https://sputnik-abkhazia.infohttps://t.me/sputnik_apsny_info/14303
Аԥсуа-аурыс еиҩызара иазку аконцерт алагеит Аҳәынҭфилармониаҿы
Аԥсуа-аурыс еиҩызара иазку аконцерт алагеит Аҳәынҭфилармониаҿы
Sputnik Аҧсны
Иара азкуп Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра 16 шықәса ахыҵреи Жәлар рдипломатиа шәышықәса ахыҵреи. 15.12.2025, Sputnik Аҧсны
2025-12-15T19:39+0300
2025-12-15T19:39+0300
2025-12-15T20:15+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/04/13/1045356549_0:161:3067:1886_1920x0_80_0_0_ba1bc2b9772b5a4988e4521ff57b9eb9.jpg
Аԥсуа-аурыс еиҩызара иазку аконцерт алагеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы.Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин игәалаиршәеит аҳәаанырцә акультуратә еизыҟазаашьақәа рзы Аидгылазегьтәи аилазаара 1925 шықәсазы ишышьақәгылаз, уи ахьӡгьы изныкымкәа ишыԥсахыз. Жәибжь шықәса раԥхьа уи аҭыԥ ааннакылеит Россотрудничество, уи ахаҭарнакра Аԥсны 2009 ашықәсазы иаатит.Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра анапхгаҩы инапынҵақәа назыгӡо Татиана Степанова инаҵшьны иазгәалҭеит, жәаф шықәса раахыс Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара аусеицура шрыбжьоу.Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба иҳәеит Россотрудничество ишынаныгӡо ихадоу аус, ауаа реизааигәатәреи аилибакаареи арӷәӷәараҿы, ишааныртуа акультуратә еицәажәарақәа рзы аҭыԥқәа."Агәреибагареи, аҳаҭырқәҵареи, ауаҩытәыҩсатә еиныррақәеи рыла ишьаҭарку аусура ауп ауаажәларратә дипломатиаҿы ишьаҭа ӷәӷәаны иҟалазгьы", — иҳәеит иара. Асценаҿ иқәгылеит артистцәа Хьыбла Муқәԥҳа, Авто Канџьариа, Леван Ԥхалаӡе, урыстәылатәи амузыкант Крис Ианки ашәаҳәаҩ Иасиа Чехомова & Luna.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/04/13/1045356549_169:0:2898:2047_1920x0_80_0_0_bfad5f504be8d99c8dfd43cf24c6c59d.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Аԥсуа-аурыс еиҩызара иазку аконцерт алагеит Аҳәынҭфилармониаҿы
19:39 15.12.2025 (ирҿыцуп: 20:15 15.12.2025) Иара азкуп Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра 16 шықәса ахыҵреи Жәлар рдипломатиа шәышықәса ахыҵреи.
Аԥсуа-аурыс еиҩызара иазку аконцерт алагеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин игәалаиршәеит аҳәаанырцә акультуратә еизыҟазаашьақәа рзы Аидгылазегьтәи аилазаара 1925 шықәсазы ишышьақәгылаз, уи ахьӡгьы изныкымкәа ишыԥсахыз. Жәибжь шықәса раԥхьа уи аҭыԥ ааннакылеит Россотрудничество, уи ахаҭарнакра Аԥсны 2009 ашықәсазы иаатит.
Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра анапхгаҩы инапынҵақәа назыгӡо Татиана Степанова инаҵшьны иазгәалҭеит, жәаф шықәса раахыс Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара аусеицура шрыбжьоу.
Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба иҳәеит Россотрудничество ишынаныгӡо ихадоу аус, ауаа реизааигәатәреи аилибакаареи арӷәӷәараҿы, ишааныртуа акультуратә еицәажәарақәа рзы аҭыԥқәа.
"Агәреибагареи, аҳаҭырқәҵареи, ауаҩытәыҩсатә еиныррақәеи рыла ишьаҭарку аусура ауп ауаажәларратә дипломатиаҿы ишьаҭа ӷәӷәаны иҟалазгьы", — иҳәеит иара.
Асценаҿ иқәгылеит артистцәа Хьыбла Муқәԥҳа, Авто Канџьариа, Леван Ԥхалаӡе, урыстәылатәи амузыкант Крис Ианки ашәаҳәаҩ Иасиа Чехомова & Luna.