https://sputnik-abkhazia.info/20251019/araagalanti-asakhaa-poeziat-byzshala-asua-poettsa-razheinraalaa--1058400712.html
Ҽаҩраҭагалантәи асахьақәа поезиатә бызшәала: аԥсуа поетцәа ражәеинраалақәа
Ҽаҩраҭагалантәи асахьақәа поезиатә бызшәала: аԥсуа поетцәа ражәеинраалақәа
Sputnik Аҧсны
Ҽаҩраҭагалан иасакьаҳәымҭоуп уажәы. Сынтәа заа ахьҭақәа цәырҵзаргьы, аԥхарра ацәаарагьы ҳбоит уажәазы. Аԥснытәи аԥсабара аԥшӡара аԥсуа поетцәа еснагь... 19.10.2025, Sputnik Аҧсны
2025-10-19T15:00+0300
2025-10-19T15:00+0300
2025-10-19T17:04+0300
аԥсны
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0a/1c/1036100722_0:100:1920:1180_1920x0_80_0_0_267d4e161c7c6669ebd92b26dfc35b24.jpg
Ҽаҩраҭагалан иасакьаҳәымҭоуп уажәы. Сынтәа заа ахьҭақәа цәырҵзаргьы, аԥхарра ацәаарагьы ҳбоит уажәазы. Аԥснытәи аԥсабара аԥшӡара аԥсуа поетцәа еснагь иазышәаҳәон, зеиӷьыҟам апеизажтә лирика аԥсуа литература аҭоурых иазынрыжьхьеит. Иахьатәи санҵамҭаҿы сагәылаԥшырц сҭаххеит, иагьшәыдызгалоит аԥхьаҩцәа шәхаҵкы, ҽаҩраҭагалантәи асахьақәа поезиатә бызшәала. Ихьҩежьӡа иҟоу аԥсабара анаҩсангьы, аԥсуа нхаҩы иҽаҩра аҭагалара иазку анҵамҭа шьахәқәагьы цәырыргон ҳарҿиаҩцәа. Раԥхьаӡа ҿырԥштәыс ишьҭысхырц сҭаххеит ҳлитература ауасхыр азышьҭазҵаз Аԥсны жәлар рпоет Дырмит Гәлиа анхаҩы иураҭагалара дазгәыдууны ипоезиаҿы ишааирԥшуа. 1912 шықәсазы Гәлиа иҩуеит "Аҽаҩра" захьӡу ажәеинраала. Араҟа апоет дазааҭгылоит хықәкыла аџьықәреи аҭагалара, акакала еиԥкааны ицәыригоит уи иацу аусхкқәа. "Аҽаҩра" аҿы иубоит автор заҟа гәыблыла дырзыҟоу зџьабаа зԥылаз анхаҩцәа. Абас далагоит Гәлиа иажәеинраала:Сцап, избап,СеигәырӷьапАуаа рџьабаазыАнцәа ираҭәеишьаз.Алапҟьа иабзоураны,Агәҭа ырхәаны,Изазо игылоупАмахә еилыҷҷо.Ари акуплет злахыркәшоу ажәеидҳәала "амахә еилыҷҷо" иаанарԥшуеит аҽаҩра бзиа зауз ауаа рымхурсҭа иаҿыкәыршоу аԥштәы.Ажәеинраала иаанарԥшуеит усҟантәи аамаҭазы аԥсуа нхаҩы махәҿала ииуаз аус марымажаны ишиԥылоз:Ҳәызба маганала,Иҭалеит ахы-аҵыхәала,Аԥҳә дырхразы,Иеиқәырҵаразы.Иҭаргалеит аџьықәреи,Иалагеит ацәырҳәреи,Арыцқьареи,Аца аҭаԥсареи…Ас еиԥш иҟоу ажәеинраала аласреи, абызшәа амариареи ҳарзыԥшны иаҳҳәозар, иахьатәи ахәыҷы изынгьы агәынкылара мариоуп. Иахьа акыр аҽаԥсаххьеит анхаҩы ибзазара, акыр аҽеиҭанакит аԥсабарагьы, ицәырҵуа иалагеит еиуеиԥшым ачымазарақәа, даҽакала иаҳҳәозар анхаҩы аԥхасҭа изҭо амзызқәа рацәахеит. Ҭагалантәи асахьақәа ҳанырзааҭгыло иазгәаҭатәуп ари атематикаҿы жәлар рпоет Баграт Шьынқәба иаԥиҵаз ашедевр "Ҭагаланатәи абаҳча" иацназго шмаҷу. Апоет