https://sputnik-abkhazia.info/20250707/sputnik-amchybzh-aa-amsh-aushymatsa-rnya-afnytsti-aay-aiubilei-1055781955.html
Sputnik амчыбжь: Аҟәа амш, аушьҭымҭацәа рныҳәа, Афонҿыцтәи аҳаԥы аиубилеи
Sputnik амчыбжь: Аҟәа амш, аушьҭымҭацәа рныҳәа, Афонҿыцтәи аҳаԥы аиубилеи
Sputnik Аҧсны
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит рашәара 30 инаркны ԥхынгәы 6 рҟынӡа ареспубликаҿы аҭыԥ змаз ахҭыс хадақәа рыхҳәаа. 07.07.2025, Sputnik Аҧсны
2025-07-07T09:00+0300
2025-07-07T09:00+0300
2025-07-07T13:32+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
ауаажәларра
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/05/1055761729_0:57:1518:911_1920x0_80_0_0_0005207ecaac44c251c7b9b76669433a.jpg
SputnikАҟәа Ақалақь амшАҟәа ақалақь 2509 шықәса ахыҵра иазкны аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысит ԥхынгәымза 5 рзы. Традициала ишаԥу еиԥш ақалақь амш есышықәса иазгәарҭоит ԥхынгымза раԥхьатәи асабшаз. Аныҳәа рхы аладырхәырц иааит Урыстәыла арегионқәа жәпакы рҟынтәи аделегациақәа, иара убас Аахыҵ Уаԥстәылантәи асасцәа.Аныҳәа аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҟәеи Самареи рнапы аҵарҩит жәларбжьаратәии адәныҟатәии аекономикатә еизыҟазаашьақәа рынагӡаразы Аиқәшаҳаҭра.Аԥсны аҳҭнықалақь 2509 шықәса ахыҵра инамаданы хыԥхьаӡара рацәала аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥган – ацәыргақәҵа, ахысразы аицлабра, агастрофестиваль, Аԥсни Урыстәылеи рартистцәа злахәыз аконцертқәа. Аныҳәа ахыркәшамҭаз аԥштәы рацәа змаз асалиут ҟаҵан.Афонҿыцтәи аҳаԥы аартуижьҭеи 50 шықәса ҵитАреспубликаҿы даҽа ныҳәакгьы азгәарҭеит ԥхынгәы 4 рзы – 50 шықәса ҵит Афонҿыцтәи аҳаԥы аҭааҩцәа рзы иаартуижьҭеи.Уи азы анџьнырцәеи агеологцәеи Ивертәи ашьха ашьапаҿы анапылаҟаҵатә тоннель жны адәыӷбамҩа ҟарҵеит, аӡцарҭақәа шьақәдыргылеит.Здаҟам аргылара ахә ҳаракны иршьеит – 1977 шықәсазы аҳаԥы акомплекс аԥызҵаз аҭҵаарадырреи атехникеи рзы Аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьан.Есышықәса Афонҿыцтәи аҳаԥы шә-нызқьҩыла атуристцәеи ареспублика ауааԥсыреи аднакылоит, уа аекскурсиақәеи акультуратә усмҩаԥгатәқәеи мҩаԥыргоит."Аԥсны акоманда" алахәылацәа рԥылараИиасыз амчыбжь азы Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынбеи анапхгараҭаратә еицлабра "Аԥсны акоманда" алахәылацәеи еиԥылеит.Аҳәынҭқарра ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит, аицлабра алахәылацәа еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла ареспублика ԥхьаҟатәи аизҳазыӷьаразы аус зураны иҟоу атәыла акадртә резерв шракәу.Аицлабра "Аԥсны акоманда" алахәылацәа рыла ишьақәгылоу акомандақәа аҳәынҭқарра ахада идыргалеит иаздырхиаз рпроектқәа.