Аҳҭнықалақь ахада икандидатура шьақәырӷәӷәоуп
16:32 06.02.2026 (ирҿыцуп: 23:53 06.02.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 6— Sputnik. Аҟәа Ақалақьтә еизара адепутатцәа Ҭемыр Агрба аҳҭнықалақь ахада имаҵураҭыԥаҿ икандидатура шьақәдырӷәӷәеит.
Аԥсны азакәанԥҵара инақәыршәаны, аҭыԥантәи амчратә усбарҭақәа рахь алхрақәа анымҩаԥыргалак ашьҭахь атәыла ахада араионқәа рхадацәа ркандидатурақәа рыдигалоит. Акандидатурақәа рзы аиқәшаҳаҭрақәа мҩаԥысуеит Араионтә еизарақәа рҿы. Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа Аԥсны имҩаԥысит абҵара 8 рзы.

Ҭемыр Агрба диит нанҳәа 24, 1989 шықәсазы Очамчыра араион Кәтол ақыҭан. 2014-2015 шықәсқәа рзы аус иуан Аҟәа ахадара Аусбарҭа "Ақалақьргылара" аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс.
2015 шықәса инаркны 2019 шықәсанӡа – аҳҭнықалақь ахадара "Ақалақьргылара" Аусбарҭа аиҳабыс дыҟан. 2020 шықәса ԥхынгәымза инаркны – Аԥсны акапиталтә ргылара Аусбарҭа аиҳабы. Аҟәа ақалақь ахада имаҵураҭыԥ дахадыргылеит 2025 шықәса мшаԥы 23 рзы.