Ауаажәларраҿы аҳәса ҭыԥс иааныркыло иалацәажәеит Аҟәа имҩаԥысыз астол гьежь аҿы
14:50 06.03.2026 (ирҿыцуп: 22:11 06.03.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 6 - Sputnik. Ауаажәларраҿы аҳәса ҭыԥс иааныркыло иалацәажәеит Аҟәа Амилаҭтә библиотекаҿ имҩаԥысыз астол гьежь аҿы.
Аусмҩаԥгатә иалахәыз азааҭгылеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы аҳәса ралахәхара аҭоурых, ааӡарааҿы аԥхәыс иаанылкыло аҭыԥ, иахьатәи аамҭаз аԥҳәыс илызцәырҵуа ауадаҩрақәеи лылшарақәеи ирызкыз азҵаарақәа.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан аԥсуа ҳәсақәа ахацәа ирывагыланы еибашьуан хәа азгәалҭеит ААУ Аԥсны аҭоурыхи, археологиеи, аетнологиеи ркафедра арҵаҩы Альдона Салаҟаиаԥҳа.
Лара далахәын Россотрудничество ахаҭарнакра еиҿнакааз "Ауаажәларраҿы аҳәса рҭыԥ: атрадициақәа рҟынтә ҳазну аамҭахь" захьӡу астол гьежь.
Лара далахәын Россотрудничество ахаҭарнакра еиҿнакааз "Ауаажәларраҿы аҳәса рҭыԥ: атрадициақәа рҟынтә ҳазну аамҭахь" захьӡу астол гьежь.
Салаҟаиаԥҳа иргәалалыршәеит Аԥсны 55 нызқьҩык инеиҳаны ауааԥсыра афронт ахь ишцаз. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан аҳәсагьы.
"Урҭ рыбжьара иҟан амедусзуҩцәа, аԥырҩцәа. Иреиӷьу аҿырԥштәқәа дыруаҵәкуп ҳәарада Мери Аҩӡԥҳа. Лара 1942 шықәсазы аԥырҩы-аныҟәцаҩс дыҟан", — лҳәеит лара.
Аԥснытәи аҳаирпланныҟәцаҩ 477-нтә аибашьратә ԥыррақәа мҩаԥылгеит, 63 нызқь тонна артҟәацга аӷацәа аҳауаҟнытә ирықәлыжьит ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит Альдона Салаҟаиаԥҳа.
"Урҭ рыбжьара иҟан амедусзуҩцәа, аԥырҩцәа. Иреиӷьу аҿырԥштәқәа дыруаҵәкуп ҳәарада Мери Аҩӡԥҳа. Лара 1942 шықәсазы аԥырҩы-аныҟәцаҩс дыҟан", — лҳәеит лара.
Аԥснытәи аҳаирпланныҟәцаҩ 477-нтә аибашьратә ԥыррақәа мҩаԥылгеит, 63 нызқь тонна артҟәацга аӷацәа аҳауаҟнытә ирықәлыжьит ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит Альдона Салаҟаиаԥҳа.
Аҳәса" ма "ахацәа" иртәу азанааҭқәа ҳәа астереотиптә хәыцра, ари анахронизм ауп ҳәа илыԥхьаӡоит Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Анас Кьышьмариаԥҳа.
Лара лгәаанагара лҳәеит ауаажәларреи аҳәынҭқарреи иааизакны ауаа рзинқәа, аџьатә хақәиҭрақәа реилагара ирызхьаԥшлароуп ҳәа, урҭ аиҳарак агендертә еилыхра акәӡам изыхҟьо, изыхҟьо аусураҭаҩцәа рыԥсыцәгьара ауп ҳәа.
Акариераҿы ақәҿиара, мамзаргьы азанааҭтә ҳаракырақәа рахь анеиразы аԥынгылақәа риааира алшара — ари иалкаау аҟазшьақәа ирлыҵшәоуп. Еиҳараӡак урҭ ахацәа рҿы иуԥылоит.
"Ааи, иуҳәар ҟалоит урҭ рҿы ахацәа ԥыжәара ргоит ҳәа. Аха иҳараку аусуратә ҭыԥ аанызкыло аҳәса иаадрыԥшуеит аҟазара ҳаракы, абжьааԥны иуԥымло аӡбамҭақәа рыгәаӷьрала", — лҳәеит Қьышьмариаԥҳа.
Аомбудсмен иазгәалҭеит аԥсуаа ҳҵасқәа рҿы аԥҳәыс ахәшҭаара еиқәзырхо лакәны дшаанхо, уи лхаҭара ашьақәгылараҿы анырра шанаҭо.
Ареспубликаҿы ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Мактина Џьынџьалԥҳа илҳәеит Аԥсны ауаажәларратә еиҿкаарақәа аԥҳәыс хаҿы рымоуп ҳәа.
"Даара ирацәаҩуп аҳәса ауаҩы изинқәа рыхьчара ахырхарҭала, ауаажәларратә аԥшьгарақәа ирылахәу, уи уамыргәырӷьар залшом", — ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит лара ареспубликаҿы иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра еиҿнакааз астол гьежь аҟны.
Иара убри аамҭазы Џьынџьалԥҳа илҳәеит, Аԥсны аҳәса ҳаҭыр ду шрықәугьы, аҳәсеи ахәыҷқәеи рзинқәа реилагара ахҭысқәа егьырҭ атәылақәа рҿы еиԥш араҟагьы ишуԥылало.
"Даара ихьанҭоуп ҳара ҳҟнеиԥш иҟоу атрадициатә уаажәларраҿгьы имҩаԥысуа ақәымчра ахҭысқәа рылацәажәара. Даара лассы-лассы уи бжьыҭгала ианалацәажәатәу ыҟоуп, ахәыҷи аԥҳәыси рзинқәа рыхьчара амеханизмқәа рымч зегьы еизыркәкәаны аус руларц азы", — ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит ахәыҷтәы омбудсмен.
