https://sputnik-abkhazia.infohttps://t.me/sputnik_apsny_info/14296
ААУ аҿы имҩаԥысит аицлабра Адырра. Алектор иаиааиз аҳамҭақәа ранашьара
ААУ аҿы имҩаԥысит аицлабра Адырра. Алектор иаиааиз аҳамҭақәа ранашьара
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, ԥхынҷкәын 15 - Sputnik. Аԥсны аҳәынҭқарра арккаҩцәа рзы аицлабра Адырра. Алектор аҟны аиааира згаз аҳамҭақәа ранашьара мҩаԥысит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә... 15.12.2025, Sputnik Аҧсны
2025-12-15T14:58+0300
2025-12-15T14:58+0300
2025-12-15T15:50+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0c/0f/1059733071_0:100:1920:1180_1920x0_80_0_0_b33d71bb57597017d79b92b087335ecf.jpg
АҞӘА, ԥхынҷкәын 15 - Sputnik. Аԥсны аҳәынҭқарра арккаҩцәа рзы аицлабра Адырра. Алектор аҟны аиааира згаз аҳамҭақәа ранашьара мҩаԥысит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы.Жәаҩык аиааира ргеит: Линда Амԥарԥҳа, Анна Гәниаԥҳа, Инал Ҭыжәба, Асида Гәымԥҳа, Анетта Бганԥҳа, Ефрем Ҳагба, Игор Басов, Лиана Ҳагԥҳа, Инал Хамгоков, Асҭанда Кьиутԥҳа. Дара рнапаҿы ирыҭан аҳамҭатә кубқә "Адырра", аноутбукқәа."Ииашаҵәҟьаны иахьа иҷыдоу мшуп, избанзар ҳара ҳахь ихынҳәуеит ҳаамҭазтәи атехникатә хархәагақәа рыла еиқәыршәоугьы уахь иналаҵаны даара ауснагӡатә бзиақәеи апрограммақәеи ҳадызгало аилазаара "Адырра", — иҳәеит ААУ аректор Алеко Гәарамиа.Урыстәылатәи аилазаара "Адырра" адиректор хада ихаҭыԥуаҩ Георги Будныи иазгәеиҭеит Аԥсны ауаажәларра еиҿызкаауа зегь реиҳа зымҽхак ҭбаау арккаратә хҭыс здызкылаз раԥхьатәи аҳәаанырцәтәи тәыланы ишыҟоу. Аԥсны аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа аилазаара "Адырра" аус ацура иахырхарҭа хаданы илыԥхьаӡеит Аԥсны аҭоурыхи иналукааша аусзуҩцәеи ареспублика аҩнуҵҟеи анҭыҵи рӡыргара.Адырра.Алектор – ари Урыстәылатәи аилазаара "Адырра" иафлагмантә проектуп. Уи абаҩхатәра злоу арккаҩцәа раарԥшреи урҭ рзанааҭтә еизҳаразы алшарақәа раԥҵареи рыла арккаратә усура аҿиара иацхраауеит. Аԥсны азы аицлабра хациркит Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко арккаратә марафон Адырра. Аԥхьатәиқәа аҿы.
https://sputnik-abkhazia.info/20251121/1059211516.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0c/0f/1059733071_107:0:1814:1280_1920x0_80_0_0_fb0c30720186b5a64e67cbf179fdeab6.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
АҞӘА, ԥхынҷкәын 15 - Sputnik. Аԥсны аҳәынҭқарра арккаҩцәа рзы аицлабра Адырра. Алектор аҟны аиааира згаз аҳамҭақәа ранашьара мҩаԥысит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы.
Жәаҩык аиааира ргеит: Линда Амԥарԥҳа, Анна Гәниаԥҳа, Инал Ҭыжәба, Асида Гәымԥҳа, Анетта Бганԥҳа, Ефрем Ҳагба, Игор Басов, Лиана Ҳагԥҳа, Инал Хамгоков, Асҭанда Кьиутԥҳа. Дара рнапаҿы ирыҭан аҳамҭатә кубқә "Адырра", аноутбукқәа.
"Ииашаҵәҟьаны иахьа иҷыдоу мшуп, избанзар ҳара ҳахь ихынҳәуеит ҳаамҭазтәи атехникатә хархәагақәа рыла еиқәыршәоугьы уахь иналаҵаны даара ауснагӡатә бзиақәеи апрограммақәеи ҳадызгало аилазаара "Адырра", — иҳәеит ААУ аректор Алеко Гәарамиа.
Урыстәылатәи аилазаара "Адырра" адиректор хада ихаҭыԥуаҩ Георги Будныи иазгәеиҭеит Аԥсны ауаажәларра еиҿызкаауа зегь реиҳа зымҽхак ҭбаау арккаратә хҭыс здызкылаз раԥхьатәи аҳәаанырцәтәи тәыланы ишыҟоу.
Аԥсны аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа аилазаара "Адырра" аус ацура иахырхарҭа хаданы илыԥхьаӡеит Аԥсны аҭоурыхи иналукааша аусзуҩцәеи ареспублика аҩнуҵҟеи анҭыҵи рӡыргара.
Адырра.Алектор – ари Урыстәылатәи аилазаара "Адырра" иафлагмантә проектуп. Уи абаҩхатәра злоу арккаҩцәа раарԥшреи урҭ рзанааҭтә еизҳаразы алшарақәа раԥҵареи рыла арккаратә усура аҿиара иацхраауеит. Аԥсны азы аицлабра хациркит Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко арккаратә марафон Адырра. Аԥхьатәиқәа аҿы.