https://sputnik-abkhazia.info/20250916/bargania-afestival-asny-khykys-iamou-moskvaai-asny-aynkha-beia-dyrdyrra-aup-1057577210.html
Барганџьиа: афестиваль "Аԥсны" хықәкыс иамоу москвааи Аԥсны аҭынха беиа дырдырра ауп
Барганџьиа: афестиваль "Аԥсны" хықәкыс иамоу москвааи Аԥсны аҭынха беиа дырдырра ауп
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, цәыббра 16 - Sputnik. Аԥсуа культура афестиваль "Аԥсны" хықәкы хадас иамоу аҳҭнықалақь асасцәеи москвааи Аԥсны аҭынха беиа дырдырра ауп ҳәа иҳәеит... 16.09.2025, Sputnik Аҧсны
2025-09-16T11:40+0300
2025-09-16T11:40+0300
2025-09-16T20:37+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102760/33/1027603381_0:78:1500:922_1920x0_80_0_0_bf3bf07bdd04459e3e5871ce748a8b31.jpg
АҞӘА, цәыббра 16 - Sputnik. Аԥсуа культура афестиваль "Аԥсны" хықәкы хадас иамоу аҳҭнықалақь асасцәеи москвааи Аԥсны аҭынха беиа дырдырра ауп ҳәа иҳәеит Москватәи аԥсуа диаспора анагӡаратә директор Даур Барганџьиа арадио Sputnik иаиҭаз аинтервиу аҿы. Сынтәа афестиваль хәынтәуп имҩаԥысуеижьҭеи. Уи мҩаԥгахоит цәыббра 21 рзы Москватәи абаҳча "Аермитаж" аҿы. Афестиваль атема "Аԥсны акультурақәа реихысырҭаҿы". "Ҳҭоурыхтә ҭынхаҿы еиуеиԥшым ацивилизациақәа рыбжьырацәа еиқәханы ишыҟоу азгәаҭаны, урҭ акультурақәа зегьы раарԥшра ҳҭахуп, иаҳҭахуп Аԥсны урҭ рымҩеихысырҭаҿы ишыҟаз азгәаҳҭарц", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара. Уи адагьы, афестиваль асасцәа алшара роуеит аԥсуа милаҭтә чыс агьама абареи, аԥсуа естрадеи Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә амилаҭтә музыка арҳәагақәа роркестр инарыгӡо амелодиақәеи рырзыӡырҩра.
https://sputnik-abkhazia.info/20250908/asua-kultura-afestival-asny-magakhoit-moskva-tsybbramza-21-rzy-1057388105.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102760/33/1027603381_84:0:1417:1000_1920x0_80_0_0_b87eb552135ac6b6436fd4e496f99b2f.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, акультура
ажәабжьқәа, аԥсны, акультура
Барганџьиа: афестиваль "Аԥсны" хықәкыс иамоу москвааи Аԥсны аҭынха беиа дырдырра ауп
11:40 16.09.2025 (ирҿыцуп: 20:37 16.09.2025) АҞӘА, цәыббра 16 - Sputnik. Аԥсуа культура афестиваль "Аԥсны" хықәкы хадас иамоу аҳҭнықалақь асасцәеи москвааи Аԥсны аҭынха беиа дырдырра ауп ҳәа иҳәеит Москватәи аԥсуа диаспора анагӡаратә директор Даур Барганџьиа арадио Sputnik иаиҭаз аинтервиу аҿы.
Сынтәа афестиваль хәынтәуп имҩаԥысуеижьҭеи. Уи мҩаԥгахоит цәыббра 21 рзы Москватәи абаҳча "Аермитаж" аҿы.
"Ҳара ҳҭааҩцәа аԥсуа культура дҳардыруеит, ҳҭоурыхтә ҭынха атәы рзеиҭаҳҳәоит, ҳзызгәдуу зегьы дҳарбоит. Хықәкыс иҳамоу ауаа Аԥсныҟа раара, ҳаԥсадгьыл џьашьахәу аԥшӡара абаразы ргәазыҳәара арҿыхара", — ҳәа азгәеиҭеит Барганџьиа.
Афестиваль атема "Аԥсны акультурақәа реихысырҭаҿы".
"Ҳҭоурыхтә ҭынхаҿы еиуеиԥшым ацивилизациақәа рыбжьырацәа еиқәханы ишыҟоу азгәаҭаны, урҭ акультурақәа зегьы раарԥшра ҳҭахуп, иаҳҭахуп Аԥсны урҭ рымҩеихысырҭаҿы ишыҟаз азгәаҳҭарц", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Уи адагьы, афестиваль асасцәа алшара роуеит аԥсуа милаҭтә чыс агьама абареи, аԥсуа естрадеи Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә амилаҭтә музыка арҳәагақәа роркестр инарыгӡо амелодиақәеи рырзыӡырҩра.