https://sputnik-abkhazia.info/20250808/1056793195.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
08.08.2025, Sputnik Аҧсны
2025-08-08T18:01+0300
2025-08-08T18:01+0300
2025-08-08T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/08/08/1056793063_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_f76055160938cc4f02d07f5ad86d9d99.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахада Бадра Гәынба аԥыза-министр Владимир Делба адҵа ииҭаз адҵа инақәыршәаны аԥсабаратә рыцҳара ахьыҟалаз аҭыԥ аҭагылазаашьа ҭҵааны , уи ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы ажәалагалақәа азирхиароуп .Амшцәгьа Гагра араион ааха анаҭеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра.▪️Ԥсоу аӡы аҩаӡара ахьышьҭыҵыз иахҟьаны Урыстәыла аҳәаа иаԥну ақыҭа Ԥсоу аҿы амашьынаргыларҭа аӡы иаӡәӡәеит, Гьачрыԥшь – Ашколтә мҩаҿы ҩ-нхарҭаҭыԥк аӡы рыҵалеит.▪️Гагра, Арӡынба имҩадуи аихамҩеи аҵлақәа рықәҳаит, аиқәырхаҩцәа урҭ ықәыргон Риҵатәи амилаҭтә парк аҿы аӡыҳәнҵәа иахҟьаны аӡәгьы ааха имоуӡеит. Ахатәы ргыларақәеи машьынақәаки ықәнагеит, аҭыԥ аҿы аусурақәа мҩаԥысуеит.
Агәаҭара-аушьҭырҭатә ҭыԥ Ԥсоу ашьаҟауааи автомашьынақәеи риасра еиҭашьақәыргылоуп аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысратә режим ишахәҭоу еиԥш аус ауеит, ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә усбарҭа апресс-маҵзура.Аԥкрақәа алагалан Шәача аԥырҩы дызҭам аппарат ала рыла ақәылараз ашәарҭара ахьыҟаз азы.
Бадра Гәынба Изакәанымкәа анаркотикқәа реикәыршара аҿагыларазы Аԥсны ахада иҿы ахеилак аԥҵаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит. Абри атәы аанацҳаит ахада ипресс-маҵзура.Гагра араион аҿы амшцәгьа иахҟьаны адәыӷбақәа рныҟәара ԥырхага амам ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит "Аԥсныеихамҩа" аҿы.
Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәылеи Аԥсни рҳәаа иахьаҵанакуа ашәарҭадаратә уснагӡатәқәеи амҩатә ныҟәара ахылаԥшреи арӷәӷәеит.Агәаҭаратә ҭыԥ "Ԥсоу" аамҭала аркра инамаданы, ҩ-километрак рҟынӡа амашьынақәа ргәаран шьақәгылеит ҳәа азгәарҭеит аусбарҭаҿы.Цандрыԥшь аамҭалатәи амҩа-хылаԥшратә маҵзура (ДПС) апункт дыргылеит, уи атранспорт аныҟәареи аиԥынгылареи хылаԥшра азнауеит. Апост "Баӷрыԥсҭа" адҵа амоуп аҳәаахь ицо амашьынақәа дырхынҳәларц.
Гагра араион ахь Аҳәынҭавтоинспекциа аекипажқәа инацҵаны идәықәҵан "Мысра", "Бзыԥ" апостқәа русзуҩцәагьы аҳәааҿы иҟоу аҭагылазаашьазы амашьынарныҟәцаҩцәа рышьҭахьҟа игьежьырц абжьгарақәа рырҭон. Аҳәынҭқарратә автоинспекциа ареспубликатә мҩаду аҿы иҟоу аҭагылазаашьа азы аамҭа-аамҭала адыррақәа ҟанаҵалоит.
Аԥсны ахәҭак лашарада иаанхоит нанҳәамза 9 рзы.Асааҭ 05:00 инаркны 07:00 рҟынӡа ацәаҳәа "Очамчыра" иазыруа аремонт иахҟьаны иаҿырхуеит астанциа маҷқәа "Аҟәа-1", "Аҟәа-2", "Бзыԥ", "Алаҳаӡы", "Пицунда", иара убас Гәдоуҭа араион астанциа маҷқәа зегьы ҳәа аанацҳаит Аенергетика аминистрра.
Аԥсны ахада Бадра Гәынба аԥыза-министр Владимир Делба адҵа ииҭаз адҵа инақәыршәаны аԥсабаратә рыцҳара ахьыҟалаз аҭыԥ аҭагылазаашьа ҭҵааны , уи ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы ажәалагалақәа азирхиароуп .Амшцәгьа Гагра араион ааха анаҭеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра.▪️Ԥсоу аӡы аҩаӡара ахьышьҭыҵыз иахҟьаны Урыстәыла аҳәаа иаԥну ақыҭа Ԥсоу аҿы амашьынаргыларҭа аӡы иаӡәӡәеит, Гьачрыԥшь – Ашколтә мҩаҿы ҩ-нхарҭаҭыԥк аӡы рыҵалеит.▪️Гагра, Арӡынба имҩадуи аихамҩеи аҵлақәа рықәҳаит, аиқәырхаҩцәа урҭ ықәыргон Риҵатәи амилаҭтә парк аҿы аӡыҳәнҵәа иахҟьаны аӡәгьы ааха имоуӡеит. Ахатәы ргыларақәеи машьынақәаки ықәнагеит, аҭыԥ аҿы аусурақәа мҩаԥысуеит. Агәаҭара-аушьҭырҭатә ҭыԥ Ԥсоу ашьаҟауааи автомашьынақәеи риасра еиҭашьақәыргылоуп аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысратә режим ишахәҭоу еиԥш аус ауеит, ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә усбарҭа апресс-маҵзура.Аԥкрақәа алагалан Шәача аԥырҩы дызҭам аппарат ала рыла ақәылараз ашәарҭара ахьыҟаз азы. Бадра Гәынба Изакәанымкәа анаркотикқәа реикәыршара аҿагыларазы Аԥсны ахада иҿы ахеилак аԥҵаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит. Абри атәы аанацҳаит ахада ипресс-маҵзура.Гагра араион аҿы амшцәгьа иахҟьаны адәыӷбақәа рныҟәара ԥырхага амам ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит "Аԥсныеихамҩа" аҿы. Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәылеи Аԥсни рҳәаа иахьаҵанакуа ашәарҭадаратә уснагӡатәқәеи амҩатә ныҟәара ахылаԥшреи арӷәӷәеит.Агәаҭаратә ҭыԥ "Ԥсоу" аамҭала аркра инамаданы, ҩ-километрак рҟынӡа амашьынақәа ргәаран шьақәгылеит ҳәа азгәарҭеит аусбарҭаҿы.Цандрыԥшь аамҭалатәи амҩа-хылаԥшратә маҵзура (ДПС) апункт дыргылеит, уи атранспорт аныҟәареи аиԥынгылареи хылаԥшра азнауеит. Апост "Баӷрыԥсҭа" адҵа амоуп аҳәаахь ицо амашьынақәа дырхынҳәларц. Гагра араион ахь Аҳәынҭавтоинспекциа аекипажқәа инацҵаны идәықәҵан "Мысра", "Бзыԥ" апостқәа русзуҩцәагьы аҳәааҿы иҟоу аҭагылазаашьазы амашьынарныҟәцаҩцәа рышьҭахьҟа игьежьырц абжьгарақәа рырҭон. Аҳәынҭқарратә автоинспекциа ареспубликатә мҩаду аҿы иҟоу аҭагылазаашьа азы аамҭа-аамҭала адыррақәа ҟанаҵалоит. Аԥсны ахәҭак лашарада иаанхоит нанҳәамза 9 рзы.Асааҭ 05:00 инаркны 07:00 рҟынӡа ацәаҳәа "Очамчыра" иазыруа аремонт иахҟьаны иаҿырхуеит астанциа маҷқәа "Аҟәа-1", "Аҟәа-2", "Бзыԥ", "Алаҳаӡы", "Пицунда", иара убас Гәдоуҭа араион астанциа маҷқәа зегьы ҳәа аанацҳаит Аенергетика аминистрра.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/08/08/1056793063_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_e900d76bd4cfce65b38af9cd17765c7c.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио