https://sputnik-abkhazia.info/20250910/1057445106.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны аҳәынҭқарра ахада иҿы иаԥҵоуп амилаҭбжьаратәи адинхаҵарабжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы ахеилак. Абри азы аусԥҟа инапы аҵеиҩит аҳәынҭқарра ахада Бадра... 10.09.2025, Sputnik Аҧсны
2025-09-10T18:01+0300
2025-09-10T18:01+0300
2025-09-10T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/09/0a/1057444940_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_7d0d4082fa410fa2e0fb171d6a836ce0.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны аҳәынҭқарра ахада иҿы иаԥҵоуп амилаҭбжьаратәи адинхаҵарабжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы ахеилак. Абри азы аусԥҟа инапы аҵеиҩит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада иусбарҭа апресс-маҵзура. Аҳәынҭқарра ахада хантәаҩыс дызмоу ахеилак аилазаараҿы иҟоуп аҳәынҭқарратә усбарҭақәа, адинтә еилазаарақәа, ақьырсиан, аԥсылман, аерман, абырзен, аурым милаҭтә уаԥшьқәа рхаҭарнакцәа, иара убас ауаажәларратә усзуҩцәеи аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭа аусзуҩцәеи.
Нанҳәамза инаркны Аԥсны инхо ауааԥсыра рҟынтәи Урыстәыла атәылауаҩра аиуразы арзаҳалқәа ҩ-нызқь инареиҳаны иаларҵахьеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа Аконсултә маҵзура. Арзаҳалқәа алаҵара рылшоит зықәра наӡахьоу, зылшара бзиоу, 2008 шықәса нанҳәамза 26 рзы Аԥсны атәылауаҩра змаз, арзаҳал аныҟарҵоз аамҭазы уи зтәылауаҩра зцәымӡыц атәылауаа. Аусшәҟәқәа рыдыркылоит Аконсултә маҵзураҿы. Аофициалтә саит ала адкыларазы аҽанҵара алшоит. Арзаҳал аус адулара фымз рҟынӡа аамҭа аҭаххоит. Урыстәыла атәылауаҩра аиуразы иҟаҵатәу инарҭбааны Sputnik асаит аҟны.
Гагра араион аӡиас Лаԥсҭа аӡышьҭра дрыцқьеит. Амшцәгьа ашьҭахь, аӡышьҭра ахаҳәмҿыҳә, агәамсам, алыкь уҳәа егьырҭ аанышәеиқәыжьқәа рыла иҭәын, уи иахҟьаны адәыӷбамҩатә цҳа лассы-лассы аӡы аҵалон, аныҟәара ашәарҭара азцәырнагон ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныеихамҩа". Иҷыдоу атехника рхы иархәаны, абригадақәа иҟаз аԥынгылақәа аԥырырхит, аӡиас амҩасра еиҭашьақәдыргылеит. Ари амҩахәҭаҿы аныҟәара шәарҭара аҵам.
Ԥсҳәы Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаан Санчаратәи ашьхахыҵырҭаҿы иҭахаз 12-ҩык асовет еибашьцәа рбаҟа аадыртит. Аусмҩаԥгатә иалахәын Аԥсны атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, уи ихаҭыԥуаҩ, аинрал-маиор Давид Бжьаниа. "Кавказ ахьчаҩцәа рыԥсҭазаара ахҭынҵаны ирылшеит аӷа иҿагылара. Ҳара ахаангьы иаҳхашҭуам Аиааира аагараҿы Аԥсны иреиӷьыз аԥацәеи аԥҳацәеи рхы шахҭнырҵаз", — ҳәа иҳәеит Бжьаниа.
Урыстәылатәи Арбџьармчқәа Ивано-Франковск, Хмельницк, Житомир аобластқәа рҿы, иара убас Винницеи Львови ақалақьқәа рҿы иҟоу Украинатәи арра-ааглыхратә комплекс анаплакқәа ааха ӷәӷәа рырҭеит. Атәылахьчара аминистрра иҟанаҵо адыррақәа рыла, Львов ақалақь аҿы акәылӡтехникеи, авиациатә техникеи, адронқәи ахьҭрыжьуа ацехқәа ааха рыҭоуп. Аусбарҭаҿ иазгәарҭеит, Польша аҵакыраҿы жәылара шымҩаԥгамыз. Польшатәи аҳәаа иахысызшәа иазгәарҭуа, урыстәылатәи адронқәа рыыԥырра алшара 700 километра иреиҳам. Урыстәыла азхиоуп ари азҵааразы Польшатәи атәылахьчара аминистр иацәажәара.
Аԥсны аҳәынҭқарра ахада иҿы иаԥҵоуп амилаҭбжьаратәи адинхаҵарабжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы ахеилак. Абри азы аусԥҟа инапы аҵеиҩит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада иусбарҭа апресс-маҵзура. Аҳәынҭқарра ахада хантәаҩыс дызмоу ахеилак аилазаараҿы иҟоуп аҳәынҭқарратә усбарҭақәа, адинтә еилазаарақәа, ақьырсиан, аԥсылман, аерман, абырзен, аурым милаҭтә уаԥшьқәа рхаҭарнакцәа, иара убас ауаажәларратә усзуҩцәеи аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭа аусзуҩцәеи. Нанҳәамза инаркны Аԥсны инхо ауааԥсыра рҟынтәи Урыстәыла атәылауаҩра аиуразы арзаҳалқәа ҩ-нызқь инареиҳаны иаларҵахьеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа Аконсултә маҵзура. Арзаҳалқәа алаҵара рылшоит зықәра наӡахьоу, зылшара бзиоу, 2008 шықәса нанҳәамза 26 рзы Аԥсны атәылауаҩра змаз, арзаҳал аныҟарҵоз аамҭазы уи зтәылауаҩра зцәымӡыц атәылауаа. Аусшәҟәқәа рыдыркылоит Аконсултә маҵзураҿы. Аофициалтә саит ала адкыларазы аҽанҵара алшоит. Арзаҳал аус адулара фымз рҟынӡа аамҭа аҭаххоит. Урыстәыла атәылауаҩра аиуразы иҟаҵатәу инарҭбааны Sputnik асаит аҟны. Гагра араион аӡиас Лаԥсҭа аӡышьҭра дрыцқьеит. Амшцәгьа ашьҭахь, аӡышьҭра ахаҳәмҿыҳә, агәамсам, алыкь уҳәа егьырҭ аанышәеиқәыжьқәа рыла иҭәын, уи иахҟьаны адәыӷбамҩатә цҳа лассы-лассы аӡы аҵалон, аныҟәара ашәарҭара азцәырнагон ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныеихамҩа". Иҷыдоу атехника рхы иархәаны, абригадақәа иҟаз аԥынгылақәа аԥырырхит, аӡиас амҩасра еиҭашьақәдыргылеит. Ари амҩахәҭаҿы аныҟәара шәарҭара аҵам. Ԥсҳәы Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаан Санчаратәи ашьхахыҵырҭаҿы иҭахаз 12-ҩык асовет еибашьцәа рбаҟа аадыртит. Аусмҩаԥгатә иалахәын Аԥсны атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, уи ихаҭыԥуаҩ, аинрал-маиор Давид Бжьаниа. "Кавказ ахьчаҩцәа рыԥсҭазаара ахҭынҵаны ирылшеит аӷа иҿагылара. Ҳара ахаангьы иаҳхашҭуам Аиааира аагараҿы Аԥсны иреиӷьыз аԥацәеи аԥҳацәеи рхы шахҭнырҵаз", — ҳәа иҳәеит Бжьаниа. Урыстәылатәи Арбџьармчқәа Ивано-Франковск, Хмельницк, Житомир аобластқәа рҿы, иара убас Винницеи Львови ақалақьқәа рҿы иҟоу Украинатәи арра-ааглыхратә комплекс анаплакқәа ааха ӷәӷәа рырҭеит. Атәылахьчара аминистрра иҟанаҵо адыррақәа рыла, Львов ақалақь аҿы акәылӡтехникеи, авиациатә техникеи, адронқәи ахьҭрыжьуа ацехқәа ааха рыҭоуп. Аусбарҭаҿ иазгәарҭеит, Польша аҵакыраҿы жәылара шымҩаԥгамыз. Польшатәи аҳәаа иахысызшәа иазгәарҭуа, урыстәылатәи адронқәа рыыԥырра алшара 700 километра иреиҳам. Урыстәыла азхиоуп ари азҵааразы Польшатәи атәылахьчара аминистр иацәажәара.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/09/0a/1057444940_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_9e1c69e0db5d53fa60f60419327ee38b.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио