Аҟәа амшын аӡымҽхак аҟны иӡыз ахаҵа иԥшаара иацҵоуп
10:36 14.12.2025 (ирҿыцуп: 12:32 14.12.2025)

© Sputnik / Леон Адлейба
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 14 - Sputnik. Аҟәа амшын аӡымҽхак аҟны иӡыз ахаҵа иԥшаара иацҵоуп.
Аԥшаарақәа ирылахәуп урыстәылатәи аволонтиорцәа ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит АҶА апресс-маҵзураҟны.
Аусбарҭаҟны ишырҳәаз ала, аӡхәыҵалацәа иҟалаз арыцҳара атәы анраҳа ацхыраара ишазхиоу рҳәеит, урҭ аӡы аҟны аԥшаарақәа рзы аԥышәа ду рымоуп.

Иара убас аԥшаарақәа ирылахәуп Аҧсны иҟоу Урыстәыла АшәМ аҳәаахьчаратә усбарҭа аҳәаахьчаратә катерқәа рдивизион аусзуҩцәа.
Уажәаԥхьа адырра ҟаҵан, Аԥсны АҶА имҩаԥнаго аԥшаарақәа ишрылахәу аныҩбжьыла аҵауларашәага зхы иазырхәо урыстәылатәи аволонтиорцәа. Иара убас, амшын аҟны иӡааҟәрылаз ахаҵа иԥшааразы Аԥсны Атәылахьчара аминистрра авертолиот рхы иадырхәеит.
Заанаҵтәи адыррақәа рыла, хабарда ибжьаӡыз Аԥсны Аминистрцәа рхеилак ԥыхьатәи ахантәаҩы, Гал араион ԥыхьатәи ахада Важьа Зарандиа иоуп.