, ҳҵарауаҩ Фадиль ара дыҟазаап. Уи излеиҳәаз ала, раԥхьа Нальчикҟа идәықәҵатәуп, нас, 6–7 рзы ирхынҳәны арахь иаагатәуп. Уахь, Адлерҟа, урҭ дырԥыларц дҳашьҭит Даур Аламиа, ҳпоет, ауаажәларратә усзуҩы Гена Аламиа иҷкәын аиҳабы. Уи дыҷкәынӡоуп, аха дҟәышуп, урҭқәа рҿы иҟаиҵо идыруеит, дагьаашьом. Иара Фадиль дычмазаҩхеит. Ишьапы аԥшьра ахьит. Зегьы ҳцәеилалеит. Сириатәи ашәҟәыҩҩцәа Нальчикҟа имцакәа ишиашаз арахь иааит. Ҳаиқәшәеит Иреиҳаӡоу Асовет аҿы, Гена Аламиа усҟан аус ахьиуаз. Ашәҟәыҩҩцәа хҩык ыҟоуп. Уа ҳаибадырит, ҳаицәажәеит. Уаа шьахәқәоуп, ҳара ҳаибашьреи ҳиааиреи даара ҳаҭыр ақәырҵоит. Иаазгазгьы убри ауп.Нас сара сахь, аҩныҟа иааҳгеит. Еҭери илылшоз ала астол лырхиеит. Дара иржәуам, аха сара рныҳәаҿақәа ныскылт. Убри аухаҵәҟьа ицеит нхыҵҟа, Нальчикҟа. Амза 6 рзы ихынҳәит. Фадиль Пицунда, аԥсшьарҭа ҩны "Правда" ахь инеигеит. Адырҩаҽны, асааҭ ҩба рзы иааит Аҟәаҟа. Урҭ рԥылара еиҿаҳкааит Б. Шьынқәба, Ш. Инал-иԥа, асахьаҭыхыҩцәа наҳаԥхьеит. Асахьаҭыхыҩцәа рҭыхымҭақәа асасцәа ҳамҭас ирырҭеит. Ахи аҵыхәеи, Сириатәи ашәҟәыҩҩцәа рхеидкылеи Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгылеи аиқәшаҳаҭра бзиа ҳабжьаҳҵеит. Зегьы ибзианы иалҵит.Ашәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа имшынҵақәа ирыԥхьалак дарбанзаалакгьы агәра игоит ҳара ҳажәлар ахаан ԥсра шрықәым, избанзар, урҭ рыԥсадгьыл аҿы иҟоуп, дара шаԥшәымацәоу рдыруеит, егьа имаҷзаргьы, ианаҭаххо аамҭазы аӡәы шәҩык драҩсуеит. Уи аԥсуа игәаӷь, игәымшәара, ифырхаҵара, ахааназ ирылоуп, убри азоуп егьа еибашьра рхыргаргьы, дара рыдгьыл рнапқәа аларԥсны изырку, изыдмырӡуа. Ашәҟәыҩҩгьы иажәа амч азҭо урҭ рдоуҳауп, уи еиқәырханы игоит иаԥҵамҭақәа рҿы. Уаҵәы игыло аҿар ршьа иалеиҵоит рыԥсадгьыл абзиабара, уи ушьапы анықәгыло еиҳау насыԥ шыҟам аԥсҭазаараҿы.Октиабр 29Телехәаԥшрала ирҳәеит дыԥсит ҳәа апоет Иосиф Бродски. Аԥсышьа бзиа иоуит – дшыцәаз дыԥсит. Иара еиҳарак урысшәала дыҩуан, аха уи ишьаҭақәаҵәҟьа аурыс культура мацараҿы иҟамызт. Ишдыру еиԥш, Асовет мчра дыхҭакны даман, дҭаркхьан, дыҭрыжьхьан. Иара ус рҳәартә иҽыҟаиҵон, амчреи иареи реизыҟазаашьақәа еицәеитәуан. Уи аҵыхәала аҳәаанырцәҟа дахыргеит. Иаргьы уи акәын ииҭахыз. Уаҟа ирҿиара уси иԥсҭазаареи убас ишьақәиргылт, Асовет мчра, Асовет тәыла аӷацәа иаразнак дышьҭырхыртә, Нобель ипремиа иоуртә иҟарҵеит, даныԥсы иара иахьиҭахыз аҭыԥаҿ, Венециа дыржит.Уи дпоет цәгьоуп сҳәом, аха хыла сара исзааигәоу поетым. Иара дхәыцҩын, ипоезиа аҵкысгьы еиҳауп ззуҳәаша иҵаулоу иусумҭақәа, астатиақәа, аессеқәа импыҵыҵит. Урҭ даара интересс иҟаҵаны зныкымкәа срыԥхьахьеит. Уи имоуп саргьы даара зыхә ҳаракны исшьо Платонов изы астатиа. Иҟалап уа Платонов изы ирыҩхьоу зегьы иреиӷьны уи ирҿиара аҵакы ааирԥшуазар, аха исызианажьуам Лев Толстоии Блоки дахьрыдҵыгьло. Еиҳаракгьы, урҭ закәқәоу, ишгениқәоу шидыруагьы, иара ипринципқәа иахьрықәымшәо, иахьдырбго азы. Пушкин, Толстои, Блок, иара Урыстәыла иаҟароуп, аурыс жәлар рмилаҭтә гени зырҵабыргуа. Убри ауп ари изхымгогьы.Алықьса Гогәуа ирҿиара зегьы, убрахь иналаҵаны ипублицистикагьы, есымша аиаша акәын изхылҿиаауаз, аԥсҭазаара иагәылсны иаауаз ахаҿсахьақәа раарԥшра мацара акәымкәа, рыԥсқәа ҭеиҵон, уара иувагылоушәа, рыбжьы ныҵакны уара иуацәажәошәа убриаҟара иузааигәеитәуан. Иахьа ҳзыхцәажәо имшынҵақәа убри ҷыдаҟазшьас ирымоуп, избанзар, ашәҟәыҩҩы иҭахын исахьаркыратә рҿиамҭақәа рҿы маҷк зсиужет ирыххацәоз, зыпсихологиатә ҭагылазаашьа ируадаҩуаз, ианаҭахыз афилософиатә хәыцра ҵаулақәа рҟынӡа ихеигалоз ифырхацәа, ара зынӡа рацәажәара "ирмариоит", ирҳәо шиашоу, аҵакыҵәах аҵаӡамкәа еилукаартә иҟаиҵоит:1998 шықәса (Абжьас ашықәс)Абасала, иааит ари ашықәсгьы. Ихирхааит. Иарбан шықәсызаалак ихирхартә аҟаҵара ҳара ҳнапы иануп. Анцәеи аԥсабареи рнапы иану анаҩс.Аԥсны анаукақәа ракадемиа ҟарҵеит. Уи бзиоуп. Уажәазы Б. У. Шьынқәбеи Хә. С. Бӷажәбеи роуп уахь иахуԥхьаӡалартә иҟоу. Урҭгьы уажәшьҭа иҿыцу акгьы рзыҟаҵом, ргәабзиара иахҟьаны. Ҳлитератураҿгьы убри аҩыза аҭагылазаашьахь анеира иаҿуп. Збаҩхатәра уақәгәыӷуа аҿар ҩыџьа-хҩы аҷкәынцәа, убриаҟараҩык аӡӷабцәагьы аламҵакәа. Иааидкылан, аинтеллигенциагьы ирыхәҭоу ҟарҵом, изеидгылом, уанӡа изынаӡом. Убри ажәлар зегьы рзы, аҳәынҭқарразгьы, даара иԥырхагоуп. Аинтеллигенциа ажәлар ирҿахәҳәаҩуп.Издыруада, ҳаԥхьаҟа, аибашьраан иаӡәыкны иҟаз аҿар рахьтә игылар, азеиԥш идеиа, аидеиа хада иӷәӷәаны иаҵагылаша аинтеллигенциа рылҵыр. Имгәыӷкәа иԥсхьада. Уеизгьы, зегьынџьара уи ала мацара ауп ишааиуа.Алықьса Гогәуа ибзиаӡаны ибон аибашьра ашьҭахьгьы шаҟа аполитикатә ԥсҭазаара дыруадаҩырц иаҿыз ақырҭуа милаҭ реиҳабыра, урҭ ирзыхгомызт хыԥхьаӡарала акырӡа иҳаиҳаз амилаҭ ҳахьыриааиз, бџьарԥынҵала иахьықәаҳцаз ҳаԥсадгьыл. Аха ажәлар иахьынӡауаз иреилыркаалатәын абриаҟара ҳажәлар ршьа зықәҭәоу ҳаԥсадгьыл инагӡаӡаны макьана ишыхьчам, араҟа иаҭахын аполитикатә баҩхатәрагьы, ҳажәлар раԥхьа игылаз ауаҩы ивагылатәын, дыхьчатәын, иԥсадгьыл аиқәырхара азхәыцха иҭатәын, игәы ҭыгатәын, ижәлар бзиа дшырбоз, иагьшиқәгәыӷуаз ирбатәын. Абар уи ашәҟәыҩҩы имшынҵа адаҟьақәа ишырныԥшуа:1995 шықәсаИанвар 30–31Арӡынба В. Г. иҿы снеит. Акраамҭа ҳаицәажәон. Уи иацәажәара еснагь аинтерес аҵоуп. Ихтны, ицәырган, иуцәымӡакәа ииҳәо рацәоуп, уи еиҵам ицәыримго, зегьы рҿы иимҳәо. Иҭагылазаашьа, иҭыԥ злаҟоу ала, уи џьашьатәӡам. Рацәак аполемика сҽаласымгалеит, иара исыдигалоз рахь еиҳа еиӷьуп ҳәа исыԥхьаӡоз алсхуан мацара. Иҟалап, ҳлитература ианиуаз аиԥш уажәыгь ашәарҭа иҭагылазар, ма еиҭеироуп, ма иаагылароуп. Ҳара, иара знапы алаку ҳҭакԥхықәра даара акрыҟоуп урҭқәа зегьы рҿы. Аха ҳаргьы ахаҳәқәа ҳацраҳәоуп, машәыршәа иҳалашәаз, аграфоманқәа уҳәа аиҳабыра иаарҳәаз рхы ақәдыршәоит, ицәгьаз, ибзиаз. Уи аҿы апринцип рымаӡам, даргьы маҷӡам. Пицунда атәы ус ицәгьамкәа ҳалацәажәеит, аха макьана инагӡаны иӡбам. Аиҳабыра ирҭахуп уи аус шеибгоу дара ирыӡбарц, нас шаҟа ҳаладырхәуа ҳарҳәарц. Азҵаарақәа исымаз акыр цәырсымгеит, иаҳҳәап изакәызаалак транспортк Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла иарҭарц. Егьырҭ, хар амамкәа ҳахьазааибагаз, саԥырхагамхарц.1994 шықәсаНоиабр 8Дырҩегьых арыцҳара: дҭахеит еицырдыруа аԥсуа шәҟәыҩҩы Алықьса Џьениа. Ианакәзаалак аԥсра зыхьӡ узадымкылоз, хыхь ззымдыруаз, аԥсҭазаара абзиабаҩ, ҳҩыза Алықьса Џьениа. Иацоуп ианыҟала ҳәа ирҳәо. Афымца дашьит, идачаҿы. Аҭӡамц акьыба кыдыргыланы, афымца зыҟам гәасҭоит ҳәа дшаҿыз акьыба иҵҟьо ианалага, иҩнапыкгьы рыла афымца аҭелқәа дрымҵасит. Уиакәхеит, шәҟәыҩҩык, ҩызак иаҳасабала, иҭыԥ ҭыкка иаанхеит ҳабжьара. Иҭаацәа, иԥшәмаԥҳәыс Гагәуа, иӡӷабцәа хьҩежьқәа – зегьы еибацәахеит. Ҳлитературагьы дагхеит ҳапроза шьҭызхуаз руаӡәы. Ҩызаҵас дҳагхеит, даара агәалсра ду ҳамоуп.Ноиабр 10Иахьа дыржуеит А. Џьениа. Асааҭ 11 рзы Аԥсуа театр ахь дганы дыкҿарҵеит. Зегьы даара рхы-ргәы далырхит. Алахьеиқәҵаратә митинг аҿы саргьы сықәгылт. Сгәы убасҟак иалсны сыҟан, ажәа уи анырԥшра мариам. Анышә дарҭеит апантеон аҿы. Абас инҵәеит ҳашәҟәыҩҩы, ҳҩыза арахьтәи имҩа, нарцәытәи изылашааит.Сара даара исҭахуп ҳаԥхьаҩцәа ҳашәҟәыҩҩы ду Алықьса Гогәуа иԥсҭазаара аҵыхәтәанӡатәи амшқәа рзы иҭыҵыз ишәҟәы амшынҵақәа "Аамҭа ашьаҭақәа" аҩбатәи атом хымԥада иԥшааны иаԥхьарц. Избанзар, даҽазныкгьы исҳәоит, араҟа иҟоуп иуадаҩӡаз аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа зегьы раан ҳажәлар аџьамыӷәа бааԥсӡа ишҭагылазгьы рхы шеиқәдырхаз, рхы мацара акәым, рыԥсадгьылгьы, рҵеирагьы шеиқәдырхаз. Аҟаза ду ҳажәлар ирзынижьит хәы змаӡам адоуҳатә беиара, ҳара уи пату ақәҵаны уаҵәы игылараны иҟоу ҳҿар ирызнаагароуп!..
https://sputnik-abkhazia.info/20250315/alysa-gogua-igalasharaa-ryshy-yit-1054129909.html
https://sputnik-abkhazia.info/20250621/agaragy-aazaragy-eilan-isabaray-alysa-gogua-azhlar-rusa-razyaray-1055417290.html
https://sputnik-abkhazia.info/20250614/daara-igayuatsoup-gogua-ishakh-asyshala-ara-daur-naebia-itsazhara---i-akha-1055292151.html
https://sputnik-abkhazia.info/20250615/ari-iyza-ashyy-idunei-duoup-daur-naebia-itsazhara---ii-akha-1055292472.html
https://sputnik-abkhazia.info/20250531/iakhy-ieigo-aaa-matsaraz-isy-am-auay-alysa-gogua-igalarshara-aayrazy-1055072704.html
https://sputnik-abkhazia.info/20250628/alysa-gogua-tslaby-dimam-zhlar-ryshyy-isha-asua-literaturay-1055553932.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Анатоли Лагәлаа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103047/18/1030471891_0:0:924:924_100x100_80_0_0_977704efbe9eb1e91e362586be724fb0.jpg
Анатоли Лагәлаа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103047/18/1030471891_0:0:924:924_100x100_80_0_0_977704efbe9eb1e91e362586be724fb0.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/06/18/1055524120_0:147:811:755_1920x0_80_0_0_0e50e2c22f6b3ff0bff8cbd93a73b460.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Анатоли Лагәлаа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103047/18/1030471891_0:0:924:924_100x100_80_0_0_977704efbe9eb1e91e362586be724fb0.jpg
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи, аԥсны
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи, аԥсны
Дарбан шәҟәыҩҩ дузаалакгьы иҩымҭақәа "ирҭамӡо" ахшыҩҵакқәа есымша имшынҵақәа рахь ииаигоит, уаҟа игәы каршәны, асахьаркыратә формақәа рацәак ихы иамырхәакәа, ижәлар ирызнеигоит, ирзынижьуеит иара дызлаԥшыз, ма иаҳаз, иԥылаз акрызҵазкуа ахҭысқәа зегьы. Ус еиԥш иҟоу аԥхьаҩ еиҳагьы "арсара" изымариоуп, избанзар, уаҟа ахҭысқәеи иибаз-иаҳаз аҭоурыхқәеи дара драцәажәоушәа ирзеиҭеиҳәоит.
Иахьа абра сзыхцәажәо ашәҟәгьы иахьатәи ҳажәлар рҭоурых, аибашьраани аибашьра ашьҭахьи ирхыргаз, излаԥшыз иккаӡа асарқьеиԥш уаннарԥшылоит. "Аамҭа ашьҭақәа" ахьӡуп ашәҟәы, авторс дамоуп уажә ааигәаӡа зыԥсҭазаара иалҵыз, ҳаклассик, Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа. Абраҟа иазгәасҭар сҭахуп ашәҟәы иану амшынҵакәа рхы инаркны рҵыхәанӡа ажурнал "Алашара" адаҟьақәа ишырнылахьоу, инарҭбаан ҳаԥхьаҩцәа ишырбахьоу, аха иааизакны шәҟәыкны иҭымҵыцызт, иахьа уи аҩыза алшара ҳнапаҿы иҳауит "Аԥҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа" иабзоураны.
Насгьы, ҳара ҳзы даара акраанагоит Алықьса Гогәуа иеиԥш иҟоу ашәҟәыҩҩ ду идунеиқәыԥшылашьа, уи ижәлар рыцәгьа-рыбзиа дахьалагылаз иибаз-иаҳаз, иара ишидикылаз, рхьаа иара ишицрасыз, ргәырӷьара дшалагәырӷьаз. Уи аԥсуа-ақырҭуа еибашьраан Аԥсны далҵны шьаҿакгьы ҟаимҵеит, уимоу, акырынтә ахырӷәӷәарҭақәа рахь днеихьан, ҳаҷкәынцәа-ҳаибашьцәа рыгәқәа ирӷәӷәон, урҭ рфырхаҵарақәа ртәы зҳәоз аочеркқәеи астатиақәеи рацәаны икьыԥхьуан Гәдоуҭа иҭыҵуаз агазеҭқәа "Бзыԥи" "Аԥсни" рҿы. Усҟан урҭ агазеҭқәа шааҭыҵлак аҭабиақәа рҿы инаргон, мамзаргьы Аԥсуа радио аҿы иаԥхьон.
Абраҟа иазгәаҭатәуп даҽакгьы. "Аамҭа ашьҭақәа" ҩ-шәҟәыкны иҟоуп, актәи ашәҟәы ҭыҵижьҭеи ԥшьышықәса ҵуеит, уи аибашьра ахы инаркны аҵыхәанӡа ицоз ахҭысқәа ирылиааит, аҩбатәи ашәҟәы, иахьа ҳзыхцәажәо, аибашьра ашьҭахьтәи иуадаҩыз ашықәсқәа ирызкуп.
Абраҟа аԥхьаҩ изы иааҳгоит ашәҟәы аҟынтәи ҭыԥқәак, усҟантәи аамҭазы ҳажәлар зҭагылаз бзиаӡаны еиликаарц азы:
Аԥсрақәа рацәахеит. Иахьагьы ҳаҷкәынцәа аҭахара иаҿуп. Гал хҩык ршьит, даҽа хҩык рхәит. Ирхәыз даргьы ԥыҭҩык ларышьҭит, рабџьар рымырхит. Икылатәан ахысраҿы урҭ хацәоуп. Дара рыԥсымҭәра, рчарҳәарақәа ирыцымлазар, ирыгымхеит: иааилышьны аӷәтәы қьалақәа дыргылоит, адгьылқәа ркуеит. Ҳара ҳаҩнуҵҟагьы агәынамӡарақәа рацәахеит. Иҟаҳҵарызеи, зегьы ирласны иҟамлар, изоур зҭаху рацәаҩуп, еиҳарак акрураҿгьы, змаҵураҿгьы рацәак зхы аџьа азмырбо. Ҳекономика ашьҭыхра уадаҩхеит, аиҿкаарақәагьы агзар акәхап. "Астол" аҿы амҳаҵә ду змоуз, ма измоуӡаз ирыцлеит. Насгьы, амҳаҵә дуқәа зауз рҟынтә уалаҭахыла мацара еибарку рацәаҩхеит. Уи даара ишьаҳагоуп.
Зны Америка ҳанеицыҟаз еицырдыруаз апоет Андреи Вознесенски исеиҳәеит аԥсҭазаараҿы мчы змоу аԥара ауп ҳәа. Убасҵәҟьа акгьы ацымҵакәа иахьиҳәаз џьасшьеит, абасҟак ахьӡ-аԥша змаз, аԥарагьы иазрыцҳамыз адоуҳа маҵуҩы ду. Аԥара, аекономика рымч здыруеит, аха абаҩхатәреи асахьаркыратә ҟазареи, абзиабареи анасыԥи – урҭ зегьы адоуҳа иаҵанакуеит – анрыцым, анҵыра рымаӡам, аԥарагьы бӷьыжәуп, аекономикагьы мгәарҭәыгоуп. Иахьагьы убас сгәы иаанагоит сара. Аха ҳара иахьатәи ҳаԥсҭазаарагьы урҭ аҩбагьы ирыгуп, ишьҭыхтәуп. Урҭ зегьы иаҳуалуп, аӡәы даанмыжькәа.
Ашәарҭақәа рацәоуп. Ельцинраа, Козыревраа рымчра ақәгәыӷра цәгьоуп. Аахыҵ Кавказ иҟоу урыстәылаа рырратә складқәа зегьы бџьарла иҭәуп. Ԥасагьы убрантәи ироуз абџьар алоуп ишҳабашьуаз. Ҳара ҳакәзар, амацәаз ҳҭакуп, ҳҳәаақәа абџьар акәым, агәырҵаӷа рыхганы иузгом. Аха шьҭахьҟагьы царҭа ҳамаӡам.
"Аидгылара" Аҟәатәи аҟәша аилатәараҿы сыҟан. "Аидгылара" зегьы апрограмма ԥсахтәуп, зегь раԥхьа иргылан, дегьызмаха иқәхаз ҳҿар рыхәҭа еидкылатәуп, ирхылаԥштәуп. Насгьы, тенденциак ҟалеит, ихтыҵәҟьан ирымҳәазаргьы, аԥсуаа рзы иашшуеит Аԥсны иқәынхо егьырҭ амилаҭқәа рхаҭарнакцәақәак. Ақырҭқәа ара ирхагылан ианыҟаз, иаарҭахыз ишырҭахыз ианыҟарҵоз рҿы еихырхӡомызт, амч ахьыҟаз иадгылон. Ус аӡәы ианиамхаҳәалак, ҳара ҳтәқәа рхы ахашшаара иалагоит. Ҳара, шамахаӡак акәымзар, ианакәызаалак даҽа милаҭк иаиуаз уаҩҵас ҳарзыҟан. Џьаргьы рымҩа ҳамкыцызт. Уажәы акәзар, иаахтны иаҳҳәароуп ари атәыла, ҳара ахааназтәи ҳаԥсадгьыл аҿы, зхатәы ҳәынҭқарра аҟаҵара аҭакԥхықәра зду ҳара шҳакәу. Убри иаҵанакуа зегьы азы аҭакԥхықәра раԥхьа измоугьы, издугьы (государствообразующий народ.) Убри аиԥш аҳәынҭқаррагьы ҟаҳҵароуп, аԥсуаа роуп ара иқәынхогьы рзинқәа хьчаны, аиҩызара, аиашьара ахьрыбжьоу ҳәынҭқарраны. Ҳаргьы, иахьаҭахугьы, иахьаҭахымгьы ҳгәы аҭасра ҳаҟәыҵны, иҟоу шыҟоу аахтны иаҳҳәалароуп, ҳагьықәныҟәалароуп.
Сириантәи ашәҟәыҩҩцәа аауеит ҳәа ҳзаарыцҳаит. Амҽышаз. Ҳмашьына ыҟам, аҽакы. Сириатәи аԥсуа, ҳҵарауаҩ Фадиль ара дыҟазаап. Уи излеиҳәаз ала, раԥхьа Нальчикҟа идәықәҵатәуп, нас, 6–7 рзы ирхынҳәны арахь иаагатәуп. Уахь, Адлерҟа, урҭ дырԥыларц дҳашьҭит Даур Аламиа, ҳпоет, ауаажәларратә усзуҩы Гена Аламиа иҷкәын аиҳабы. Уи дыҷкәынӡоуп, аха дҟәышуп, урҭқәа рҿы иҟаиҵо идыруеит, дагьаашьом. Иара Фадиль дычмазаҩхеит. Ишьапы аԥшьра ахьит. Зегьы ҳцәеилалеит. Сириатәи ашәҟәыҩҩцәа Нальчикҟа имцакәа ишиашаз арахь иааит. Ҳаиқәшәеит Иреиҳаӡоу Асовет аҿы, Гена Аламиа усҟан аус ахьиуаз. Ашәҟәыҩҩцәа хҩык ыҟоуп. Уа ҳаибадырит, ҳаицәажәеит. Уаа шьахәқәоуп, ҳара ҳаибашьреи ҳиааиреи даара ҳаҭыр ақәырҵоит. Иаазгазгьы убри ауп.
Нас сара сахь, аҩныҟа иааҳгеит. Еҭери илылшоз ала астол лырхиеит. Дара иржәуам, аха сара рныҳәаҿақәа ныскылт. Убри аухаҵәҟьа ицеит нхыҵҟа, Нальчикҟа. Амза 6 рзы ихынҳәит. Фадиль Пицунда, аԥсшьарҭа ҩны "Правда" ахь инеигеит. Адырҩаҽны, асааҭ ҩба рзы иааит Аҟәаҟа. Урҭ рԥылара еиҿаҳкааит Б. Шьынқәба, Ш. Инал-иԥа, асахьаҭыхыҩцәа наҳаԥхьеит. Асахьаҭыхыҩцәа рҭыхымҭақәа асасцәа ҳамҭас ирырҭеит. Ахи аҵыхәеи, Сириатәи ашәҟәыҩҩцәа рхеидкылеи Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгылеи аиқәшаҳаҭра бзиа ҳабжьаҳҵеит. Зегьы ибзианы иалҵит.
Ашәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа имшынҵақәа ирыԥхьалак дарбанзаалакгьы агәра игоит ҳара ҳажәлар ахаан ԥсра шрықәым, избанзар, урҭ рыԥсадгьыл аҿы иҟоуп, дара шаԥшәымацәоу рдыруеит, егьа имаҷзаргьы, ианаҭаххо аамҭазы аӡәы шәҩык драҩсуеит. Уи аԥсуа игәаӷь, игәымшәара, ифырхаҵара, ахааназ ирылоуп, убри азоуп егьа еибашьра рхыргаргьы, дара рыдгьыл рнапқәа аларԥсны изырку, изыдмырӡуа. Ашәҟәыҩҩгьы иажәа амч азҭо урҭ рдоуҳауп, уи еиқәырханы игоит иаԥҵамҭақәа рҿы. Уаҵәы игыло аҿар ршьа иалеиҵоит рыԥсадгьыл абзиабара, уи ушьапы анықәгыло еиҳау насыԥ шыҟам аԥсҭазаараҿы.
Телехәаԥшрала ирҳәеит дыԥсит ҳәа апоет Иосиф Бродски. Аԥсышьа бзиа иоуит – дшыцәаз дыԥсит. Иара еиҳарак урысшәала дыҩуан, аха уи ишьаҭақәаҵәҟьа аурыс культура мацараҿы иҟамызт. Ишдыру еиԥш, Асовет мчра дыхҭакны даман, дҭаркхьан, дыҭрыжьхьан. Иара ус рҳәартә иҽыҟаиҵон, амчреи иареи реизыҟазаашьақәа еицәеитәуан. Уи аҵыхәала аҳәаанырцәҟа дахыргеит. Иаргьы уи акәын ииҭахыз. Уаҟа ирҿиара уси иԥсҭазаареи убас ишьақәиргылт, Асовет мчра, Асовет тәыла аӷацәа иаразнак дышьҭырхыртә, Нобель ипремиа иоуртә иҟарҵеит, даныԥсы иара иахьиҭахыз аҭыԥаҿ, Венециа дыржит.
