00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
30 мин
13:00
30 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:31
3 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны аусура иаладыргеит аицлабра "Аԥсны амедиа ҿыцқәа"

© Sputnik / Томас ТхайцукКонкурс "Новые медиа Абхазии" запустили в республике
Конкурс Новые медиа Абхазии запустили в республике - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.08.2025
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 8 - Sputnik. Ареспублика аинформациатә суверенитет аԥҵаразы аицлабра "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" хымԥада иалагалатәуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны ахада Иусбарҭа аинформациатә хархәагақәа рымадаразы аҟәша аиҳабы Алхас Ҷолокәуа Sputnik аҿы имҩаԥысыз апресс-конференциаҿы.
Уи игәаанагарала, аицлабра иабзоураны ареспубликаҿы ҳаамҭазтәи ахәыцра змоу ажурналистцәеи аблогерцәеи рхыԥхьаӡара иацлоит, уи атәыла ахыԥшеи жәларбжьаратәи аплатформақәа рҿы аӡыргареи рҿы хра злоу анырра ҟанаҵоит.
Иара иазгәеиҭеит Аԥснытәи ажурналистцәа 1992-1993 шықәсқәа рзы аинформациатә еибашьраҿы аиааира шыргаз.
Уи инаҵшьны иҳәеит Қырҭтәыла акыр еиҳаз алшарақәа шамазгьы, аинформациатә еибашьраҿы хыԥхьаӡарала еиҳа имаҷыз аԥсадгьыл абзиабара иабылуаз апрофессионалтә аԥсуа журналистцәа аиааира шыргаз. Аӷагьы уи дақәшаҳаҭхар акәхеит.
"Иҟалап, аԥсадгьыл ахь абзиабара, ахҭысқәа шыҟаҵәҟьаз азы аиаша аҳәаразы агәаҳәара еиҳа аԥыжәара роузар, убри абзоуралоуп ҳколлегацәа аинформациатә блокада аиааира шрылшаз", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Иара убас, Ҷолокәуа иазгәеиҭеит аицлабра "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" амҩаԥгара аҵак ду шамоу, уи ҳаамҭазы ареспублика аинформациатә суверенитет ашьақәыргылараҿы ацхыраара ду шыҟанаҵо.
"Амедиа ҿыцқәа рҟазарҭа" ашьаҭаркҩы Иулиа Аблец Аицлабра "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" алахәхаразы арзаҳалқәа арҭахьеит 50-ҩык ҳәа лҳәеит Sputnik аҿы имҩаԥгаз апресс-конференциаҿы.
Арзаҳалқәа рыдыркылоит цәыббра 16 рҟынӡа. Апрограмма аушьҭымҭацәа апрактикатә дыррақәа роуеит, Аԥсни Урыстәылеи иреиӷьу амедиаструктурақәа рҿы астажировка ахысра, аексперттә дгылара, уимоу, рхатәы медиапроект аԥҵаразгьы алшара роуеит.
"Ари иабзоураны шәара шәеиԥш зықьҩыки бжаки инареиҳаны зтәылақәа ирыцхраар зҭаху, аҟазаратә, арҿиаратә, иҵоуроу аконтент азы аудиториа аус ацура зҭаху амедиа-специалистцәа рыцхыраара роуеит. Насгьы, ҳапрактика ишаҳнарбо ала, ҳапрограммақәа роушьҭымҭацәа рыла ишьақәгылоу ауаажәларра амч ауп аус дуқәа рынагӡараҿы ацхыраара ҟазҵо", — ҳәа лҳәеит Аблец.
Аицлабра "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" рхы аладырхәыр рылшоит ажурналистцәа, аблогерцәа, апродиусерцәа, асценаристцәа, арежиссиорцәа, апресс-маӡаныҟәгаҩцәа.
Азыҟаҵаратә программа ԥшь-модульк рыла ишьақәгылоуп ҳәа иҳәеит аицлабра аԥшьгаҩ, "Аԥсны акоманда" афиналист Артур Чакриан. Актәи аетап аҿы 50-ҩык алахәылацәа ҟалоит, урҭ рарзаҳалқәа алххоит, анаҩс гәыԥ-гәыԥла еихшаны, аҟазацәа рыбжьара еихыршоит, урҭ дара рзы аусуратә программа шьақәдыргылоит.
Иара убас, "Зысасгәашә аарту Аԥсны" апроекти иареи ринтеграциа азԥхьагәаҭоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Аусмҩаԥгатә алахәылацәа қәрала 18 - 55 шықәса ирыҵаркуеит, урҭ Аԥсны иатәылауаазароуп. Арзаҳалқәа рыдыркылоит цәыббра 15 рҟынӡа, алԥшаарақәа рылҵшәақәа еилкаахоит жьҭаарамза алагамҭазы, Урыстәылеи Аԥсни рҿы хаҭалатәи амодульқәа жьҭаарамза инаркны хәажәкырамза анҵәамҭанӡа имҩаԥыслоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0