Ацәыргақәҵа "Москва – Аҟәа. Азеиԥш шәышықәса аҟазара" аартызаауеит жьҭаарамза нҵәаанӡа
17:00 16.09.2025 (ирҿыцуп: 18:27 16.09.2025)
© Sputnik / Томас ТхайцукНациональная галерея Абхазии

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 16 - Sputnik. Ацәыргақәҵа "Москва – Аҟәа. Азеиԥш шәышықәса аҟазара" Аԥсны Амилаҭтә сахьатә галереиаҿы иаартызаауеит жьҭаарамза нҵәаанӡа ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит агалереиа адиректор Сурам Сақаниа.
Ацәыргақәҵа Амилаҭтә сахьатә галереиа абылрашьҭахьтәи аартра иақәыршәоуп. Уи азы Урыстәыла акультура аминистрра Москвеи Санкт-Петербурги рҟынтәи 28 усумҭақәа еизганы Аԥсны ҳамҭас ианаҭеит.
Сурам Сақаниа иажәақәа рыла, ацәыргақәҵа аинтерес ду амоуп, убри аҟнытә аамҭа иацҵазарц рыӡбеит.
"Ҳәарада, уи амза анҵәамҭанӡа иаартызаауеит, жьҭаарамзазгьы, иҟалап, иацҵахар. Ацәыргақәҵа аусура аамҭа иалагӡаны, ҽнак ала 50-100-ҩык ауаа аҭаауан. Аԥсны, СССР аамҭақәа раахыс, асеиԥш ахәыҷқәа асахьаҭыхратә галереиаҿы иааны, асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа рыԥшӡара иахәаԥшыртә еиԥш аҭагылазаашьа ҳамамызт", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Сақаниа.