Уи дпоет цәгьоуп сҳәом, аха хыла сара исзааигәоу поетым. Иара дхәыцҩын, ипоезиа аҵкысгьы еиҳауп ззуҳәаша иҵаулоу иусумҭақәа, астатиақәа, аессеқәа импыҵыҵит. Урҭ даара интересс иҟаҵаны зныкымкәа срыԥхьахьеит. Уи имоуп саргьы даара зыхә ҳаракны исшьо Платонов изы астатиа. Иҟалап уа Платонов изы ирыҩхьоу зегьы иреиӷьны уи ирҿиара аҵакы ааирԥшуазар, аха исызианажьуам Лев Толстоии Блоки дахьрыдҵыгьло. Еиҳаракгьы, урҭ закәқәоу, ишгениқәоу шидыруагьы, иара ипринципқәа иахьрықәымшәо, иахьдырбго азы. Пушкин, Толстои, Блок, иара Урыстәыла иаҟароуп, аурыс жәлар рмилаҭтә гени зырҵабыргуа. Убри ауп ари изхымгогьы.
Алықьса Гогәуа ирҿиара зегьы, убрахь иналаҵаны ипублицистикагьы, есымша аиаша акәын изхылҿиаауаз, аԥсҭазаара иагәылсны иаауаз ахаҿсахьақәа раарԥшра мацара акәымкәа, рыԥсқәа ҭеиҵон, уара иувагылоушәа, рыбжьы ныҵакны уара иуацәажәошәа убриаҟара иузааигәеитәуан. Иахьа ҳзыхцәажәо имшынҵақәа убри ҷыдаҟазшьас ирымоуп, избанзар, ашәҟәыҩҩы иҭахын исахьаркыратә рҿиамҭақәа рҿы маҷк зсиужет ирыххацәоз, зыпсихологиатә ҭагылазаашьа ируадаҩуаз, ианаҭахыз афилософиатә хәыцра ҵаулақәа рҟынӡа ихеигалоз ифырхацәа, ара зынӡа рацәажәара "ирмариоит", ирҳәо шиашоу, аҵакыҵәах аҵаӡамкәа еилукаартә иҟаиҵоит:
1998 шықәса (Абжьас ашықәс)
Абасала, иааит ари ашықәсгьы. Ихирхааит. Иарбан шықәсызаалак ихирхартә аҟаҵара ҳара ҳнапы иануп. Анцәеи аԥсабареи рнапы иану анаҩс.
Аԥсны анаукақәа ракадемиа ҟарҵеит. Уи бзиоуп. Уажәазы Б. У. Шьынқәбеи Хә. С. Бӷажәбеи роуп уахь иахуԥхьаӡалартә иҟоу. Урҭгьы уажәшьҭа иҿыцу акгьы рзыҟаҵом, ргәабзиара иахҟьаны. Ҳлитератураҿгьы убри аҩыза аҭагылазаашьахь анеира иаҿуп. Збаҩхатәра уақәгәыӷуа аҿар ҩыџьа-хҩы аҷкәынцәа, убриаҟараҩык аӡӷабцәагьы аламҵакәа. Иааидкылан, аинтеллигенциагьы ирыхәҭоу ҟарҵом, изеидгылом, уанӡа изынаӡом. Убри ажәлар зегьы рзы, аҳәынҭқарразгьы, даара иԥырхагоуп. Аинтеллигенциа ажәлар ирҿахәҳәаҩуп.
Издыруада, ҳаԥхьаҟа, аибашьраан иаӡәыкны иҟаз аҿар рахьтә игылар, азеиԥш идеиа, аидеиа хада иӷәӷәаны иаҵагылаша аинтеллигенциа рылҵыр. Имгәыӷкәа иԥсхьада. Уеизгьы, зегьынџьара уи ала мацара ауп ишааиуа.
