https://sputnik-abkhazia.info/20250928/abla-agy-iasarkoup-ablaa-irykhaau-azhaaei-ur-rakei-1057676309.html
"Абла агәы иасаркьоуп": аблақәа ирыхҳәаау ажәаԥҟақәеи урҭ рҵакқәеи
"Абла агәы иасаркьоуп": аблақәа ирыхҳәаау ажәаԥҟақәеи урҭ рҵакқәеи
Sputnik Аҧсны
Ауаҩы иҩныҵҟатәи идунеи зхубаало акәны иҟоуп − иблақәа. Аблақәа ирыхҳәаау аԥсуа жәаԥҟақәаки урҭ рҵакқәеи ирызкуп Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә... 28.09.2025, Sputnik Аҧсны
2025-09-28T09:00+0300
2025-09-28T09:00+0300
2025-09-28T09:00+0300
аԥсны
жәлар рдоуҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102090/64/1020906421_0:0:3195:1797_1920x0_80_0_0_58a96a7a853069a77535b364a29005ef.jpg
Рыгәра згоит сара бара быблақәа,Быблақәа ирыҵыԥхо былаԥш ашәахәа.Илашоит урҭ, маӡа ҵәахык рыҵамкәа,Бара быблақәа аразра зхыхәхәо.Мушьни МиқаиаАуаҩы иҩнуҵҟатәи идунеи зхубаало акәны иҟоуп – иблақәа. Блақәак ирылшоит мрашәа акаԥхара, акәша-мыкәша зегьы рԥхо. Урҭ урхыԥшыланаҵ иулымшо ак ыҟам. Даҽа блақәак угозар, ирхубаало ҵоурам, итымитышоуп ҵа змаӡам.Ҳаԥсуа сахьаркыратә литература иагәылыҷҷаауа аҩымҭақәа ҳзаанзыжьыз Баграт Уасил-иԥа Шьынқәба, еицырдыруа ироман "Ацынҵәарах" аҟны ан дазырбо еиҿырԥшрак ааигоит: "Аукы, шкәакәак, лыбла ӷрақәа есымша ичча-ччо, аразра рхыҳәҳәыла, лыхцәы хьаԥшшәыла, асаара ишьҭасуа, лыбжьы хаакәакәараӡа, уажәыгь ашьхакаԥкаԥ абжьеиԥш сгәы иқәыҩуеит".Автор ан лҭеиҭыԥш аарԥшраан иазгәаиҭоит "лыблақәа есымша ишыччоз, аразра рхыҳәҳәыла" ишыҟоу. Ус акәзар, аԥсабара илынаҭаз аԥшӡара адагьы, аҩнeҵҟатәи аԥшӡарагьы лылоуп. Аӡыхь еиԥш ицқьоу уаҩы лашан, ҳәаа змамыз ахаара лыҵан. Уи атәы шьақәдырӷәӷәоит лыблақәа раарԥшышьа.Баша ирҳәом "абла агәы иасаркьоуп". Ибааԥсу аҩнeҵҟатәи адунеи шә-саԥатк аҿаҵаны исҵәахуеит ҳәа уалагаргьы, мышкы-зны ублақәа урымҭиир залшахуам. Аблақәа роуп изхубаало ауаҩԥсы дзеиԥшраҵәҟьоу.Ауаҩы иажәаҳәа хазырҭәаауа, аҟәыӷара цәаҩа азҭо ракәны иҟоуп ажәаԥҟақәа. Ажәаԥҟақәа реилазаараҿы иуԥылоит хықәкыла аблақәа ирыхҳәаау: "Абла ахыхь аџьымшь ыҟоуп", "Абла иаԥыругаз - агәы иҭаумҵәахын", "Абла уаара аҵкыс - ахатәы бла кьаҳә", "Абла иамбо агәы изҭалом","Аблеи аблеи еицәыԥхашьоит","Абла ахьҭам лаӷырӡ заауам", "Бла иабо хы иаԥсоуп" уҳәа.Ажәаԥҟақәеи аҵакқәеиЕснагь ҳәоук ашәага-зага иҭаӡо, ахшыҩҵак сахьаркны, игәылыршәаны иаазырԥшуа ажәаԥҟақәа рахьтә иалыскаарҵ сҭахуп аблақәа ирыхҳәаау жәаԥҟақәаки урҭ рҵакқәеи:Зыбла аарту аԥшәма ихәашагьы ҿаҵоуп. Зыбла хту, игәырӷьа-гәырӷьо асасцәа ирԥылаз аԥшәма, фатә бзиаӡак изцәырымгаргьы, иҭааҩцәа ҳаҭыр рықәҵаны, дреигәырӷьаны идикылоит.