https://sputnik-abkhazia.info/20250724/1056355389.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
24.07.2025, Sputnik Аҧсны
2025-07-24T18:01+0300
2025-07-24T18:01+0300
2025-07-24T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/18/1056355257_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_1f5074a430abb26095e6d89e075be4c9.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Украинатәи адронқәа Шәача ажәлара иалацәажәеит Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак аилатәараҿы.Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба амчратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа иҟалаз ахҭыс азы ражәахәқәа дырзыӡырҩит. Дара иазгәарҭеит дронқәак ареспублика аҳауатә ҵакыра еиларгеит ҳәа.Гәынба Атәылахьчара аминистрреи Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзуреи ирыдиҵеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла АфШәМ аҳәаахьчаратә усбарҭеи Урыстәылатәи абжьбатәи арратә базеи дареи аҵак ду змоу ахыбрақәа рыхьчаразы реимадарақәа дырӷәӷәаразы.
190 млн мааҭ инареиҳаны аԥара аланагалеит Гәылрыԥшь араион абиуџьет ахь 2025 шықәса аԥхьатәи абжазы.Ари иазгәаҭаз аплан аасҭа 28% рыла еиҳауп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵҟеит араион ахада Саид Ҳаразиа, аԥыза-министр Владимир Делба дызлахәны имҩаԥысуа аҳасабырбатә еитәалараҿы.Иара иазгәеиҭеит, 114 миллион абиуџьет ахатә хашәалахәы шакәу, уи иҳаҩсыз ашықәс иаҿырԥшны 56 миллион рыла еизҳаит.Ахашәалахәы иахыҵхырҭа хадақәоуп — ахашәалахәытә шәахтәи афеидазы ашәахтәи ҳәа азгәеиҭеит Ҳаразиа.
Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аусура алагара иабзоураны Гәылрыԥшь араион абиуџьет ахашәалахәы акыр иацлеит."2025 шықәса актәи азбжазы мацара аҳаирбаӷәаза аобиектқәеи аҵакыраҿи анхамҩатә усура мҩаԥызго аиҿкаара аҟынтәи шәахтә ҳасабла иаланагалеит 45 миллион мааҭ рҟынӡа, уи абиуџьет ахатә хашәалахәы аҟынтәи 40% ыҟоуп", — ҳәа азгәалҭеит аҳасабырбатә еилатәараҿы араион ахадара афинанстә ҟәша аиҳабы Лаура Ачԥҳа.
Аҟәа иҟоу Москва Аҩны аҿы астратегиатә сессиа "Аԥсны – Урыстәыла: аҿар русеицура" аатит.Аусмҩаԥгатә иалахәыз Роспатриотцентр, "Движение Первых", аиҿкаара "Твой Ход" рхаҭарнакцәа аҵарадырреи, акультуреи, аҭҵаарадырреи, аҿар рполитикеи рзы рпроектқәеи рыпрограммақәеи ӡырыргеит.Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы аспециалист хада Саид Ҟәланба иҳәеит Аԥсни Урыстәылеи реимадара даара активла ишымҩаԥысуа. Ҳазҭоу аамҭазы иарбоу аиҿкаарақәа рпроектқәа жәпакы рхы рыладырхәуеит аԥснытәи аҿар, ареспубликаҿы урҭ рхаҭарнакрақәа раартра иадрыԥхьалоит.
Украинатәи адронқәа Шәача ажәлара иалацәажәеит Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак аилатәараҿы.Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба амчратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа иҟалаз ахҭыс азы ражәахәқәа дырзыӡырҩит. Дара иазгәарҭеит дронқәак ареспублика аҳауатә ҵакыра еиларгеит ҳәа.Гәынба Атәылахьчара аминистрреи Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзуреи ирыдиҵеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла АфШәМ аҳәаахьчаратә усбарҭеи Урыстәылатәи абжьбатәи арратә базеи дареи аҵак ду змоу ахыбрақәа рыхьчаразы реимадарақәа дырӷәӷәаразы. 190 млн мааҭ инареиҳаны аԥара аланагалеит Гәылрыԥшь араион абиуџьет ахь 2025 шықәса аԥхьатәи абжазы.Ари иазгәаҭаз аплан аасҭа 28% рыла еиҳауп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵҟеит араион ахада Саид Ҳаразиа, аԥыза-министр Владимир Делба дызлахәны имҩаԥысуа аҳасабырбатә еитәалараҿы.Иара иазгәеиҭеит, 114 миллион абиуџьет ахатә хашәалахәы шакәу, уи иҳаҩсыз ашықәс иаҿырԥшны 56 миллион рыла еизҳаит.Ахашәалахәы иахыҵхырҭа хадақәоуп — ахашәалахәытә шәахтәи афеидазы ашәахтәи ҳәа азгәеиҭеит Ҳаразиа. Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аусура алагара иабзоураны Гәылрыԥшь араион абиуџьет ахашәалахәы акыр иацлеит."2025 шықәса актәи азбжазы мацара аҳаирбаӷәаза аобиектқәеи аҵакыраҿи анхамҩатә усура мҩаԥызго аиҿкаара аҟынтәи шәахтә ҳасабла иаланагалеит 45 миллион мааҭ рҟынӡа, уи абиуџьет ахатә хашәалахәы аҟынтәи 40% ыҟоуп", — ҳәа азгәалҭеит аҳасабырбатә еилатәараҿы араион ахадара афинанстә ҟәша аиҳабы Лаура Ачԥҳа. Аҟәа иҟоу Москва Аҩны аҿы астратегиатә сессиа "Аԥсны – Урыстәыла: аҿар русеицура" аатит.Аусмҩаԥгатә иалахәыз Роспатриотцентр, "Движение Первых", аиҿкаара "Твой Ход" рхаҭарнакцәа аҵарадырреи, акультуреи, аҭҵаарадырреи, аҿар рполитикеи рзы рпроектқәеи рыпрограммақәеи ӡырыргеит.Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы аспециалист хада Саид Ҟәланба иҳәеит Аԥсни Урыстәылеи реимадара даара активла ишымҩаԥысуа. Ҳазҭоу аамҭазы иарбоу аиҿкаарақәа рпроектқәа жәпакы рхы рыладырхәуеит аԥснытәи аҿар, ареспубликаҿы урҭ рхаҭарнакрақәа раартра иадрыԥхьалоит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/18/1056355257_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_26e780cc747df29bfe24c9569422f424.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио