00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
08:00
30 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Сымпахьшь хәыҷы имбаӡо": ауаҩы ицәеижьхәҭақәа аусушьа инаркны ацуфарақәа рҟынӡа

© SputnikАцуфарақәа
Ацуфарақәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.01.2026
Анапаҵаҩра
Ауаҩы ицәеижьхәҭақәа аусушьазы згәаҭарақәаки ацәеижьхәҭақәа азырбо ацуфарақәеи шәрыԥхьарц шәылшоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал аҟны.
Ауаҩы адунеи аҿы иҟоу амаӡақәа дыруакуп. Иара дызусҭоу, дахьынтәаауа, наҟ-наҟ иԥеиԥшу ртәы иркьаҿны аҳәара акәым инеиҵыхӡоу аусумҭақәа рҿгьы цқьа ирзымыӡбац зҵаароуп. Афилософцәа, аҵарауаа иеиуеиԥшым агәаанагарақәа рҳәоит ауаҩы аԥсабара дшахылҵыз азы. Мҩашьарада идыру акоуп, ауаҩы адунеи аҿы алшара ду иҭаны дызшаз иара иаҵкыс зылшоз даҽа мчык шакәу. Ауаҩы ишьақәгылара иаалырҟьан иҟалаз усым. Уи аамҭа еиҵыхын акыр миллион шықәсақәа рҟынӡа. Зегь раԥхьаӡа иргыланы иҳәатәуп – ҷыдара хаданы ишиоуз ахәыцра. Ахәыцра илшо даныҟала инаркны ауп иахьатәи ауаҩы иҭеиҭыԥши иҟазшьеи иманы данышьақәгыла.
ХIХ ашәышықәсазтәи англыз шәҟәыҩҩы, афилософ Карлеиль иҩуан: "Згәы бзиоу ауаҩы зегь реиҳа зыхә ҳараку ԥсабаратә ԥҵамҭоуп". Ҵабыргны, ауаҩы имаха ишьаха изхәыцуа, гәабзиарала данеилыԥхаауа илымшара иҟоузеи.
Аԥсуаа иҳацәтәымым ҟазшьоуп – ҩыџьа аԥсшәа ааибырҳәар, угәабзиара шԥаҟоу ҳәа еизҵаауеит. Аҵәца анышьҭырхуа ирныҳәо зегь раԥхьаӡа изеиӷьаршьауа агәабзиароуп. Ауаҩы игәы анбзиаха, зегь рыла дыӷәӷәоуп. Убри алагьы иуҳәар алшоит: "Агәабзиара –    амалқәа зегьы ирмалуп" ҳәа.
Абхазская АССР. 100-летние жители села Лыхны Гудаутского района - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.10.2025
Аԥсны
"Уагьахәуеит, уагьахәшәтәуеит": абз иаҳҳәаау ажәаԥҟақәеи урҭ рҵакқәеи
Ацәеижь аусурахьтә
Ауаҩы ицәеижь ссиршәа ишоуп. Уи аусушьа аганахьала аинтерес зҵоу згәаҭарақәак ҳҽыргәылаҳхалап:
Ауаҩы ҭынч даныҟоу иԥсыԥ минуҭк ала илеига-ҩеигоит 16-20-нтә раҟара. Аус ӷәӷәаны ианиуа ари ахыԥхьаӡара ҩынтә-хынтә ишьҭыҵуеит.
Ауаҩы ирԥҳақәа зынӡак ирҭаӡоит хәбаҟа литра аҳауа. Знык ихәлаигалоит литраки бжаки инадыркны хԥаҟа литра рҟынӡа аҳауа.
Ауаҩы ибз абаҩ алаӡам, иара жьышәала ишьақәгылоуп.
Есыҽны литрак еиҵамкәа аӡы ыжәлатәуп. Аӡы ацәаԥшшәы арбзиоит, итатаны иҟанаҵоит.
Ауаҩы ҭынч даныҟоу минуҭк ала 60-80-нтә раҟара игәы еисуеит, агәеисра аццакра иацлоит аус хьанҭа данаҿу. Агәы ҭынч аус анауа зныктәи аисрала 65-70 мл. ашьа аршәуеит.
Ауаҩы икрыфара иамоу аҷыдарақәа зегь реиҳа изныԥшуа ица ауп. Иқәра зеиԥшроу еиԥш ица аформагьы аҽаԥсахуеит.
Ауаҩы имаха-шьаха рфункциа назыгӡартә аҭагылазаашьа рырҭоит ажьышәақәа (мышцы). Шьаҿак аҟаҵаразы 200 инарзынаԥшуа ажьышәақәа аус еицыруроуп.
Аҵарауаа иазгәарҭоит: 30 минуҭ рыҩнуҵҟа ауаҩытәыҩса ижьышәақәа иахылҵуа аԥхарра 4 литрак аӡы аршра алшоит ҳәа.
Ауаҩы ихьанҭара аҟынтә 6-7 процент илоу ашьа акапан иатәуп. Бжьаратәла ауаҩы ицәеижь зынӡа иалоуп хәбаҟа литра ашьа.
Уахыки-ҽнаки рыла ауаҩы иҿыҵаҿы ауаталақәа ирыцрыҵуа аҿыҵаӡы литрабжак иеиҵамзароуп, иеиҳамзароуп ҩ-литрак.
Ацуфарақәа рахьтә
Аԥсуа фольклор жанрла ибеиоуп. Афольклор ажанр ссақәа ирыҵаркуеит ацуфарақәа. Ацуфарақәа реилазаараҿы иуԥылоит маанала ауаҩы ицәеижьхәҭақәа азырбо. Ицәыраҳгап урҭ:
Снимок в библиотеке Колледжа Иисуса в Кембридже фотографа Sara Rawlinson, попавший в шортлист конкурса Historic Photographer of The Year 2018 - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.06.2020
Ирхәыцгоу, ихшыҩԥышәагоу: аԥсуа жәлар рцуфарақәак ирызкны
Аҳ иашҭа ҩ-ҟәбарк ҭажуп. (Аблақәа)
Ӡыда ҟәараш. (Ахаԥыцқәа)
Ҩыџьа аишьцәа ашьха рыбжьоуп. (Аблақәа)
Сырҩаш хәыҷы инымҵәаӡо. (Алаӷырӡ)
Баак аҟны ҳәыс ԥшқак ҭатәоуп. (Абз)
Ашә нхыҵ-аахыҵ ҩ-ҟәбарк шьҭоуп. (Аблақәа)
Сымпахьшь хәыҷы имбаӡо. (Абз)
Аҳ иаҭәоу, илиаа ираҭәоу, ҳәызба мыркы еишәа қәымҵа. (Агәыԥҳәы)
Ҩ-ԥенџьырк сымоуп наԥшырҭаны, ҵхла аԥарда ласышьҭуеит, аашар - иҳараскуеит. (Аблацәақәа)
Заԥхьа зызқәа ыҟоу, зышьҭахь зымгәа ыҟоу. (Ашьаргәацә).
Ажәабжьқәа зегьы
0