Аблақәа еишьцәоуп, аха изеибабом. Гәыла, шьала-дала еизааигәоу ауаа анзеилибамкаауа, ианзеибамдыруа, ма лассы-лассы ианзеибамбо абас рҳәоит.Зыбла хызҩаз мшаԥы имбаӡакәа ицеит. Ауаҩы ихәҭоу имҳәар, иахьихәҭоу дымцар, иқәнага ҟаимҵар, иҽиргаӡар, абас рҳәоит.Иҟалаша ҟалаанӡа ахәыц аблақәа ҭнахит. Акаамеҭ ҟалеит анырҳәа, ахәыц ала ҭнахит ҳәа. Ауаҩы иаԥхьаҟа иԥеиԥшу, изыԥшу атәы цқьа еилымкааӡакәа ихы иазеицәоу аныҟаиҵалак абас изырҳәоит.Аԥҳәызба лымҳала аҵкыс блала дҳәа. Аԥҳәызба иагьа дуддырҽхәаларгьы, иагьа лыӡбахә бзианы иуаҳаргьы, ухаҭа дубароуп, еилукаароуп лҟазшьа зеиԥшроу, насоуп дануҳәаша.Аты абла анаиу, аџьымшь аҳәон. Ауаҩы иага бзиара изуургьы, иага иуҭаргьы изымхакәа, иҵагьы данашьҭалалак, данаҳәалак, иԥсымҭәра анииааилак, ахархәара арҭоит абри ажәаԥҟа.Абнагьы алымҳа амоуп, адәгьы – аблақәа. Убжьы умырдуун, иуҳәо даҽаӡәы иаҳар алшоит ҳәа агәҽанызаара ирҭоит зыбжьы рдуны иҳәатәугьы-иҳәатәымгьы зҳәо. Ажәаԥҟа аҩбатәи ахәҭа иуанаҳәоит адәаҿы аиакәым ҟауҵар, аӡәы уибар шалшо атәы.Алашә ииҭаху ҩ-блакы. Ауаҩы ииҭаху, дзызхьуа, игәы ззыҳәо аус узыҟасҵеит ҳәа иауҳәар, абас иҳәоит.
https://sputnik-abkhazia.info/20250823/any-azaz-agraa-dylgan-ikaryzhuan-aikha-iakhaau-zgaaraak-1057082160.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220219/abla-anaiu-aymsh-aon-aty-iadalou-zhlar-razgaaraa-1037662562.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102090/64/1020906421_464:0:3195:2048_1920x0_80_0_0_00f50cc93787a350e009a55a8ac23e7e.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
жәлар рдоуҳа
"Абла агәы иасаркьоуп": аблақәа ирыхҳәаау ажәаԥҟақәеи урҭ рҵакқәеи
Сусанна Ҭаниаԥҳа
Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ
Ауаҩы иҩныҵҟатәи идунеи зхубаало акәны иҟоуп − иблақәа. Аблақәа ирыхҳәаау аԥсуа жәаԥҟақәаки урҭ рҵакқәеи ирызкуп Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа еидылкылаз аматериал.
Рыгәра згоит сара бара быблақәа,
Быблақәа ирыҵыԥхо былаԥш ашәахәа.
Илашоит урҭ, маӡа ҵәахык рыҵамкәа,
Бара быблақәа аразра зхыхәхәо.
Ауаҩы иҩнуҵҟатәи идунеи зхубаало акәны иҟоуп – иблақәа. Блақәак ирылшоит мрашәа акаԥхара, акәша-мыкәша зегьы рԥхо. Урҭ урхыԥшыланаҵ иулымшо ак ыҟам. Даҽа блақәак угозар, ирхубаало ҵоурам, итымитышоуп ҵа змаӡам.
Ҳаԥсуа сахьаркыратә литература иагәылыҷҷаауа аҩымҭақәа ҳзаанзыжьыз Баграт Уасил-иԥа Шьынқәба, еицырдыруа ироман "Ацынҵәарах" аҟны ан дазырбо еиҿырԥшрак ааигоит: "Аукы, шкәакәак, лыбла ӷрақәа есымша ичча-ччо, аразра рхыҳәҳәыла, лыхцәы хьаԥшшәыла, асаара ишьҭасуа, лыбжьы хаакәакәараӡа, уажәыгь ашьхакаԥкаԥ абжьеиԥш сгәы иқәыҩуеит".