Бадра Гәынба атәыла аԥсҭазаара ахырхарҭақәа жәпакы ирзырхоу апроектқәа рынагӡара аҵак ду шамоу азгәеиҭеит.Аиԥылараҿы аҳәынҭқарра ахада иҳәеит Аԥсны Урыстәылантәи афымцамч аахәара нанҳәамзазы ишалаго, аӡынтәи ахәқәа раасҭа еиҵоу ахәԥсақәа рыла.Иара иажәақәа рыла, ареспубликаҿ хымԥада иаҭахуп иназыцҵоу афымцамч.Тамшь иҭахаз адесант ргәаларшәараԤхынгәымза 2 рзы Очамчыра араион Тамышь ақыҭан иҭахаз аибашьцәа рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит. Аусмҩаԥгатә ихы алаирхәит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба.Тамышь ақыҭан адесант ртәара 1992-1993 шықәсқәа рзы имҩаԥысуаз Аџьынџьтәылатә еибашьра аоперациа хадақәа ируакын.32 шықәса раԥхьа, ԥхынгәы 2 1993 шықәсазы аԥсуа десант Очамчыра араион Тамшь ақыҭан иӡхыҵит. Аибашьцәа рҿаԥхьа хықәкыс иқәгылан амҩаду хада аанкылара, ақырҭуа архәҭақәа ацхыраараз Аҟәаҟа раамышьҭра. Убри аан аӷа ааха ирҭар акәын аҩада-мраҭашәаратәи афронт ацәаҳәала.Абаталион "Горец" иҭахаз аибашьцәа ргәаладыршәеитԤхынгәы 4 рзы аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба Ҳабҩықә ашьхаҿы иҭахаз абаталион "Горец" аибашьцәа ргәалашәараз аусмҩагатә далахәын.Аусмҩаԥгатә иара убасгьы рхы аладырхәит аҳәынҭқарра ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Апарламент ахантәаҩы Лаша Ашәба, атәылахьчара аминистрра аусзуҩцәа, аветеранцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.40-ҩык инареиҳаны аибашьцәа злахәыз адесант Аҟәа ахақәиҭтәразы аҵак ду змаз ашьха Ҳабҩықә атәара рҽазыршәеит 1993 шықәса ԥхынгәы 4 рзы.Иаразнакгьы адесант ақырҭқәа рхымца иалашәеит. 17-ҩык еиқәхеит, аӡәырҩы ӷәӷәала ихәын.Аушьҭымҭацәа рныҳәаАушьҭымҭацәа рныҳәатә хәылԥазы мҩаԥысит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы.Уи иалахәын абжьаратә ҵараиурҭақәа медалла иалгази хәба ҳәа зҵара хзыркәшази аушьҭымҭацәа. Иара убасгьы, 2002-2006 шықәсқәа рзы ахьи араӡни амедалқәа рыла иалгаз, аха еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны ианаамҭаз измоуз аушьҭымҭацәа рмедалқәа рнапаҿы ирыҭан.Асценахь инаԥхьан Sputnik Аԥсны аусзуҩцәагьы: апресс-центр аиҳабы Инал Лазбеи аԥсуа версиа аҭыжьҩы аредактор Наала Хьециаԥҳаи.Аҟәатәи аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылараАри амчыбжь азы Аҟәа ақалақь аҿы Диоскураа рыԥшаҳәа аиҭашьақәыргылараз апроект аӡыргара мҩаԥысит.Акаҳуажәырҭа "Брехаловкеи" хара имгакәа еиҭашьақәыргылахо амшынсқьалеи рзааигәара аинформациатә стендқәа шьақәыргылан.Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа жьҭаара 1 инаркны ихацыркхоит, ишазгәаҭоу алагьы иааиуа акурорттә аамҭахәҭа алагамҭазы ихыркәшахоит. Аусурақәа нарыгӡоит апроект афинанстә цхыраара аҭара зхахьы изгаз Москва, Уфа, Казан, Краснодар, Аладатәи Новгород аргыларатә еиҿкаарақәа.