33 нызқь цыра афымцамчԥхьаӡагақәа ықәыргылоуп Аԥсны
09:52 21.12.2025 (ирҿыцуп: 12:37 21.12.2025)

© Sputnik / Владимир Песня
/ Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 21 - Sputnik. 33 нызқь цыра афымцамчԥхьаӡагақәа ықәыргылоуп Аԥсны иҳәеит аенергетика аминистр Баҭал Мышәба.
Иара иажәақәа рыла, урҭ аҳәынҭқарратә ԥарақәа рыла иаархәоит.
"Иазгәаҭатәуп, Аԥсны афымцамчԥхьаӡагақәа аҳәынҭқарра ишаанахәо. Урыстәылеи егьырҭ атәылақәеи рԥышәа ҳахәаԥшуазар, уаҟа азакәанԥҵара атәылауаа ирыднаҵоит рхатә харџь ала иалкаау аԥхьаӡагақәа аархәаларц", — азгәеиҭеит Мышәба.
Аусбарҭаҿы ари ахырхарҭала аусура иацҵахоит. Аенергетика аминистр апарламенттә сааҭ аҿы иҳәахьан, 2026 шықәса иалагӡаны Аԥсны 60 нызқь цыра афымцамчԥхьаӡагақәа рықәыргылара ргәы ишҭоу.