Автор ан лҭеиҭыԥш аарԥшраан иазгәаиҭоит "лыблақәа есымша ишыччоз, аразра рхыҳәҳәыла" ишыҟоу. Ус акәзар, аԥсабара илынаҭаз аԥшӡара адагьы, аҩнeҵҟатәи аԥшӡарагьы лылоуп. Аӡыхь еиԥш ицқьоу уаҩы лашан, ҳәаа змамыз ахаара лыҵан. Уи атәы шьақәдырӷәӷәоит лыблақәа раарԥшышьа.
Баша ирҳәом "абла агәы иасаркьоуп". Ибааԥсу аҩнeҵҟатәи адунеи шә-саԥатк аҿаҵаны исҵәахуеит ҳәа уалагаргьы, мышкы-зны ублақәа урымҭиир залшахуам. Аблақәа роуп изхубаало ауаҩԥсы дзеиԥшраҵәҟьоу.
Ауаҩы иажәаҳәа хазырҭәаауа, аҟәыӷара цәаҩа азҭо ракәны иҟоуп ажәаԥҟақәа. Ажәаԥҟақәа реилазаараҿы иуԥылоит хықәкыла аблақәа ирыхҳәаау: "Абла ахыхь аџьымшь ыҟоуп", "Абла иаԥыругаз - агәы иҭаумҵәахын", "Абла уаара аҵкыс - ахатәы бла кьаҳә", "Абла иамбо агәы изҭалом","Аблеи аблеи еицәыԥхашьоит","Абла ахьҭам лаӷырӡ заауам", "Бла иабо хы иаԥсоуп" уҳәа.
Еснагь ҳәоук ашәага-зага иҭаӡо, ахшыҩҵак сахьаркны, игәылыршәаны иаазырԥшуа ажәаԥҟақәа рахьтә иалыскаарҵ сҭахуп аблақәа ирыхҳәаау жәаԥҟақәаки урҭ рҵакқәеи:
Зыбла аарту аԥшәма ихәашагьы ҿаҵоуп. Зыбла хту, игәырӷьа-гәырӷьо асасцәа ирԥылаз аԥшәма, фатә бзиаӡак изцәырымгаргьы, иҭааҩцәа ҳаҭыр рықәҵаны, дреигәырӷьаны идикылоит.
Аблақәа еишьцәоуп, аха изеибабом. Гәыла, шьала-дала еизааигәоу ауаа анзеилибамкаауа, ианзеибамдыруа, ма лассы-лассы ианзеибамбо абас рҳәоит.
Зыбла хызҩаз мшаԥы имбаӡакәа ицеит. Ауаҩы ихәҭоу имҳәар, иахьихәҭоу дымцар, иқәнага ҟаимҵар, иҽиргаӡар, абас рҳәоит.
Иҟалаша ҟалаанӡа ахәыц аблақәа ҭнахит. Акаамеҭ ҟалеит анырҳәа, ахәыц ала ҭнахит ҳәа. Ауаҩы иаԥхьаҟа иԥеиԥшу, изыԥшу атәы цқьа еилымкааӡакәа ихы иазеицәоу аныҟаиҵалак абас изырҳәоит.
Аԥҳәызба лымҳала аҵкыс блала дҳәа. Аԥҳәызба иагьа дуддырҽхәаларгьы, иагьа лыӡбахә бзианы иуаҳаргьы, ухаҭа дубароуп, еилукаароуп лҟазшьа зеиԥшроу, насоуп дануҳәаша.
Аты абла анаиу, аџьымшь аҳәон. Ауаҩы иага бзиара изуургьы, иага иуҭаргьы изымхакәа, иҵагьы данашьҭалалак, данаҳәалак, иԥсымҭәра анииааилак, ахархәара арҭоит абри ажәаԥҟа.
Абнагьы алымҳа амоуп, адәгьы – аблақәа. Убжьы умырдуун, иуҳәо даҽаӡәы иаҳар алшоит ҳәа агәҽанызаара ирҭоит зыбжьы рдуны иҳәатәугьы-иҳәатәымгьы зҳәо. Ажәаԥҟа аҩбатәи ахәҭа иуанаҳәоит адәаҿы аиакәым ҟауҵар, аӡәы уибар шалшо атәы.
Алашә ииҭаху ҩ-блакы. Ауаҩы ииҭаху, дзызхьуа, игәы ззыҳәо аус узыҟасҵеит ҳәа иауҳәар, абас иҳәоит.