00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:30
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Актуальный комментарий
14:20
6 мин
14:26
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Такие обстоятельства
14:34
26 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Урыстәыла

Андреи Стенин ихьӡ зху XII жәларбжьаратәи аицлабра хацыркуп Москва

© Гульноз АзизоваПосетительница на открытии выставки Международного конкурса фотожурналистики имени Андрея Стенина в Нью-Дели.
Посетительница на открытии выставки Международного конкурса фотожурналистики имени Андрея Стенина в Нью-Дели.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.12.2025
Анапаҵаҩра
Андреи Стенин, амедиагәыԥ "Россия сегодня" фотокорреспондентс дыҟан. Дҭахеит 2014 шықәсазы Донецк амҵан инапынҵақәа рынагӡараан. Аицлабра есышықәса иаадыртуеит Андреи имшира аҽны – ԥхынҷкәын 22 рзы.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 22 - Sputnik. Андреи Стенин ихьӡ зху XII жәларбжьаратәи аицлабра хацыркуп Москва.
Аиндаҭларахь аусумҭақәа рыдыркылоит аноминациақәа: "Сыпланета", "Апатреҭ. Ҳаамҭа афырхаҵа", "Ажәабжь хадақәа", "Аспорт" рҿы, иара убас аноминациа ҿыц "Аԥсҭазаара амч".

"Ажәабжь хадақәа", "Cыпланета", "Апатреҭ. Ҳаамҭа афырхаҵа " ҩ –категориак-зхала иҟоу ҭыхымҭоуп, фотосериоуп. Аноминациақәа "Аспорти" "Хыхьынтәи Аԥшреи" ирылахәхар зылшо зхала иҟоу афотосахьақәа роуп. Аноминациа ҿыц "Аԥсҭазаара амч" 34 шықәса зхыҵуа афотоҭыхыҩцәа рзы иаартуп, убри аан егьырҭ аноминациақәа хәба 18 шықәса инаркны 33 шықәса рҟынӡа зхыҵуа авторцәа рҟынтәи аусумҭақәа рыдыркылоит.
Жәларбжьаратәи амедиагәыԥ "Урыстәыла иахьа" адиректор хада Дмитри Киселиов иҳәеит аицлабра хықәкыс ишамоу ахьӡ ҿыцқәа раартреи афотоҭыхыҩцәа ҿарацәа рыхьӡқәа аӡыргареи.
"Иара убри аамҭазы даара аинтерес аҵазаауеит имҩаԥысыз апрофессионалцәа русумҭақәа рбара, урҭ роуп аҿар рзы ахырхарҭақәа азҭо. Ҳаамҭазтәи афотожурналистика еиуеиԥшым, илашоу, еиҿагыло асахьа. Ҳара ҳзы гәадура дууп уи ҳахәҭакны аҟазаара", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Церемония объявления Гран-при и победителей конкурса фотожурналистики имени Андрея Стенина 2023 года - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.12.2023
Урыстәыла
Андреи Стенин ихьӡ зху аиндаҭларахь аусумҭақәа рыдкылара иалагеит
Азыҳәақәа рыдыркылоит 2026 шықәса жәабран 28 рҟынӡа, ҩ-бызшәак рыла.
Аиндаҭлара 2026 шықәса рзы аԥхьахәтә фонд иартәоит 125 нызқь мааҭ актәи аҭыԥ азы, аҩбатәи - шә-нызқьмааҭ, ахԥатәи - 75 нызқьмааҭ. Гран-при - 700 000 мааҭ, уи реиҳа аинтерес зҵоу аусумҭа ианашьахоит.
Ашықәс ҿыц аконкурс урыстәылатәии аҳәаанырцәтәии ақалақьқәа рҿы аиааира згаз русумҭақәа рцәыргақәҵақәа мҩаԥнагоит. 12 шықәса рыҩнуҵҟа аконкурс аҿы аиааира згаз рцәыргақәҵақәа рбеит Китаи, Аладатәи Африка, Мексика, Аргентина, Уругваи, Колумбиа, Конго, Ҭырқәтәыла, Ливан, Германиа, Испаниа, Италиа, Бырзентәыла, Венгриа, Польша, Египет уҳәа атәылақәа рҿы.
Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааз Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика жәларбжьаратәи аконкурс хықәкны иамоуп ҳаамҭазтәи афотожурналистика ауаажәларра разхьарԥшра. Аконкурс – жәларбжьаратәи афотоеилазаара афотожурналистикаҟны ахьыӡ ҿыцқәа ахьаадырԥшуа, астандартқәа ахьдырҿио, иахьышьақәдыргыло ҭыԥ заҵәыкны иҟоуп.
Конкурс Стенина-2023 запустил голосование среди интернет-пользователей - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.07.2023
Урыстәыла
Андреи Стенин ихьӡ зху аицлабра аинтернет-хархәаҩцәа рыбжьара абжьыҭара хацнаркит
ИУНЕСКО аусқәа рзы Урыстәыла Акомиссиа ахылаԥшрала амедиагәыԥ "Урыстәыла иахьа" еиҿнакааз Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика жәларбжьаратәи аконкурс хықәкыс иамоуп афотоҭыхыҩцәа ҿарацәа адгылара рыҭара, ҳаамҭазтәи афотожурналистика ахыдҵақәа ауаажәларратә хшыҩзышьҭра рыҭара.
Аконкурс аинформациатә партниор хадақәаны иқәгылоит: ВГТРК (Урыстәылазегьтәи аҳәынҭқарратә телехәаԥшратәи арадиодырраҭаратәи еилахәыра) (Урыстәыла), онлаин-платформа "ҲАХӘАԤШУЕИТ" (Урыстәыла).
Аконкурс жәларбжьаратәи аинформациатә партниорцәас иазыҟалеит: Амедиахолдинг Independent Media (Аладатәи Африка), ажәабжьтә маҵзура ANA (Аладатәи Африка), Shanghai United Media Group (SUMG) (Китаи), аинтернет-портал The Paper (Китаи), амедиахолдинг Dar Al Sharq (Катар), аинтернет-портал Brasil247 (Бразилиа), аинформациатә маҵзура PTI (Индиа), аинформациатә маҵзура IINA (Ирак), аинформациатә маҵзура mehr (Иран), Аинформациатә Маҵзура Nan (Нигериа), Аинформациатә МАҴЗУРА XINHUA (Китаи).
Ажәабжьқәа зегьы
0