Абаркьылқәеи алашарбагатә шьаҟақәеи еиҭашьақәыргылахоит, ашьаҟауаа рзы ахаҳәҟьаԥс ҿыц ишьҭаҵахоит. Иара убас аҟәардәқәа, агәамсамҭрақәа, ахәыҷтәы хәмарҭақәеи аспорттә ҭыԥқәеи шьақәыргылахоит. Ахәаахәҭратә ргыларақәа рзы иаку адизаин-код азгәаҭоуп.Ашколқәа рзы амаҭәахә ҿыцқәаАԥснытәи ашколқәа ирыҭоуп Урыстәыла ахада игрант ацхыраарала апроект "Ашколтә лабораториақәа. Аԥсны" аҳәаақәа ирҭагӡаны иаахәоу аҵаратә хархәагақәеи амаҭәахәқәеи. Аилахәыра "ФИРОН" ареспублика ҳамҭас ианаҭеит:Аԥсны аҵара аминистрра ареспублика ашколқәа рзы аиқәыршәагақәа рызнашеит. Аҵаратә еиқәыршәага ҿыцқәа апрактикатә ҵараҿы алшарақәа арҭбаауеит, насгьы аҵаратә процесс аҿы ҳаамҭазтәи атехнологиақәа ралагалара алнаршоит.
https://sputnik-abkhazia.info/20250705/naaati-aala-aa-2509-shysa-akhyra-azgaara-1055761352.html
https://sputnik-abkhazia.info/20250630/badra-gynbei-aitslabra-asny-akomanda-iaiaaizi-afinalisttsei-reiylara-maysueit--1055632653.html
https://sputnik-abkhazia.info/20250704/aby-ashkha-adesant-ataraan-iakhaz-afyrkhatsa-rgaladyrsheit-asny-1055736249.html
https://sputnik-abkhazia.info/20250703/2002-2006-shysa-rzy-ashkola-akhtii-araynii-medala-ryla-ialgaz-rnapay-iryan-1055714669.html
https://sputnik-abkhazia.info/20250703/aati-amshynshaa-aashylara-yts-qr-kod-ala-alkhra-aloit-1055702581.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/05/1055761729_114:0:1405:968_1920x0_80_0_0_89261a2dfa220780672f23dfafc22377.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, ауаажәларра, акультура
ажәабжьқәа, аԥсны, ауаажәларра, акультура
Sputnik амчыбжь: Аҟәа амш, аушьҭымҭацәа рныҳәа, Афонҿыцтәи аҳаԥы аиубилеи
09:00 07.07.2025 (ирҿыцуп: 13:32 07.07.2025) Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит рашәара 30 инаркны ԥхынгәы 6 рҟынӡа ареспубликаҿы аҭыԥ змаз ахҭыс хадақәа рыхҳәаа.
Аҟәа ақалақь 2509 шықәса ахыҵра иазкны аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысит ԥхынгәымза 5 рзы. Традициала ишаԥу еиԥш ақалақь амш есышықәса иазгәарҭоит ԥхынгымза раԥхьатәи асабшаз.
Аныҳәа рхы аладырхәырц иааит Урыстәыла арегионқәа жәпакы рҟынтәи аделегациақәа, иара убас Аахыҵ Уаԥстәылантәи асасцәа.
Аныҳәа аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҟәеи Самареи рнапы аҵарҩит жәларбжьаратәии адәныҟатәии аекономикатә еизыҟазаашьақәа рынагӡаразы Аиқәшаҳаҭра.
Аԥсны аҳҭнықалақь 2509 шықәса ахыҵра инамаданы хыԥхьаӡара рацәала аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥган – ацәыргақәҵа, ахысразы аицлабра, агастрофестиваль, Аԥсни Урыстәылеи рартистцәа злахәыз аконцертқәа. Аныҳәа ахыркәшамҭаз аԥштәы рацәа змаз асалиут ҟаҵан.
