00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
30 мин
13:00
30 мин
18:00
31 мин
18:30
31 мин
21:00
31 мин
21:30
31 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ҭагалантәи аԥсҭазаара азырбо": ацуфарақәа инадыркны аԥхыӡқәа рҟынӡа

© Sputnik / Томас ТхайцукСбор урожая кукурузы
Сбор урожая кукурузы  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.10.2025
Анапаҵаҩра
Ҭагалан иамҽханакуа аамҭазы еилашуа аԥсҭазаара азырбо ацуфарақәа, жәлар разгәаҭарақәа, аԥхыӡқәа шәрыԥхьарц шәылшоит Sputnik аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал аҟны.
Дыҟамзар ҟалап ацуфарақәа рыӡбахә змаҳац. Дара афольклортә жанрқәа иреиуоуп. Ажәытәӡатәи абырзен философ Аристотель ацуфарақәа дрыхцәажәо иҳәахьан "ацуфарақәа ибзиаӡаны еиқәыршәоу метафороуп" ҳәа.
Ацуфара иаԥызҵаз ажәлар рыԥсҭазаара, рыбзазара аныԥшуеит. Уи иқәнаргыло азҵаара аҭак ҟаҵатәуп иазхәыцны. Изызку амаҭәарқәа, ацәырҵрақәа рыхьӡ нҭкааны иаҳәаӡом, аха аҟазшьа, аԥшра, асахьа арбоуп ирмаананы, изакәу аҵудырааратәы. Абасала ацуфара сахьаркрала иқәнаргыло азҵаара аҭак иароуп изгәылаҵәаху.
Грецкие орехи на деревянном столе - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.10.2025
Аԥсны
"Акакан ԥымҽкәа арыц узагәылхуам": акакан иазку дыррақәак

Ҭагалани ацуфарақәеи

Ҭагалан хьҩежь анымҩахыҵлак нахыс еилыхароуп: аҿамаҿа аҭыԥ ақәҵара, ажьҭаара, аҩ ҿа аҭаҭәара, аҽаҩра аингалара уҳәа унапы назлаукра узымдыруа аусқәа рацәоуп. Аӡын хьшәашәа ухьӡаанӡа зегьы уҽырхьыугӡарц уҭахуп.
Ҭагалан иамҽханакуа аамҭазы еилашуа аԥсҭазаара ирықәҿырҭуеит ацуфарақәа жәпакы. Хшыҩзышьҭра раҳҭап урҭ:
Слаба лакьы ҵлахықәмацәыс. (Алапҟьа)
Аӡыла еимхәыц амҿлых Анцәа иҟаиҵеит, ауаҩы ирбгеит. (Ажь)
Шьапы заҵә мгәаду. (Аԥҳәлаҟәа)
Зцәа ҩоу, згәы аӡоу, зыԥҳа дхагоу. (Аӡахәеи аҩи)
Амхы еиқәа аандаш. (Алуи ашылеи)
Ран хәахәа, рԥа ахага. (Аҩы)
Цәеиқәеи цәаԥшьи еивагьежьуеит. (Амцеи ачуани)
Иштәоу иԥсылахо. (Аҟаб)
Зан диашоу, заб дхәахәоу, зыԥҳа дхагоу. (Аҵла, аӡахәа, аҩы).
Ҵыры-ҵыры қәаҵа еимҟьа. (Аҷҟарапат)
Хаҭамаҷ – тәыҩа ду. (Аҟаб)
Мцада ишуа. (Аҩы)
Новогодняя ярмарка в Сухуме  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.11.2024
Аԥсны
"Иануфо еимыҷҷоит, агәҭа ҩеижьӡа иуҿаҷҷоит": аҟаби уи ахәарҭареи

Ҭагалани аԥхыӡқәеи

Ҭагалан алацәажәара анхацҳарк, иаҳҳәап ари атема иашьашәалоу аԥхыӡқәа рыӡбахәгьы:
Лаҵан аԥшыжәла ааухәауа ԥхыӡла иубар – ҭагалан аҽаҩра маҷ иазҳәоуп.
Амшә амхырҭаҿы иҟоушәа аиԥхыӡра – аарыхра, ҭагалан аҽаҩра бзиа аҟалара иамааноуп.
Ԥхыӡла акалаҭи амҵәышәи раахәара – аҽаҩра ду аҟалара иадыргоуп.
Акалаҭ кылҵәа уеиԥхыӡыр – амцҳәаҩ уалҳәара дузаауеит.
Иажәу акалаҭ шьҭухуа уеиԥхыӡыр – уаарыхра аԥхасҭа аиуеит.
Аӡлагара иахаз аԥш нҵәаны, еибафо ԥхыӡла иубар – аҳәоу еиқәымшәара, агәамҵра иамааноуп.
Аԥҳә, аԥш ԥхыӡрыла рбылра – аҿаҵахәы аӡра иазҳәоуп.
Узқәаарыхуа адгьыл ҭабго ԥхыӡла иубар – узқәымгәыӷуа гәалсрак уақәшәоит.
Тихий час - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.07.2025
Аԥсны
"Зыкәты зцәыӡыз исыӡбалгьы ашьҭеиҟьон": ацәыӡ азырбо ажәаԥҟақәеи аԥхыӡқәеи

Ажәлар разгәаҭарақәа рахьтә

Аԥш амхы ианҭагылоу аԥшацәгьа ҟалар, ԥшлапҟьак аҩны агәашьа иадҿарҳәалон амхы камҳарц азы.
Аџьықәреи шьап ахьгылоу ихалан аҳәынаԥ аҭра ҟанаҵазар, иахьынӡаҟанаҵаз иаҟараны аӡын асы ауеит рҳәоит.
Аџьықәреи алапҟьа паны, арыцқәа амамкәа иҟалазар, ианыларҵоз амла иакуаз аӡә дақәшәеит рҳәоит.
/Астатиа аиқәыршәараҿы хархәара азун Витали Ҳараниа ишәҟәы "Ашацәа рылԥха"/.
Ажәабжьқәа зегьы
0