https://sputnik-abkhazia.info/20260211/1060978752.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Бадра Гәынба инапы аҵеиҩит Гәдоуҭа араион ахада Валери Аҩӡба иҿҳәара ахыркәшара инамаданы имаҵура аҟынтә ихы иақәиҭтәразы аусԥҟа. Араион ахада инапынҵақәа... 11.02.2026, Sputnik Аҧсны
2026-02-11T13:01+0300
2026-02-11T13:01+0300
2026-02-11T13:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/02/0b/1060978586_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_8d2f781905316e7fd64a01ff19f014d7.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Бадра Гәынба инапы аҵеиҩит Гәдоуҭа араион ахада Валери Аҩӡба иҿҳәара ахыркәшара инамаданы имаҵура аҟынтә ихы иақәиҭтәразы аусԥҟа. Араион ахада инапынҵақәа рынагӡаразы дҟаҵоуп Асҭамыр Аргәын ҳәа аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура. Асҭамыр Аргәын диит ажьырныҳәа 31 1968 шықәсазы, 1986 шықәсазы дҭалеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аекономикатә факультет.Далахәын Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра. Аибашьра ашьҭахь акыр шықәса аус иуан ашәахтә усбарҭақәа рҿы, ианашьоуп аусбарҭатә медалқәеи аҳаҭыртә шәҟәқәеи.
Атәыла ахада анаҩстәи иусԥҟала Герман Каҷараа дҟаҵоуп Тҟәарчал араион ахада инапынҵақәа рынагӡаразы. Исидор Дочиа инапынҵақәа рхыркәшара аамҭа инамаданы имаҵураҭыԥ аҟынтәи ихы дақәиҭтәуп ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.Каҷараа диит жәабран 1 1993 шықәсазы Тҟәарчал, далгеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет агронџьныртә факультет. Данстудентыз инаркны аенергетикатә усхк аҿы аус иуан, 2019 - 2022 шықәсқәа рзы "Амшынеиқәафымцамч" Тҟәарчалтәи аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩс дыҟан.2022 шықәса инаркны Герман Каҷараа Аԥсны Жәлар Реизара адепутатс дыҟоуп.
Аҟәа Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы алектори аадыртуеит.Уи еиҿыркаауеит ааигәа еиҭашьақәдыргылаз АЗХ аԥшьбатәи азал аҿы. Уаҟа имҩаԥгалахоит асахьаҭыхыҩцәеи аҟазараҭҵааҩцәеи рԥылара. Актәи аиԥылара мҩаԥгахоит хәажәкырамза алагамҭазы."Ахәаԥшҩи ҳареи ҳаиҿцәажәара ахәаԥшра адагьы, дазыӡырҩыртә, даԥхьартә, дазхәыцыртә, ихаҿы иааигартә еиԥш ашьақәыргылара ҳҽазаҳшәоит. Араҟа, шықәсык аҩнуҵҟа имҩаԥгахоит аинырра хықәкы хаданы измоу аусмҩаԥгатәқәа", — ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит АЗХ адиректор Ельвира Арсалиаԥҳа.
Аиааиреи Дбари амҩадуқәа реихысырҭаҿы игылоу аҭоурыхтә хыбра адәахьтәи ахаҿра арҽеиразы аусурақәа ирылагеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҟәа ахада ихаҭыԥуаҩ Константин Ҭарба. "Ари ҩ-еихагылак змоу, нхарҭатә хыброуп. Адәахьтәи аҿаԥшылараҿы иҟоуп акыр зҵазкуа иԥхасҭахаз архитектуратә формақәа. Урҭ аханатә ишыҟаз еиԥш еиҭашьақәыргылахоит", — ҳәа иҳәеит иара. Уи адагьы, аргылаҩцәа ажәытә ашьыхқәа рыхәҭак амырхуеит, аҭӡамцқәа иҷыдоу ашьыхгала ишьыхны иршәуеит.Ҭарба иҳәеит, аҳҭнықалақь ахадара аҭоурыхтә-культуратә ҭынхақәа рсиа иаҵанакуа, аиҭашьақәыргылара зҭаху ахыбрақәа рсиа шеиқәдыршәо.
Гал араион аҿы аԥҳәыс ауаҩшьра лҽазылшәеит.Жәабран 6 рзы аимак иахҟьаны Абаакыҭ ақыҭан инхо Саломе Зақараиа лаб иаҳәшьа Вардо Зақараиа жәантәҟа еигәшәла лхы дасит ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада.Ааха зауз Араионтә хәшәтәырҭа хадахь днаргеит.Саломе Закараиа лыԥсихикатә еилагара инамаданы Ареспубликатә апсихоневрологиатә хәшәтәырҭа дышьҭарҵеит.Аус аӡбарҭахь идәықәҵоуп, ахара зыдҵоу ихымԥадатәиу ахәшәтәратә уснагӡатәқәа рхархәаразы.
Бадра Гәынба инапы аҵеиҩит Гәдоуҭа араион ахада Валери Аҩӡба иҿҳәара ахыркәшара инамаданы имаҵура аҟынтә ихы иақәиҭтәразы аусԥҟа. Араион ахада инапынҵақәа рынагӡаразы дҟаҵоуп Асҭамыр Аргәын ҳәа аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура. Асҭамыр Аргәын диит ажьырныҳәа 31 1968 шықәсазы, 1986 шықәсазы дҭалеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аекономикатә факультет.Далахәын Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра. Аибашьра ашьҭахь акыр шықәса аус иуан ашәахтә усбарҭақәа рҿы, ианашьоуп аусбарҭатә медалқәеи аҳаҭыртә шәҟәқәеи. Атәыла ахада анаҩстәи иусԥҟала Герман Каҷараа дҟаҵоуп Тҟәарчал араион ахада инапынҵақәа рынагӡаразы. Исидор Дочиа инапынҵақәа рхыркәшара аамҭа инамаданы имаҵураҭыԥ аҟынтәи ихы дақәиҭтәуп ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.Каҷараа диит жәабран 1 1993 шықәсазы Тҟәарчал, далгеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет агронџьныртә факультет. Данстудентыз инаркны аенергетикатә усхк аҿы аус иуан, 2019 - 2022 шықәсқәа рзы "Амшынеиқәафымцамч" Тҟәарчалтәи аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩс дыҟан.2022 шықәса инаркны Герман Каҷараа Аԥсны Жәлар Реизара адепутатс дыҟоуп. Аҟәа Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы алектори аадыртуеит.Уи еиҿыркаауеит ааигәа еиҭашьақәдыргылаз АЗХ аԥшьбатәи азал аҿы. Уаҟа имҩаԥгалахоит асахьаҭыхыҩцәеи аҟазараҭҵааҩцәеи рԥылара. Актәи аиԥылара мҩаԥгахоит хәажәкырамза алагамҭазы."Ахәаԥшҩи ҳареи ҳаиҿцәажәара ахәаԥшра адагьы, дазыӡырҩыртә, даԥхьартә, дазхәыцыртә, ихаҿы иааигартә еиԥш ашьақәыргылара ҳҽазаҳшәоит. Араҟа, шықәсык аҩнуҵҟа имҩаԥгахоит аинырра хықәкы хаданы измоу аусмҩаԥгатәқәа", — ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит АЗХ адиректор Ельвира Арсалиаԥҳа. Аиааиреи Дбари амҩадуқәа реихысырҭаҿы игылоу аҭоурыхтә хыбра адәахьтәи ахаҿра арҽеиразы аусурақәа ирылагеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҟәа ахада ихаҭыԥуаҩ Константин Ҭарба. "Ари ҩ-еихагылак змоу, нхарҭатә хыброуп. Адәахьтәи аҿаԥшылараҿы иҟоуп акыр зҵазкуа иԥхасҭахаз архитектуратә формақәа. Урҭ аханатә ишыҟаз еиԥш еиҭашьақәыргылахоит", — ҳәа иҳәеит иара. Уи адагьы, аргылаҩцәа ажәытә ашьыхқәа рыхәҭак амырхуеит, аҭӡамцқәа иҷыдоу ашьыхгала ишьыхны иршәуеит.Ҭарба иҳәеит, аҳҭнықалақь ахадара аҭоурыхтә-культуратә ҭынхақәа рсиа иаҵанакуа, аиҭашьақәыргылара зҭаху ахыбрақәа рсиа шеиқәдыршәо. Гал араион аҿы аԥҳәыс ауаҩшьра лҽазылшәеит.Жәабран 6 рзы аимак иахҟьаны Абаакыҭ ақыҭан инхо Саломе Зақараиа лаб иаҳәшьа Вардо Зақараиа жәантәҟа еигәшәла лхы дасит ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада.Ааха зауз Араионтә хәшәтәырҭа хадахь днаргеит.Саломе Закараиа лыԥсихикатә еилагара инамаданы Ареспубликатә апсихоневрологиатә хәшәтәырҭа дышьҭарҵеит.Аус аӡбарҭахь идәықәҵоуп, ахара зыдҵоу ихымԥадатәиу ахәшәтәратә уснагӡатәқәа рхархәаразы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/02/0b/1060978586_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_42ac8272e336635f2c3c1ad04da1d28a.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио