https://sputnik-abkhazia.infohttps://t.me/sputnik_apsny_info/15229
"Аԥснытәи ацитрустә еилахәыра" даҭааит Урыстәыла аекономҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ
"Аԥснытәи ацитрустә еилахәыра" даҭааит Урыстәыла аекономҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, ажьырныҳәа 31 — Sputnik. Ԥшьаԥ ақыҭан иҟоу "Аԥснытәи ацитрустә еилахәыра" даҭааит Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Назаров. 31.01.2026, Sputnik Аҧсны
2026-01-31T16:23+0300
2026-01-31T16:23+0300
2026-01-31T16:39+0300
sputnik аԥсны
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/01/1f/1060764066_0:67:1280:787_1920x0_80_0_0_0be58a26f292d994324eafc8afb664e7.jpg
АҞӘА, ажьырныҳәа 31 — Sputnik. Ԥшьаԥ ақыҭан иҟоу "Аԥснытәи ацитрустә еилахәыра" даҭааит Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Назаров.Аделегациа ирԥылеит Гәылрыԥшь араион ахада Саид Ҳаразиа, Жәлар Реизара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ашот Миносиан, Аԥсны Аерманцәа руаԥшь ахада Алик Миносиан, аекономика аминистр Ҭеимраз Амқәаб, абри атәы аанацҳауеит араион апресс-маҵзура.Анаплакы ацитрусқәа реингалареи, рыҵәахреи, аус рыдулареи иазырхоуп. Ацитрустә еилахәыра аԥҵан аԥсуа-аурыс льготатә кредит аиура апрограммала. Апроект ахарџьнҵатә хәԥса иартәоит 801 миллион мааҭ. Урҭ рҟынтәи 700 млн альготатә кредит аҳасабала ирыҭоуп.Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Назаров напхгара зиҭо аделегациеи аусутә ныҟәарала Аԥсны иааны иҟоуп. Аганақәа 2026-2028 шықәсқәа рзы Аинвестпрограмма апроекти 2026-2030 шықәсқәа рзы аинвестпроектқәа альготатә кредитҟаҵаразы апрограммеи ирылацәажәараны иҟоуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/01/1f/1060764066_72:0:1209:853_1920x0_80_0_0_47966134359106150d7d8ad1a68b01d1.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
sputnik аԥсны, аԥсны, ажәабжьқәа
sputnik аԥсны, аԥсны, ажәабжьқәа
"Аԥснытәи ацитрустә еилахәыра" даҭааит Урыстәыла аекономҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ
16:23 31.01.2026 (ирҿыцуп: 16:39 31.01.2026) АҞӘА, ажьырныҳәа 31 — Sputnik. Ԥшьаԥ ақыҭан иҟоу "Аԥснытәи ацитрустә еилахәыра" даҭааит Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Назаров.
Аделегациа ирԥылеит Гәылрыԥшь араион ахада Саид Ҳаразиа, Жәлар Реизара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ашот Миносиан, Аԥсны Аерманцәа руаԥшь ахада Алик Миносиан, аекономика аминистр Ҭеимраз Амқәаб, абри атәы аанацҳауеит араион апресс-маҵзура.
Анаплакы ацитрусқәа реингалареи, рыҵәахреи, аус рыдулареи иазырхоуп. Ацитрустә еилахәыра аԥҵан аԥсуа-аурыс льготатә кредит аиура апрограммала. Апроект ахарџьнҵатә хәԥса иартәоит 801 миллион мааҭ. Урҭ рҟынтәи 700 млн альготатә кредит аҳасабала ирыҭоуп.
Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Назаров напхгара зиҭо аделегациеи аусутә ныҟәарала Аԥсны
иааны иҟоуп. Аганақәа 2026-2028 шықәсқәа рзы Аинвестпрограмма апроекти 2026-2030 шықәсқәа рзы аинвестпроектқәа альготатә кредитҟаҵаразы апрограммеи ирылацәажәараны иҟоуп.