Алықьса Гогәуа ибзиаӡаны ибон аибашьра ашьҭахьгьы шаҟа аполитикатә ԥсҭазаара дыруадаҩырц иаҿыз ақырҭуа милаҭ реиҳабыра, урҭ ирзыхгомызт хыԥхьаӡарала акырӡа иҳаиҳаз амилаҭ ҳахьыриааиз, бџьарԥынҵала иахьықәаҳцаз ҳаԥсадгьыл. Аха ажәлар иахьынӡауаз иреилыркаалатәын абриаҟара ҳажәлар ршьа зықәҭәоу ҳаԥсадгьыл инагӡаӡаны макьана ишыхьчам, араҟа иаҭахын аполитикатә баҩхатәрагьы, ҳажәлар раԥхьа игылаз ауаҩы ивагылатәын, дыхьчатәын, иԥсадгьыл аиқәырхара азхәыцха иҭатәын, игәы ҭыгатәын, ижәлар бзиа дшырбоз, иагьшиқәгәыӷуаз ирбатәын. Абар уи ашәҟәыҩҩы имшынҵа адаҟьақәа ишырныԥшуа:
Арӡынба В. Г. иҿы снеит. Акраамҭа ҳаицәажәон. Уи иацәажәара еснагь аинтерес аҵоуп. Ихтны, ицәырган, иуцәымӡакәа ииҳәо рацәоуп, уи еиҵам ицәыримго, зегьы рҿы иимҳәо. Иҭагылазаашьа, иҭыԥ злаҟоу ала, уи џьашьатәӡам. Рацәак аполемика сҽаласымгалеит, иара исыдигалоз рахь еиҳа еиӷьуп ҳәа исыԥхьаӡоз алсхуан мацара. Иҟалап, ҳлитература ианиуаз аиԥш уажәыгь ашәарҭа иҭагылазар, ма еиҭеироуп, ма иаагылароуп. Ҳара, иара знапы алаку ҳҭакԥхықәра даара акрыҟоуп урҭқәа зегьы рҿы. Аха ҳаргьы ахаҳәқәа ҳацраҳәоуп, машәыршәа иҳалашәаз, аграфоманқәа уҳәа аиҳабыра иаарҳәаз рхы ақәдыршәоит, ицәгьаз, ибзиаз. Уи аҿы апринцип рымаӡам, даргьы маҷӡам. Пицунда атәы ус ицәгьамкәа ҳалацәажәеит, аха макьана инагӡаны иӡбам. Аиҳабыра ирҭахуп уи аус шеибгоу дара ирыӡбарц, нас шаҟа ҳаладырхәуа ҳарҳәарц. Азҵаарақәа исымаз акыр цәырсымгеит, иаҳҳәап изакәызаалак транспортк Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла иарҭарц. Егьырҭ, хар амамкәа ҳахьазааибагаз, саԥырхагамхарц.
Дырҩегьых арыцҳара: дҭахеит еицырдыруа аԥсуа шәҟәыҩҩы Алықьса Џьениа. Ианакәзаалак аԥсра зыхьӡ узадымкылоз, хыхь ззымдыруаз, аԥсҭазаара абзиабаҩ, ҳҩыза Алықьса Џьениа. Иацоуп ианыҟала ҳәа ирҳәо. Афымца дашьит, идачаҿы. Аҭӡамц акьыба кыдыргыланы, афымца зыҟам гәасҭоит ҳәа дшаҿыз акьыба иҵҟьо ианалага, иҩнапыкгьы рыла афымца аҭелқәа дрымҵасит. Уиакәхеит, шәҟәыҩҩык, ҩызак иаҳасабала, иҭыԥ ҭыкка иаанхеит ҳабжьара. Иҭаацәа, иԥшәмаԥҳәыс Гагәуа, иӡӷабцәа хьҩежьқәа – зегьы еибацәахеит. Ҳлитературагьы дагхеит ҳапроза шьҭызхуаз руаӡәы. Ҩызаҵас дҳагхеит, даара агәалсра ду ҳамоуп.
Иахьа дыржуеит А. Џьениа. Асааҭ 11 рзы Аԥсуа театр ахь дганы дыкҿарҵеит. Зегьы даара рхы-ргәы далырхит. Алахьеиқәҵаратә митинг аҿы саргьы сықәгылт. Сгәы убасҟак иалсны сыҟан, ажәа уи анырԥшра мариам. Анышә дарҭеит апантеон аҿы. Абас инҵәеит ҳашәҟәыҩҩы, ҳҩыза арахьтәи имҩа, нарцәытәи изылашааит.
Сара даара исҭахуп ҳаԥхьаҩцәа ҳашәҟәыҩҩы ду Алықьса Гогәуа иԥсҭазаара аҵыхәтәанӡатәи амшқәа рзы иҭыҵыз ишәҟәы амшынҵақәа "Аамҭа ашьаҭақәа" аҩбатәи атом хымԥада иԥшааны иаԥхьарц. Избанзар, даҽазныкгьы исҳәоит, араҟа иҟоуп иуадаҩӡаз аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа зегьы раан ҳажәлар аџьамыӷәа бааԥсӡа ишҭагылазгьы рхы шеиқәдырхаз, рхы мацара акәым, рыԥсадгьылгьы, рҵеирагьы шеиқәдырхаз. Аҟаза ду ҳажәлар ирзынижьит хәы змаӡам адоуҳатә беиара, ҳара уи пату ақәҵаны уаҵәы игылараны иҟоу ҳҿар ирызнаагароуп!..