уи иҩит Ҷлоу ақыҭан 19 шықәса данырҭагылаз 1936 шықәсазы, иџьоушьартәгьы иҟоуп абас иқәыԥшыз апоет, абас ихарҭәааз апоезиатә хьырҵәаҵәа аԥҵара ахьилшаз. Шамаха ари ажәеинраала ззымдыруа дубашам, апоет "зыҭра иҭаиртәаз" аԥсуа жәеинраала аиҿартәышьа иабзоураны, аԥхьаҩ иоуит аестетикатә гәаҳәара узҭо ҭагалантәи аинҭәылара иазку арифмақәа:Ахаа ахьыкәкәоит аҳарданжь,Ишԥеидшәылоу акаҷыҷ!Амахә хьырхәа, ҵаҟа аҽоужь ,Уаҟа игылоуп амыҵмыџь!Абаҳча иҭагылоу ашәыр реинҭәылара анаҩсангьы Шьынқәба ауаҩы икәыршаны иҟоу ҭагалантәи асахьанҵагьы даҩсуам. Зегь рыбла иабо, аха зегь ирзеиҭамҳәо алирикатә шәыгақәа рыла зсахьа ҭыху аԥсабара ҳадигалоит апоет ажәеинраала ахыркәшамҭаз:Иԥхеиԥхеиуа амрахәага,Мраҭашәарахьтә ирҿаԥхо,Аҵла рыбӷьы, реилаҳәага,Ҵаҟа ианлеиуа, иаӷахо…Шьынқәба ихаҭа ишиҳәахьоу еиԥш "Апоезиаҿ акгьы амчым ашықәсынҵыра", изхысҳәаауа дышқәыԥшӡазгьы илшеит хыхь ҿырԥштәыс иаазгаз "Ҭагалантәи абаҳча" ссир аҩра. Шьынқәба илирикатә аԥҵамҭақәа рҿы ана-ара иуԥылоит анхаҩы дӡырганы дахьаарԥшу ҭагалантәи асахьақәа, хықәкыла "Нхаҩык дцоит иура ҭагаланы" захьӡу ажәеинраала шьахәла ианыԥшуеит аԥсуа бзазаратә ԥсҭазаара азхәыцра апоет ирҿиараҿы аҭыԥ ду шааннакыло:Нхаҩык дцоит иура ҭагаланы,Иус далгеит – заа икын.Ашыш-қәԥа еимагалан,Аԥш аныжьлоуп ауардын….Аураҭагалеи анхаҩи ирызку арҿиамҭақәа ҳанрылацәажәо, ишәыдызгаларц сҭахуп асатира азҟаза Кьыршьал Чачхалиа абаҩдан изикыз ажәеинраала. Чачхалиа абзиа ашәа шазиҳәоз еиԥш, икалам иҵихуан аԥсҭазаара егьи аган аазырԥшуаз асахьақәагьы:Иҭагалан ирҭан,Изҭамԥсеит аца.Иҭаԥсаны ирҭан,Изҭымгеит зынӡа.Иҭганы ирҭан,Имгеит лагара,Илаганы ирҭан,Дымцеит аагара…Кьыршьал Чачхалиа ифырхаҵа алаф ихҳәаауа, исатиратә жәеинраала хыркәшо иаҳирбеит аашьаҩ дзызҟазаз:Иазхоуп сырххара!Иҳәан длатәан,Ифеит изхара!Ҭагалантәи ашәақәа ҳанырзааҭгыло, ишәыдызгалоит апроза иагәылаҵәаху Алықьса Гогәуа иҳәамҭа. Уи цәаҳәак ауп иҟоу, аха иаҳәоит зегьы. Ароман "Аҽыкәаҳа" ааҳартыр, иара алагамҭаҿы иаҳԥылоит Дигәа зыхьӡу афырхаҵа иҿаԥхоз еилашуаз аҩы, илымҳа иҭасуаз аҭацаагарашәа хзыркәшо аҭагылазаашьа:Ҭагалан аарыхра мацара акәым, абзиабарагьы ҭаргалоит…Гогәуа ипроза анаҳҳәа, иара изку анҵамҭақәа рҿы акырынтә ҳарзааҭгылахьеит апоезиа ацәа зыҟәну ипеизажтә лирика. Шәазхьасырԥшуеит аԥхьаҩцәа шәхаҵкы, ҽаҩраҭагалантәи ацәаҩақәа рыла ихациркуа иажәабжь "Ашьацәгьа" аҟынтәи урҿыгәҳәааны узыԥхьаша ашьамашәыга иазку асахьақәа: Дыҟамзар ҟалап ԥсыуа шәҟәыҩҩык ҭагалантәи атема иаҩсхьоу. Досу ицәыригоит иара ибла ишабо аӡын иаԥхьагылоу ашықәс аамҭа. Таиф Аџьба ипоезиа ҳазааҭгылозар, иара ишиҟазшьоу еиԥш, афилософиатә маӡа аҵаҵаны иаԥиҵоит "Ҭагалантәи амшқәа":Ҭагалантәи амшқәа аасыдгылт, абар!Урҭ амшқәа цәгьахаргьы – ицәгьаӡоуп.Насыԥла икаҷҷаргьы ҟалоит иргәаԥхар –Ҭагалангьы иссиру аамҭоуп…Ҭагалантәи амшқәа, сахьышәыгӡа схы,Ҭагалантәи амшқәа шәразха!Ҭагалантәи амшқәа, шәхьанҭамхан мыцхәы,Ҭагалантәи амшқәа, шәласха!Ҭагалан ҳҭагылоуп, ииасыз аԥхын ҟыршоура инашьҭарххны ахьшәашәара аҿаанахеит. Зеиӷьыҟам аамҭоуп. Баграт Шьынқәба ишиҳәаз еиԥш - ҭагалантәи ашәахәақәа рыхаара мырӡкәа еилыԥхаауеит. Абас иҟоуп иахьатәи санҵамҭа. Аԥсуа поезиа иалыԥхаауеит иӷьеҩцәам амра зқәыԥхо ҭагалантәи адунеи аазырԥшуа аҩымҭа шьахәқәа. Сара исылшаз - иалыскааз рӡыргароуп…
https://sputnik-abkhazia.info/20251007/ari-khty-tsaup-afestival-ria-arifmaa-shymaysyz-1058104766.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220512/lou-anao-bagrat-aaueit-1039015586.html
https://sputnik-abkhazia.info/20250713/azheinraalaa-ryda-sazaara-symaam-aproza-poezia-alysa-gogua-iriaray-1055905140.html
https://sputnik-abkhazia.info/20251009/iyrbalaait-nas-shakhala-sa-stsaa--taif-aba-igalarsharazy-1058071339.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Елеонора Коӷониаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102002/80/1020028073_1000:0:5016:4016_100x100_80_0_0_fa9e562a2e09e5b7f5ebc8753d4339c1.jpg
Елеонора Коӷониаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102002/80/1020028073_1000:0:5016:4016_100x100_80_0_0_fa9e562a2e09e5b7f5ebc8753d4339c1.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0a/1c/1036100722_107:0:1814:1280_1920x0_80_0_0_8eb73c9d60516142fc75b8044a8bb050.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Елеонора Коӷониаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102002/80/1020028073_1000:0:5016:4016_100x100_80_0_0_fa9e562a2e09e5b7f5ebc8753d4339c1.jpg
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи, аԥсны
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи, аԥсны
Ҽаҩраҭагалан иасакьаҳәымҭоуп уажәы. Сынтәа заа ахьҭақәа цәырҵзаргьы, аԥхарра ацәаарагьы ҳбоит уажәазы. Аԥснытәи аԥсабара аԥшӡара аԥсуа поетцәа еснагь иазышәаҳәон, зеиӷьыҟам апеизажтә лирика аԥсуа литература аҭоурых иазынрыжьхьеит. Иахьатәи санҵамҭаҿы сагәылаԥшырц сҭаххеит, иагьшәыдызгалоит аԥхьаҩцәа шәхаҵкы, ҽаҩраҭагалантәи асахьақәа поезиатә бызшәала. Ихьҩежьӡа иҟоу аԥсабара анаҩсангьы, аԥсуа нхаҩы иҽаҩра аҭагалара иазку анҵамҭа шьахәқәагьы цәырыргон ҳарҿиаҩцәа.
