https://sputnik-abkhazia.infohttps://t.me/sputnik_apsny_info/13206
Пицунда иӡырган апроект "Аихьӡарақәа рҵакыра:Пегас"
Пицунда иӡырган апроект "Аихьӡарақәа рҵакыра:Пегас"
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жьҭаара 28 - Sputnik. "Росэнергоатом" аусзуҩцәа реидгыла азы аҵаратә семинар аҳәаақәа ирҭагӡаны Пицунда иӡырган апроект "Аихьӡарақәа рҵакыра:Пегас". 28.10.2025, Sputnik Аҧсны
2025-10-28T19:10+0300
2025-10-28T19:10+0300
2025-10-28T20:56+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/1c/1058615350_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_fcc9ac38f86c80092b51224c305b5a32.jpg
АҞӘА, жьҭаара 28 - Sputnik. "Росэнергоатом" аусзуҩцәа реидгыла азы аҵаратә семинар аҳәаақәа ирҭагӡаны Пицунда иӡырган апроект "Аихьӡарақәа рҵакыра:Пегас".Аиԥылара иалахәыз ирзеиҭаҳәан аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа ибиографиа, аԥсуа бызшәа аҿиараҿы илагала ду. "Росэнергоатом" арегионқәеи аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи аус рыцуразы адепартамент адиректор Светлана Чурилова лажәахә далагеит аԥсуа жәаԥҟала.Апроект алахәылацәа ажәеинраалақәа, ажәабжьқәа, ашәақәа рыҩра, амузыкатә видеоқәеи амультфильмқәеи раԥҵара, ажурналистика аҿы ажәахәқәа рыҟаҵара уҳәа рԥышәа рзеиҭаҳәаразы алшара рыҭан. "Литфонд" иара убасгьы имҩаԥысит урыстәылатәи ашәҟәыҩҩы, акинорежиссиор Алексеи Колмогорови аԥсуа шәҟәыҩҩы, апоет, асахьаҭыхҩы Игор Хәарцкиеи рырҿиаратә еиԥылара."Аихьӡарақәа рҵакыра:Пегас" ари асоциалтә проектуп, ахәыҷқәа рлитературатәи рҟазаратә баҩхатәра, актиортә ҟазара аизырҳара, акариератә мҩақәҵара, акультуратәи аморалтәи храқәа рыҿиара, апатриотизм ацәанырра аизырҳареи ирызкуп.
https://sputnik-abkhazia.info/20251028/1058611985.html
https://sputnik-abkhazia.info/20251028/1058610579.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/1c/1058615350_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_3b209752de45e06023bed0228418de5d.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Пицунда иӡырган апроект "Аихьӡарақәа рҵакыра:Пегас"
19:10 28.10.2025 (ирҿыцуп: 20:56 28.10.2025) АҞӘА, жьҭаара 28 - Sputnik. "Росэнергоатом" аусзуҩцәа реидгыла азы аҵаратә семинар аҳәаақәа ирҭагӡаны Пицунда иӡырган апроект "Аихьӡарақәа рҵакыра:Пегас".
Аиԥылара иалахәыз ирзеиҭаҳәан аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа ибиографиа, аԥсуа бызшәа аҿиараҿы илагала ду.
"Росэнергоатом" арегионқәеи аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи аус рыцуразы адепартамент адиректор Светлана Чурилова лажәахә далагеит аԥсуа жәаԥҟала.
"Ианаамҭоу илауҵаз, ианаамҭоу иҭаугалоит". Сгәанала ҳпроектқәа зызку абри ауп: ианаамҭоу илаҳҵуа, ианаамҭоу аҽаҩра ҭаҳгалоит ҳәа агәыӷра ҳамоуп", — ҳәа азгәалҭеит лара.
Апроект алахәылацәа ажәеинраалақәа, ажәабжьқәа, ашәақәа рыҩра, амузыкатә видеоқәеи амультфильмқәеи раԥҵара, ажурналистика аҿы ажәахәқәа рыҟаҵара уҳәа рԥышәа рзеиҭаҳәаразы алшара рыҭан.
"Литфонд" иара убасгьы имҩаԥысит урыстәылатәи ашәҟәыҩҩы, акинорежиссиор Алексеи Колмогорови аԥсуа шәҟәыҩҩы, апоет, асахьаҭыхҩы Игор Хәарцкиеи рырҿиаратә еиԥылара.
"Аихьӡарақәа рҵакыра:Пегас" ари асоциалтә проектуп, ахәыҷқәа рлитературатәи рҟазаратә баҩхатәра, актиортә ҟазара аизырҳара, акариератә мҩақәҵара, акультуратәи аморалтәи храқәа рыҿиара, апатриотизм ацәанырра аизырҳареи ирызкуп.