Афонҿыцтәи аҳаԥы аартуижьҭеи 50 шықәса ҵит
Ареспубликаҿы даҽа ныҳәакгьы азгәарҭеит ԥхынгәы 4 рзы – 50 шықәса ҵит Афонҿыцтәи аҳаԥы аҭааҩцәа рзы иаартуижьҭеи.
Уи азы анџьнырцәеи агеологцәеи Ивертәи ашьха ашьапаҿы анапылаҟаҵатә тоннель жны адәыӷбамҩа ҟарҵеит, аӡцарҭақәа шьақәдыргылеит.
Здаҟам аргылара ахә ҳаракны иршьеит – 1977 шықәсазы аҳаԥы акомплекс аԥызҵаз аҭҵаарадырреи атехникеи рзы Аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьан.
Есышықәса Афонҿыцтәи аҳаԥы шә-нызқьҩыла атуристцәеи ареспублика ауааԥсыреи аднакылоит, уа аекскурсиақәеи акультуратә усмҩаԥгатәқәеи мҩаԥыргоит.
"Аԥсны акоманда" алахәылацәа рԥылара
Ииасыз амчыбжь азы Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынбеи анапхгараҭаратә еицлабра "Аԥсны акоманда" алахәылацәеи еиԥылеит.
Аҳәынҭқарра ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит, аицлабра алахәылацәа еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла ареспублика ԥхьаҟатәи аизҳазыӷьаразы аус зураны иҟоу атәыла акадртә резерв шракәу.
Аицлабра "Аԥсны акоманда" алахәылацәа рыла ишьақәгылоу акомандақәа аҳәынҭқарра ахада идыргалеит иаздырхиаз рпроектқәа.
Бадра Гәынба атәыла аԥсҭазаара ахырхарҭақәа жәпакы ирзырхоу апроектқәа рынагӡара аҵак ду шамоу азгәеиҭеит.
Аиԥылараҿы аҳәынҭқарра ахада иҳәеит Аԥсны Урыстәылантәи афымцамч аахәара нанҳәамзазы ишалаго, аӡынтәи ахәқәа раасҭа еиҵоу ахәԥсақәа рыла.
"Убри инаваргыланы, аамҭакала афымцамч ахархәара ашәага-загақәа азырбо ахархәагақәа шьақәҳаргылоит – ари даара акыр зҵазкуа усуп, аӡхыҽҽатә фымцастанциақәагьы уахь иналаҵаны, аусура иалаҳаргар амчхарақәа анализ рзаҳуеит", - ҳәа иҳәеит аҳәынҭқарра ахада.
Иара иажәақәа рыла, ареспубликаҿ хымԥада иаҭахуп иназыцҵоу афымцамч.
Тамшь иҭахаз адесант ргәаларшәара
Ԥхынгәымза 2 рзы Очамчыра араион Тамышь ақыҭан иҭахаз аибашьцәа рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит. Аусмҩаԥгатә ихы алаирхәит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба.
Тамышь ақыҭан адесант ртәара 1992-1993 шықәсқәа рзы имҩаԥысуаз Аџьынџьтәылатә еибашьра аоперациа хадақәа ируакын.
32 шықәса раԥхьа, ԥхынгәы 2 1993 шықәсазы аԥсуа десант Очамчыра араион Тамшь ақыҭан иӡхыҵит. Аибашьцәа рҿаԥхьа хықәкыс иқәгылан амҩаду хада аанкылара, ақырҭуа архәҭақәа ацхыраараз Аҟәаҟа раамышьҭра. Убри аан аӷа ааха ирҭар акәын аҩада-мраҭашәаратәи афронт ацәаҳәала.
Абаталион "Горец" иҭахаз аибашьцәа ргәаладыршәеит
Ԥхынгәы 4 рзы аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба Ҳабҩықә ашьхаҿы иҭахаз абаталион "Горец" аибашьцәа ргәалашәараз аусмҩагатә далахәын.
