Лаҭатәи атрагедиа — уаҩы ихахьы изаамго гыгшәыгроуп ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба
09:26 14.12.2025 (ирҿыцуп: 11:01 14.12.2025)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 14 - Sputnik. Лаҭатәи атрагедиа — уаҩы ихахьы изаамго гыгшәыгроуп ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба.
Аԥсны ахада ԥхынҷкәын 14 алахьеиқәра ду зцу мшуп ҳәа ахиҳәааит.
"33 шықәса раԥхьа Лаҭа ақыҭаҟны амацәаз иҭакыз Тҟәарчалынтә Гәдоуҭаҟа зхы хаз авертолиот Ми-8 иеихсны икарыжьит. Уи иҭан аҳәса, абыргцәа, ахәыҷқәа. Лаҭатәи атрагедиа, ахақәиҭреи аҟазааразы азини рзы ақәԥараҟны ҳзыниаз уаҩы ихахьы изаамго гыгшәыгроуп, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәснҵараҟны имӷьаӡо хәраны ианылеит", — ҳәа азгәаҭоуп адырраҭараҟны.
Гәынба иазгәеиҭеит доусы уалны ишрыду ҳадгьылаҿы ахааназы ари аҩыза алмыршара.
"Ҳҳәынҭқарра, аҭынчра еиқәҳархароуп, избанзар уи иахҭынҵаз рацәоуп", — иҳәеит атәыла ахада.
Ԥхынҷкәын 14 1992 шықәса рзы Тҟәарчал иалганы Гәдоуҭаҟа ахҵәацәа згоз авертолиот Лаҭа ақыҭа ианахаԥраауаз ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа ракетала иеихсны икарыжьит. Авертолиот иҭатәаз 87-ҩык апассаџьырцәа зегьы ҭаблит. Урҭ рыбжьара иҟан 35-ҩык ахәыҷқәеи ааҩык зцәазтәымыз аҳәсеи. Иҭахаз рыԥсыбаҩқәа Осман Гәынба ихьӡ зху Гәдоуҭа апарк аҿы анышә иамадоуп.