Раԥхьаӡа ҿырԥштәыс ишьҭысхырц сҭаххеит ҳлитература ауасхыр азышьҭазҵаз Аԥсны жәлар рпоет Дырмит Гәлиа анхаҩы иураҭагалара дазгәыдууны ипоезиаҿы ишааирԥшуа. 1912 шықәсазы Гәлиа иҩуеит "Аҽаҩра" захьӡу ажәеинраала. Араҟа апоет дазааҭгылоит хықәкыла аџьықәреи аҭагалара, акакала еиԥкааны ицәыригоит уи иацу аусхкқәа. "Аҽаҩра" аҿы иубоит автор заҟа гәыблыла дырзыҟоу зџьабаа зԥылаз анхаҩцәа. Абас далагоит Гәлиа иажәеинраала:
Ари акуплет злахыркәшоу ажәеидҳәала "амахә еилыҷҷо" иаанарԥшуеит аҽаҩра бзиа зауз ауаа рымхурсҭа иаҿыкәыршоу аԥштәы.
Ажәеинраала иаанарԥшуеит усҟантәи аамаҭазы аԥсуа нхаҩы махәҿала ииуаз аус марымажаны ишиԥылоз:
Ас еиԥш иҟоу ажәеинраала аласреи, абызшәа амариареи ҳарзыԥшны иаҳҳәозар, иахьатәи ахәыҷы изынгьы агәынкылара мариоуп. Иахьа акыр аҽаԥсаххьеит анхаҩы ибзазара, акыр аҽеиҭанакит аԥсабарагьы, ицәырҵуа иалагеит еиуеиԥшым ачымазарақәа, даҽакала иаҳҳәозар анхаҩы аԥхасҭа изҭо амзызқәа рацәахеит. Ҭагалантәи асахьақәа ҳанырзааҭгыло иазгәаҭатәуп ари атематикаҿы жәлар рпоет Баграт Шьынқәба иаԥиҵаз ашедевр "Ҭагаланатәи абаҳча" иацназго шмаҷу. Апоет уи иҩит Ҷлоу ақыҭан 19 шықәса данырҭагылаз 1936 шықәсазы, иџьоушьартәгьы иҟоуп абас иқәыԥшыз апоет, абас ихарҭәааз апоезиатә хьырҵәаҵәа аԥҵара ахьилшаз. Шамаха ари ажәеинраала ззымдыруа дубашам, апоет "зыҭра иҭаиртәаз" аԥсуа жәеинраала аиҿартәышьа иабзоураны, аԥхьаҩ иоуит аестетикатә гәаҳәара узҭо ҭагалантәи аинҭәылара иазку арифмақәа:
Ахаа ахьыкәкәоит аҳарданжь,
Амахә хьырхәа, ҵаҟа аҽоужь ,
Абаҳча иҭагылоу ашәыр реинҭәылара анаҩсангьы Шьынқәба ауаҩы икәыршаны иҟоу ҭагалантәи асахьанҵагьы даҩсуам. Зегь рыбла иабо, аха зегь ирзеиҭамҳәо алирикатә шәыгақәа рыла зсахьа ҭыху аԥсабара ҳадигалоит апоет ажәеинраала ахыркәшамҭаз:
Шьынқәба ихаҭа ишиҳәахьоу еиԥш "Апоезиаҿ акгьы амчым ашықәсынҵыра", изхысҳәаауа дышқәыԥшӡазгьы илшеит хыхь ҿырԥштәыс иаазгаз "Ҭагалантәи абаҳча" ссир аҩра. Шьынқәба илирикатә аԥҵамҭақәа рҿы ана-ара иуԥылоит анхаҩы дӡырганы дахьаарԥшу ҭагалантәи асахьақәа, хықәкыла "Нхаҩык дцоит иура ҭагаланы" захьӡу ажәеинраала шьахәла ианыԥшуеит аԥсуа бзазаратә ԥсҭазаара азхәыцра апоет ирҿиараҿы аҭыԥ ду шааннакыло:
Нхаҩык дцоит иура ҭагаланы,
Аураҭагалеи анхаҩи ирызку арҿиамҭақәа ҳанрылацәажәо, ишәыдызгаларц сҭахуп асатира азҟаза Кьыршьал Чачхалиа абаҩдан изикыз ажәеинраала. Чачхалиа абзиа ашәа шазиҳәоз еиԥш, икалам иҵихуан аԥсҭазаара егьи аган аазырԥшуаз асахьақәагьы:
Кьыршьал Чачхалиа ифырхаҵа алаф ихҳәаауа, исатиратә жәеинраала хыркәшо иаҳирбеит аашьаҩ дзызҟазаз:
Ҭагалантәи ашәақәа ҳанырзааҭгыло, ишәыдызгалоит апроза иагәылаҵәаху Алықьса Гогәуа иҳәамҭа. Уи цәаҳәак ауп иҟоу, аха иаҳәоит зегьы. Ароман "Аҽыкәаҳа" ааҳартыр, иара алагамҭаҿы иаҳԥылоит Дигәа зыхьӡу афырхаҵа иҿаԥхоз еилашуаз аҩы, илымҳа иҭасуаз аҭацаагарашәа хзыркәшо аҭагылазаашьа:
Ҭагалан аарыхра мацара акәым, абзиабарагьы ҭаргалоит…
Гогәуа ипроза анаҳҳәа, иара изку анҵамҭақәа рҿы акырынтә ҳарзааҭгылахьеит апоезиа ацәа зыҟәну ипеизажтә лирика. Шәазхьасырԥшуеит аԥхьаҩцәа шәхаҵкы, ҽаҩраҭагалантәи ацәаҩақәа рыла ихациркуа иажәабжь "Ашьацәгьа" аҟынтәи урҿыгәҳәааны узыԥхьаша ашьамашәыга иазку асахьақәа:
"Аҵыхәтәан дара ашьамашәыгақәа рхаҭагьы лбеит. Насҭхашәа, акырӡа зхыҵуаз, ахәа ирфаны икылыххаа иҟаз, збыӷьқәа шлаӡахьаз, зшьапқәа хәарҽхахьаз ал-ҵла хажәаақәа ирыҵиааны иҟан. Дара ашьамашәыгақәагьы ицәхаԥшь-цәхаԥшьӡа иҟаз ршьапқәеи рымахакәеи ҟьантазхахьан, аха ихьыссы ирықәжьын ашьамашәыга жьымжәақәа…".
Дыҟамзар ҟалап ԥсыуа шәҟәыҩҩык ҭагалантәи атема иаҩсхьоу. Досу ицәыригоит иара ибла ишабо аӡын иаԥхьагылоу ашықәс аамҭа. Таиф Аџьба ипоезиа ҳазааҭгылозар, иара ишиҟазшьоу еиԥш, афилософиатә маӡа аҵаҵаны иаԥиҵоит "Ҭагалантәи амшқәа":
Ҭагалантәи амшқәа аасыдгылт, абар!
Урҭ амшқәа цәгьахаргьы – ицәгьаӡоуп.
Насыԥла икаҷҷаргьы ҟалоит иргәаԥхар –
Ҭагалангьы иссиру аамҭоуп…
Ҭагалантәи амшқәа, сахьышәыгӡа схы,
Ҭагалантәи амшқәа шәразха!
Ҭагалантәи амшқәа, шәхьанҭамхан мыцхәы,
Ҭагалантәи амшқәа, шәласха!
Ҭагалан ҳҭагылоуп, ииасыз аԥхын ҟыршоура инашьҭарххны ахьшәашәара аҿаанахеит. Зеиӷьыҟам аамҭоуп. Баграт Шьынқәба ишиҳәаз еиԥш - ҭагалантәи ашәахәақәа рыхаара мырӡкәа еилыԥхаауеит.
Абас иҟоуп иахьатәи санҵамҭа. Аԥсуа поезиа иалыԥхаауеит иӷьеҩцәам амра зқәыԥхо ҭагалантәи адунеи аазырԥшуа аҩымҭа шьахәқәа. Сара исылшаз - иалыскааз рӡыргароуп…