Аусмҩаԥгатә иара убасгьы рхы аладырхәит аҳәынҭқарра ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Апарламент ахантәаҩы Лаша Ашәба, атәылахьчара аминистрра аусзуҩцәа, аветеранцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.
40-ҩык инареиҳаны аибашьцәа злахәыз адесант Аҟәа ахақәиҭтәразы аҵак ду змаз ашьха Ҳабҩықә атәара рҽазыршәеит 1993 шықәса ԥхынгәы 4 рзы.
Иаразнакгьы адесант ақырҭқәа рхымца иалашәеит. 17-ҩык еиқәхеит, аӡәырҩы ӷәӷәала ихәын.
Аушьҭымҭацәа рныҳәатә хәылԥазы мҩаԥысит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы.
Уи иалахәын абжьаратә ҵараиурҭақәа медалла иалгази хәба ҳәа зҵара хзыркәшази аушьҭымҭацәа. Иара убасгьы, 2002-2006 шықәсқәа рзы ахьи араӡни амедалқәа рыла иалгаз, аха еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны ианаамҭаз измоуз аушьҭымҭацәа рмедалқәа рнапаҿы ирыҭан.
Асценахь инаԥхьан Sputnik Аԥсны аусзуҩцәагьы: апресс-центр аиҳабы Инал Лазбеи аԥсуа версиа аҭыжьҩы аредактор Наала Хьециаԥҳаи.
Аҟәатәи аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара
Ари амчыбжь азы Аҟәа ақалақь аҿы Диоскураа рыԥшаҳәа аиҭашьақәыргылараз апроект аӡыргара мҩаԥысит.
Акаҳуажәырҭа "Брехаловкеи" хара имгакәа еиҭашьақәыргылахо амшынсқьалеи рзааигәара аинформациатә стендқәа шьақәыргылан.
Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа жьҭаара 1 инаркны ихацыркхоит, ишазгәаҭоу алагьы иааиуа акурорттә аамҭахәҭа алагамҭазы ихыркәшахоит. Аусурақәа нарыгӡоит апроект афинанстә цхыраара аҭара зхахьы изгаз Москва, Уфа, Казан, Краснодар, Аладатәи Новгород аргыларатә еиҿкаарақәа.
Абаркьылқәеи алашарбагатә шьаҟақәеи еиҭашьақәыргылахоит, ашьаҟауаа рзы ахаҳәҟьаԥс ҿыц ишьҭаҵахоит. Иара убас аҟәардәқәа, агәамсамҭрақәа, ахәыҷтәы хәмарҭақәеи аспорттә ҭыԥқәеи шьақәыргылахоит. Ахәаахәҭратә ргыларақәа рзы иаку адизаин-код азгәаҭоуп.
Ашколқәа рзы амаҭәахә ҿыцқәа
Аԥснытәи ашколқәа ирыҭоуп Урыстәыла ахада игрант ацхыраарала апроект "Ашколтә лабораториақәа. Аԥсны" аҳәаақәа ирҭагӡаны иаахәоу аҵаратә хархәагақәеи амаҭәахәқәеи.
Аилахәыра "ФИРОН" ареспублика ҳамҭас ианаҭеит:
аробототехникатә еиқәыршәагақәа,
аинтерактивтә панельқәа, акомпиутерқәа,
афизикеи, ахимиеи, абиологиеи рҵаразы алабораториатә еиқәыршәагақәа.
Аԥсны аҵара аминистрра ареспублика ашколқәа рзы аиқәыршәагақәа рызнашеит. Аҵаратә еиқәыршәага ҿыцқәа апрактикатә ҵараҿы алшарақәа арҭбаауеит, насгьы аҵаратә процесс аҿы ҳаамҭазтәи атехнологиақәа ралагалара алнаршоит.