https://sputnik-abkhazia.infohttps://t.me/sputnik_apsny_info/14295
Адгәыр Ҳаразиа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аилатәара алахәхара мап ацәикит
Адгәыр Ҳаразиа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аилатәара алахәхара мап ацәикит
Sputnik Аҧсны
Адгәыр ҳаразиа иганахь ала Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь ашьаус нашьҭын цәыббра 23 рзы. 15.12.2025, Sputnik Аҧсны
2025-12-15T14:24+0300
2025-12-15T14:24+0300
2025-12-15T14:43+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0c/0f/1059737741_0:24:800:474_1920x0_80_0_0_26a38599bbb76f4aa640e4a7c367446b.jpg
АҞӘА, ԥхынҷкәын 15 - Sputnik. Апарламент уаанӡатәи адепутат Адгәыр Ҳаразиа ауаҩшьреи ауаҩшьра аҽазышәареи рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аилатәара алахәхара мап ацәикит. 2025 шықәса рашәара 14 рзы иаанкылаз Ҳаразиа Аԥсны АҩАР аамҭалатәи аанкыларҭаҿы дҭакуп. Уи апроцесс иҽалархәра мап ахьацәикуа игәабзиаратә ҭагылазаашьа иадҳәалаӡам.Аилатәара ԥхынҷкәын 29 рахь ииагоуп. Ҳаразиа ҩаԥхьа аӡбарҭахь дрызнамгар, аҭакзыԥхықәу аусбарҭақәа ахараԥса рықәҵахоит.2024 шықәса ԥхынҷкәын 19 рзы Апарламент аҟны иҟалаз ахысрақәа раан дыршьит адепутат Вахтанг Гәаланӡиа, дырхәит адепутат Кан Кәарҷиа. Ацәгьоуразы ахара идырҵоит Адгәыр Ҳаразиа. Ԥхынҷкәын 21 рзы иара адепутаттә кьымсра ихыхын, 2025 шықәса лаҵара 20 рзы идепутаттә зинмчрақәа заанаҵы иаанкылан.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0c/0f/1059737741_69:0:732:497_1920x0_80_0_0_baab2b6d2a8dc3a6d9aed8f4cf54a95f.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Адгәыр Ҳаразиа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аилатәара алахәхара мап ацәикит
14:24 15.12.2025 (ирҿыцуп: 14:43 15.12.2025) Адгәыр ҳаразиа иганахь ала Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь ашьаус нашьҭын цәыббра 23 рзы.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 15 - Sputnik. Апарламент уаанӡатәи адепутат Адгәыр Ҳаразиа ауаҩшьреи ауаҩшьра аҽазышәареи рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аилатәара алахәхара мап ацәикит.
2025 шықәса рашәара 14 рзы иаанкылаз Ҳаразиа Аԥсны АҩАР аамҭалатәи аанкыларҭаҿы дҭакуп. Уи апроцесс иҽалархәра мап ахьацәикуа игәабзиаратә ҭагылазаашьа иадҳәалаӡам.
Аилатәара ԥхынҷкәын 29 рахь ииагоуп. Ҳаразиа ҩаԥхьа аӡбарҭахь дрызнамгар, аҭакзыԥхықәу аусбарҭақәа ахараԥса рықәҵахоит.
2024 шықәса ԥхынҷкәын 19 рзы Апарламент аҟны иҟалаз ахысрақәа раан дыршьит адепутат Вахтанг Гәаланӡиа, дырхәит адепутат Кан Кәарҷиа. Ацәгьоуразы ахара идырҵоит Адгәыр Ҳаразиа.
Ԥхынҷкәын 21 рзы иара адепутаттә кьымсра ихыхын, 2025 шықәса лаҵара 20 рзы идепутаттә зинмчрақәа заанаҵы иаанкылан.