Аҟәа иҟалаз амҩатә машәыр аҟны ԥшьҩык аахақәа роуит
15:50 16.12.2025 (ирҿыцуп: 16:10 16.12.2025)

© telegram sputnik_apsny_info
/ Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 16 - Sputnik. Ҩыџьа ахәыҷқәеи адуцәа ҩыџьеи амедицинатә усбарҭақәа рахь инаргеит Аҟәа иҟалаз амҩатә машәыр иахҟьаны ҳәа Sputnik изеиҭеиҳәеит Аҳәнҭинспекциа аиҳабы Дамеи Аҩӡба.
Амашәыр ҟалеит Аиааира амҩаду аҿы. Амашьына Nissan Skykine арныҟәцаҩ аԥсҟы импыҵҟьаны ашьаҟа дасит.
"Ҩыџьа ахәыҷқәа ахәыҷтәы хәышәтәырҭахь инагоуп, урҭ рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылам, аԥыҵәҵәарақәа рымам. Амашьынаныҟәцаҩи уи ипассаџьыри Ареспубликатә хәшәтәырҭахь инаган. Амашьынарныҟәцаҩ ԥырхага имам, апассаџьыр ишьапи инапи ԥҵәоуп", — ҳәа азгәеиҭеит Аҩӡба.

