https://sputnik-abkhazia.infohttps://t.me/sputnik_apsny_info/15342
Москва мҩаԥысит "Даур Занҭариа. Аҟәа иԥшааз ашәҟәы" аӡыргара
Москва мҩаԥысит "Даур Занҭариа. Аҟәа иԥшааз ашәҟәы" аӡыргара
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жәабран 6— Sputnik. Москва мҩаԥысит "Иналукааша ауаа рыԥсҭазаара" асериа иаҵанакуа "Даур Занҭариа. Аҟәа иԥшааз ашәҟәы" аӡыргара. Ашәҟәы автор — ашәҟәыҩҩы... 06.02.2026, Sputnik Аҧсны
2026-02-06T14:38+0300
2026-02-06T14:38+0300
2026-02-06T16:16+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/02/06/1060883639_3:0:711:398_1920x0_80_0_0_28057aa2fa3c3128b5118cdca71168c1.png
АҞӘА, жәабран 6— Sputnik. Москва мҩаԥысит "Иналукааша ауаа рыԥсҭазаара" асериа иаҵанакуа "Даур Занҭариа. Аҟәа иԥшааз ашәҟәы" аӡыргара. Ашәҟәы автор — ашәҟәыҩҩы Максим Гуреев, иара ҭыҵит ашәҟәҭыжьырҭа "Молодая гвардия" аҿы. Аҭыжьымҭа иаҵанакуеит архивтә материалқәеи, ахатә ршаҳаҭгақәеи, аепохаз автортә хшыҩзцареи шьаҭас измоу абиографиатәи алитературатәи ҭҵаара. "Иахьагьы уи ауаҩ ихьӡ иахьатәи амш азхәыцреи аилкаареи рзы аҳәатәы ҳнаҭоит, иҟоу ахәшьара шаҳҭогьы ҳазнархәыцуеит. Даара ииашахон иажәабжьқәеи иажәеинраалақәеи ауаа рацәа рҟынӡа инаӡар", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба. Аӡыргара иалахәын Даур Занҭариа иҭынхацәа, арҿиаратә интеллигенциа, Москва иҟоу аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц, Аԥсны Жәлар рпоет Дырмит Гәлиа имоҭа Гьаргь Гәлиа.Ашәҟәы аҭыжьра раԥшьгамҭоуп Даур Занҭариа ихьӡ зху Ацентр анапхгаҩы Циза Гәынԥҳаи аҵарауаҩ Баҭал Кобахьиеи. Афинанстә цхыраара ҟаиҵеит Урыстәылатәи амуниципалтә академиа академик Беслан Кобахьиа.Даур Занҭариа – аҭоурыхтә повестқәеи ажәабжьқәеи равто. Ипрозаҿы иааирԥшит аԥсуа қыҭа абзазара, аҵасқәа, аҟазшьақәа, аишәачара, алегендақәа, аамҭа ҿыц.
https://sputnik-abkhazia.info/20251209/1059631549.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/02/06/1060883639_92:0:623:398_1920x0_80_0_0_7bc64401a194c5b80de10a120842eecc.pngSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, акультура
Москва мҩаԥысит "Даур Занҭариа. Аҟәа иԥшааз ашәҟәы" аӡыргара
14:38 06.02.2026 (ирҿыцуп: 16:16 06.02.2026) АҞӘА, жәабран 6— Sputnik. Москва мҩаԥысит "Иналукааша ауаа рыԥсҭазаара" асериа иаҵанакуа "Даур Занҭариа. Аҟәа иԥшааз ашәҟәы" аӡыргара.
Ашәҟәы автор — ашәҟәыҩҩы Максим Гуреев, иара ҭыҵит ашәҟәҭыжьырҭа "Молодая гвардия" аҿы. Аҭыжьымҭа иаҵанакуеит архивтә материалқәеи, ахатә ршаҳаҭгақәеи, аепохаз автортә хшыҩзцареи шьаҭас измоу абиографиатәи алитературатәи ҭҵаара.
"Иахьагьы уи ауаҩ ихьӡ иахьатәи амш азхәыцреи аилкаареи рзы аҳәатәы ҳнаҭоит, иҟоу ахәшьара шаҳҭогьы ҳазнархәыцуеит. Даара ииашахон иажәабжьқәеи иажәеинраалақәеи ауаа рацәа рҟынӡа инаӡар", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба.
Аӡыргара иалахәын Даур Занҭариа иҭынхацәа, арҿиаратә интеллигенциа, Москва иҟоу аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц, Аԥсны Жәлар рпоет Дырмит Гәлиа имоҭа Гьаргь Гәлиа.
Ашәҟәы аҭыжьра раԥшьгамҭоуп Даур Занҭариа ихьӡ зху Ацентр анапхгаҩы Циза Гәынԥҳаи аҵарауаҩ Баҭал Кобахьиеи. Афинанстә цхыраара ҟаиҵеит Урыстәылатәи амуниципалтә академиа академик Беслан Кобахьиа.
Даур Занҭариа – аҭоурыхтә повестқәеи ажәабжьқәеи равто. Ипрозаҿы иааирԥшит аԥсуа қыҭа абзазара, аҵасқәа, аҟазшьақәа, аишәачара, алегендақәа, аамҭа ҿыц.