Лаҭатәи атрагедиа иалаӡыз ргәалашәара аҳаҭыраз алахьеиқәҵаратә митинг мҩаԥган Гәдоуҭа
14:09 14.12.2025 (ирҿыцуп: 14:55 14.12.2025)

© Sputnik Бадри Есиава
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 14 - Sputnik. Лаҭатәи атрагедиа иалаӡыз ргәалашәара аҳаҭыраз алахьеиқәҵаратә митинг мҩаԥган Гәдоуҭа.
Ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа Лаҭа ақыҭан икарыжьыз авертолиот — Ми-8 иҭаблыз 87-ҩык апассаџьырцәа, зхыԥхьаӡараҿы 35-ҩык ахәыҷқәеи ааҩык зцәазтәымыз аҳәсеи ыҟаз ргәаладыршәарц арахь иааит Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи зегьы рҟынтәи ауааԥсыра.
Агәаларшәаратә митинг аҿы иқәгылеит араион анапхгара, аибашьра аветеранцәа, ашколхәыҷқәа ажәеинраалақәа ирыԥхьеит.

Амитинг ашьҭахь Аԥсны анапхгара аҭааит Сергеи Дбар ихьӡ зху Гәдоуҭатәи аҳәынҭқарратә музеи аҿы иаатыз Лаҭатәи атрагедиа иалаӡыз ргәалашәара иазку ацәыргақәҵа.
"Ас еиԥш иҟоу аҭоурых анаҳхашҭ — ԥеиԥшгьы ҳауӡом. Ахәра ду ҳзаанзыжьыз мшуп иахьа, ҳмилаҭ азы наунагӡа гәыхьны иҟазаауеит", — иҳәеит Гәынба.
33 шықәса раԥхьа, ԥхынҷкәын 14 1992 шықәсазы ахҵәацәа зықәтәаз авертолиот МИ-8 амацәаз иҭакыз Тҟәарчал ақалақь аҟынтәи Гәдоуҭаҟа амҩа иқәлеит. Авертолиот анышьҭԥраа 17 минуҭ рышьҭахь ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рнапаҿы иҟаз Кәыдрытәи аиҩхаа, Лаҭа ақыҭа ианахыԥраауаз аламҭалазы иҭархан, рыԥсқәа шҭаз амца иалаблит 87-ҩык, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан 35-ҩык ахәыҷқәеи ааҩык ааҩык зцәазтәымыз аҳәсеи.