https://sputnik-abkhazia.info/20250808/1056783347.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
08.08.2025, Sputnik Аҧсны
2025-08-08T13:30+0300
2025-08-08T13:30+0300
2025-08-08T13:41+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/08/08/1056783215_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_a0bdb01d749f07593592e0d6c2b4f2b5.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои аусхк ахаҭарнакцәеи дареи Аԥсны атуризм аҿиара азҵаарақәа ирылацәажәеит.Аиԥылараҿы ажәалагала ҟаҵан акультуратә, агастрономтә, аспорттә усмҩаԥгатәқәа злахәу ахҭыстә мзар аԥҵаразы ҳәа аанацҳауеит Атуризм аминистрра.Иара убас ирзааҭгылан Аԥсны ақыҭарақәа рахь аԥсшьаҩцәа рнагара, ашәыртә парки Аҟәа "Апатырқалтә мҩадуи" раԥҵара, иара убас Ауадҳареи Кәыдрытәи аҩхааи рҟны аӡынтәи алшарақәа рыҿиара.Аганқәа, иара убас иалацәажәеит ихароу аҭыԥқәа рахь анеира алыршаразы авертолиотқәа рхархәареи VIP-екскурсиақәа реиҿкаареи.
Аԥсны егьырҭ атуристтә тәылақәа зегь реиԥш, акурорттә аамҭахәҭаз аҳәаа ҟамлартә иҟаҵатәуп иҳәеит аԥыза-министр Владимир Делба Sputnik апресс-конференциаҟны.Иара иазгәеиҭеит, акыр шықәса шҵуа атуризм аекономика ахырхарҭа хадақәа иреиуаны иалкаауеижьҭеи, ааԥхьара ҟаиҵеит аицлабра "Зысасгәашә аарту Аԥсны" рхы аладырхәырц."Ари аус зырҿио ауаа ралархәра даара акраҵанакуеит. Урҭ рышьаҭала акыр зҵазкуа аӡбарақәа рыдыркылалоит, урҭ ҳҳәынҭқарра аҿиаразы амч арҭоит", — ҳәа азгәеиҭеит Делба.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адышшыларатә шәҟәы рышьҭит Хәымштәи аибашьра 17 шықәса ахыҵра инамаданы."Иуадаҩыз аамҭазы агәымшәареи афырхаҵареи аазырԥшыз Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар изықәшәаз ауадаҩра иахәҭаз аҭак арҭеит. Иахьа ҳара ҳаҭыр дула иаҳгәалаҳаршәоит зыԥсҭазаара ахҭынҵаны, еиҵагыло абиԥарақәа рзы аҭынчреи аҭышәынтәалареи аазгаз зегьы", — ҳәа аҳәоит атекст аҿы.Аусбарҭаҿы инаҵшьны иазгәарҭеит ари агәалашәара амш аҽны Аԥсны Аҳәынҭқарра Аахыҵ Уаԥстәыла аиашьаратә жәлар ишрыдгыло, аибашьраан иҭахаз рзы ргәырҩа шрыцеиҩыршо.
Ростовтәи аҟазацәа Аԥсны аихамҩатә туннельқәа жәаба гәарҭараны иҟоуп. Дара аангыларҭа "Абааҭа" аҟнытә иалагеит, имҩаԥыргеит алазертә ақәҭыхра, ашьарсҭақәеи аҵҟьақәеи гәарҭеит, абетон аӷәӷәара еилыркааит, иара убас егьырҭ аҭҵаарақәагьы мҩаԥыргеит.Ари зегьы аинфраструктура аҭагылазаашьа ахәшьара аҭареи амҩатә шәарҭадара аԥҵареи рзы ихымԥадатәиуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсныеихамҩа.Аихшьаалақәа рыла аҟазацәа атуннельқәа зегьы рзы алкаақәа ҟаҵаны аиҭашьақәыргыларазы абжьгарақәа раҳасабырба аилахәыра анапхгара ирырҭоит.
Гоша Куценкои агәыԥ ГК-и Аԥсуа драматә театр ашҭаҿы иқәгылоит нанҳәа жәаба рзы. Ауснагӡатә мҩаԥысуеит Псковтәи аобласт аделегациа Аԥсныҟа раара аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳәа аанацҳауеит Акультура аминистрра. Аконцерт алагоит асааҭ 19:00 рзы. Иара убас, август 10 асааҭ 21:00 рзы, август 11 асааҭ 20:30 рзы амшынбаӷәазаҿы идырбахоит амультимедиатә қәгылара "Апринцесса Ольга".
Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои аусхк ахаҭарнакцәеи дареи Аԥсны атуризм аҿиара азҵаарақәа ирылацәажәеит.Аиԥылараҿы ажәалагала ҟаҵан акультуратә, агастрономтә, аспорттә усмҩаԥгатәқәа злахәу ахҭыстә мзар аԥҵаразы ҳәа аанацҳауеит Атуризм аминистрра.Иара убас ирзааҭгылан Аԥсны ақыҭарақәа рахь аԥсшьаҩцәа рнагара, ашәыртә парки Аҟәа "Апатырқалтә мҩадуи" раԥҵара, иара убас Ауадҳареи Кәыдрытәи аҩхааи рҟны аӡынтәи алшарақәа рыҿиара.Аганқәа, иара убас иалацәажәеит ихароу аҭыԥқәа рахь анеира алыршаразы авертолиотқәа рхархәареи VIP-екскурсиақәа реиҿкаареи. Аԥсны егьырҭ атуристтә тәылақәа зегь реиԥш, акурорттә аамҭахәҭаз аҳәаа ҟамлартә иҟаҵатәуп иҳәеит аԥыза-министр Владимир Делба Sputnik апресс-конференциаҟны.Иара иазгәеиҭеит, акыр шықәса шҵуа атуризм аекономика ахырхарҭа хадақәа иреиуаны иалкаауеижьҭеи, ааԥхьара ҟаиҵеит аицлабра "Зысасгәашә аарту Аԥсны" рхы аладырхәырц."Ари аус зырҿио ауаа ралархәра даара акраҵанакуеит. Урҭ рышьаҭала акыр зҵазкуа аӡбарақәа рыдыркылалоит, урҭ ҳҳәынҭқарра аҿиаразы амч арҭоит", — ҳәа азгәеиҭеит Делба. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адышшыларатә шәҟәы рышьҭит Хәымштәи аибашьра 17 шықәса ахыҵра инамаданы."Иуадаҩыз аамҭазы агәымшәареи афырхаҵареи аазырԥшыз Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар изықәшәаз ауадаҩра иахәҭаз аҭак арҭеит. Иахьа ҳара ҳаҭыр дула иаҳгәалаҳаршәоит зыԥсҭазаара ахҭынҵаны, еиҵагыло абиԥарақәа рзы аҭынчреи аҭышәынтәалареи аазгаз зегьы", — ҳәа аҳәоит атекст аҿы.Аусбарҭаҿы инаҵшьны иазгәарҭеит ари агәалашәара амш аҽны Аԥсны Аҳәынҭқарра Аахыҵ Уаԥстәыла аиашьаратә жәлар ишрыдгыло, аибашьраан иҭахаз рзы ргәырҩа шрыцеиҩыршо. Ростовтәи аҟазацәа Аԥсны аихамҩатә туннельқәа жәаба гәарҭараны иҟоуп. Дара аангыларҭа "Абааҭа" аҟнытә иалагеит, имҩаԥыргеит алазертә ақәҭыхра, ашьарсҭақәеи аҵҟьақәеи гәарҭеит, абетон аӷәӷәара еилыркааит, иара убас егьырҭ аҭҵаарақәагьы мҩаԥыргеит.Ари зегьы аинфраструктура аҭагылазаашьа ахәшьара аҭареи амҩатә шәарҭадара аԥҵареи рзы ихымԥадатәиуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсныеихамҩа.Аихшьаалақәа рыла аҟазацәа атуннельқәа зегьы рзы алкаақәа ҟаҵаны аиҭашьақәыргыларазы абжьгарақәа раҳасабырба аилахәыра анапхгара ирырҭоит. Гоша Куценкои агәыԥ ГК-и Аԥсуа драматә театр ашҭаҿы иқәгылоит нанҳәа жәаба рзы. Ауснагӡатә мҩаԥысуеит Псковтәи аобласт аделегациа Аԥсныҟа раара аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳәа аанацҳауеит Акультура аминистрра. Аконцерт алагоит асааҭ 19:00 рзы. Иара убас, август 10 асааҭ 21:00 рзы, август 11 асааҭ 20:30 рзы амшынбаӷәазаҿы идырбахоит амультимедиатә қәгылара "Апринцесса Ольга".
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/08/08/1056783215_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_464f98379d13866d95d09c0d2ab7ae4f.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио