Аԥсны аепидчымазарақәа рсезон анҵәамҭазы аимҳәа зыхьуа рхыԥхьаӡара иеизҳар ҟалоит
13:52 31.01.2026 (ирҿыцуп: 14:13 31.01.2026)

© Sputnik / Александр Кондратюк
/ Анапаҵаҩра
АҞӘА, ажьырныҳәа 31 — Sputnik. Аԥсны аепидчымазарақәа рсезон анҵәамҭазы аимҳәа зыхьуа рхыԥхьаӡара иеизҳар ҟалоит лҳәеит ареспублика асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева.
"Ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа рышьҭахь ачымазцәа рхыԥхьаӡара иеизҳаит. Уи ашыкьымҭа иақәшәеит ажьырныҳәа 20 рзы. Ашколхәыҷқәагьы аӡәырҩы аԥсшьарамшқәа раан ичмазаҩхахьеит. Ус шакәугьы, амедусзуҩцәа аепидемсезон анҵәамҭазы ачымазара маҷк ишьҭыҵуеит ҳәа иазыԥшуп", — лҳәеит лара "Аԥсныпресс" аинтервиу аҭо.
Иара убас асанҳақьым хада 2025 шықәсазтәи ачымазара азы адыррақәа дырзааҭгылеит. Ҵыԥх Аԥсны ауааԥсыра еиҳарак А ҳәа изышьҭоу агрипп, аденовирус, абокавирус, акоронавирус, аԥсыԥ лага-ҩагара иаԥырхагаз аҿкқәа рыхьуан.
Ачымазареи уи ианнажьуа ахҟьаԥҟьақәа рырмаҷразы алаҵаҟаҵара рабжьалгоит Белиаева. Лажәақәа рыла, Аԥсны есышықәса жьҭаарамза инаркны алаҵа хәыда-ԥсада ишымҩаԥысуа ареспублика аполиклиникақәа зегьы рҿы.
Индиа, Индонезиа, Малаизиа аларҵәара зауз аҿкы Нипах Урыстәыла асанитартә хылаԥшра иабзоураны, Аԥсны ацәырҵра ашәарҭара ланарҟәуеит, аха ус шакәугьы атәыла амедусҳәарҭақәа рҿы аҭагылазаашьа иацклаԥшуеит ҳәа азгәалҭеит лара.