https://sputnik-abkhazia.infohttps://t.me/sputnik_apsny_info/13200
Пицунда иаатит Росатом апроект ала афотосахьақәа рфестиваль
Пицунда иаатит Росатом апроект ала афотосахьақәа рфестиваль
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жьҭаара 28 - Sputnik. Пицунда иаатит Росатом жәларбжьаратәи апроект "Аихьӡарақәа рҵакыра: аԥсабара иагәыдыҳәҳәалоу"афотосахьақәа рфестиваль. 28.10.2025, Sputnik Аҧсны
2025-10-28T16:00+0300
2025-10-28T16:00+0300
2025-10-28T16:27+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/1c/1058606202_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_baab55767c8016fbf3c0d201e570029a.jpg
АҞӘА, жьҭаара 28 - Sputnik. Пицунда иаатит Росатом жәларбжьаратәи апроект "Аихьӡарақәа рҵакыра: аԥсабара иагәыдыҳәҳәалоу"афотосахьақәа рфестиваль.Аусмҩаԥгатә Урыстәыла аиадертә усхк 80 шықәса ахыҵра иазкуп.Афестиваль аартра иазкыз аусмҩаԥгатә аҿы "Росэнергоатом" адиректор хада ихаҭыԥуаҩ Џьумбер Ткьебучаа аконцерн ԥхьаҟа аиадертә усхк аҿы аусура зылшаша, еиҵагыло аҿар рыҿиара аганахь ала иамоу азҿлымҳара азгәеиҭеит.Ҭкьебучаа иажәақәа рыла, афотопроект аа-шықәса раԥхьа ихацыркын. Уи аахыс Урыстәыла, Аԥсны, Белоруссиа, Венгриа рҟынтәи 250-ҩык рхы аладырхәхьеит, аиааирақәагьы ргахьит, урҭ рҟынтә 15-ҩык Аԥснынтәи ахәыҷқәа роуп.Аԥснынтәи аиааира згаз иреиуоуп: Симона Сангәлиаԥҳа – лфотосахьа "Аԥсны аԥсы" ала, Инар Қардиа – хьӡы змам иусумҭа ала, Анжелика Маклиак – лфотосахьа "Ашьыжь аиҩхааҿы" ала.Апроект иахықәкы хаданы иҟоуп афотоҭыхраҿы аҟыбаҩ змоу ахәыҷқәа раарԥшра, заанаҵы азанааҭ алхраҿы рыцхраара, аиадертә қалақьқәа рыԥсабаратә сахьақәа рыла аиадертә енергиа ашәарҭадара акультура аларҵәара.Афестиваль еиҿыркааит амуниципалтә еиҿкаарақәа рыҿиара ацхраара Афонд "Аиадертә фымцастанциақәа рҵакырақәа Рассоциациеи" "Росатом акультуратә ҵакырақәеи" рыпрограммеи, Аҳәынҭкорпорациа "Росатом", аконцерн"Росенергоатом", Адунеизегьтәи абнатә ԥсабара афонд, Урыстәылатәи аиадертә фымцастанциақәа ахьыҟоу амуниципалитетқәа рнаԥхгараҭарақәа, иара убасгьы Белоруссиеи, Венгриеи, Аԥсни иҟоу аиашьаратә қалақьқәа рнаԥхгараҭарақәа рыцхыраарала.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/1c/1058606202_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_14985f05cc78bce6908151ccf835b5d9.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
АҞӘА, жьҭаара 28 - Sputnik. Пицунда иаатит Росатом жәларбжьаратәи апроект "Аихьӡарақәа рҵакыра: аԥсабара иагәыдыҳәҳәалоу"афотосахьақәа рфестиваль.
Аусмҩаԥгатә Урыстәыла аиадертә усхк 80 шықәса ахыҵра иазкуп.
Афестиваль аартра иазкыз аусмҩаԥгатә аҿы "Росэнергоатом" адиректор хада ихаҭыԥуаҩ Џьумбер Ткьебучаа аконцерн ԥхьаҟа аиадертә усхк аҿы аусура зылшаша, еиҵагыло аҿар рыҿиара аганахь ала иамоу азҿлымҳара азгәеиҭеит.
"Росатом" – ари ауаа ишахәҭоу еиԥш инхарцаз, аԥсшьара, арҿиара рхы аладырхәырц азы аҭагылазаашьақәа раԥҵара зылшо еиҿкаара дууп", — ҳәа иҳәеит иара.
Ҭкьебучаа иажәақәа рыла, афотопроект аа-шықәса раԥхьа ихацыркын. Уи аахыс Урыстәыла, Аԥсны, Белоруссиа, Венгриа рҟынтәи 250-ҩык рхы аладырхәхьеит, аиааирақәагьы ргахьит, урҭ рҟынтә 15-ҩык Аԥснынтәи ахәыҷқәа роуп.
Аԥснынтәи аиааира згаз иреиуоуп: Симона Сангәлиаԥҳа – лфотосахьа "Аԥсны аԥсы" ала, Инар Қардиа – хьӡы змам иусумҭа ала, Анжелика Маклиак – лфотосахьа "Ашьыжь аиҩхааҿы" ала.
Апроект иахықәкы хаданы иҟоуп афотоҭыхраҿы аҟыбаҩ змоу ахәыҷқәа раарԥшра, заанаҵы азанааҭ алхраҿы рыцхраара, аиадертә қалақьқәа рыԥсабаратә сахьақәа рыла аиадертә енергиа ашәарҭадара акультура аларҵәара.
Афестиваль еиҿыркааит амуниципалтә еиҿкаарақәа рыҿиара ацхраара Афонд "Аиадертә фымцастанциақәа рҵакырақәа Рассоциациеи" "Росатом акультуратә ҵакырақәеи" рыпрограммеи, Аҳәынҭкорпорациа "Росатом", аконцерн"Росенергоатом", Адунеизегьтәи абнатә ԥсабара афонд, Урыстәылатәи аиадертә фымцастанциақәа ахьыҟоу амуниципалитетқәа рнаԥхгараҭарақәа, иара убасгьы Белоруссиеи, Венгриеи, Аԥсни иҟоу аиашьаратә қалақьқәа рнаԥхгараҭарақәа рыцхыраарала.