"Аԥсны"
Аԥсуа ҟазараҿы аҭоурых иазку раԥхьаӡатәи монументалтә ҭыӡсахьоуп. Асахьаҭыхҩы Тариел Амԥар иусумҭа, 1973 шықәсазы иаԥиҵеит. Ара ихәыҷушәа убоит, аха ашәагаа 87 метра ԥшьыркца инаӡон, инеиҵыху ҿыханҵаны Гәдоуҭа аԥсшьарҭа ҩны "Приморское" аҩнуҵҟа аҩычон.
Аҭыӡсахьаҟны иаарԥшуп Аԥсны ажәытә-аҿатә, аҭоурыхтә баҟақәеи ахҭысқәеи, ага-ашьха, абаашқәа, аныхақәа, Аԥсуа баагәара, аԥсуа ҩнқәа, амҳарақәа, амхырҭақәа, адамрақәеи аҵангәарақәеи. Уи иаразнак улаԥш назықәшәо роуп, аха ццакрада иҭҵаауа уҿыноухар, иҵегь игәоуҭо рацәоуп. Асахьа уахәаԥшцыԥхьаӡа иҿыцу акы уанаҳәоит, араҟа аҭыԥ роуит аҿаԥыц рҿиамҭақәагьы! Иаҳҳәап, алабашьа иҵарсу аԥсы ҭаланы абӷьы шылнагаз (амахә ҩа ашәҭра); аӡиа иҩахыку абааш аҿы арԥызбеи аԥҳәызбеи рцәаара (урҭ рыбаҩ аҭӡы иаласоуп, аӷәӷәаразы); иҳашҳатәрахаз нарҭаа; ашьха иаҟароу абырг ижакьа хыҽҽо уҳәа убас иҵегь.
Асахьаҿы ауаа аарԥшуп ԥшьыџьара.
Хыхьтәи арыӷьарахьтәи акәакь амҳаџьырра иазкуп, ара иаабоит анацәа рысабицәа ргәыдкыланы амшын ишхықәгылоу, ацәқәырԥара иалоуп аԥхьарцеи архнышьнеи. Урҭ акыр идууп, шәагаала арахь адгьыл иҵарсу ажь зҭоу амҵәышә ду иаҟароуп — ари иаҳәоит аԥсуа дгьыл абарақьаҭреи иахнагахьоу арыцҳарақәеи еибакапаныртә ишырацәоу.
Ҵаҟатәи арымарахьтәи ахәҭаҿы иаабоит аҽықәыргылара асиужет, ауаа ашәы ршәуп, аҽы абӷагьы ақәыршә еиқәаҵәа ақәыршәуп.
Уи анаҩс — ахьча иԥсаса гәарихуеит, инапқәа шику ала, иҟалап, аҿарпын аирҳәозар. Ишьапаҿы итәоуп ахьчалақәа.
Арыӷьарахьӡа аҳәсеи, ахәыҷи, абырги баҟак иакәшаны игылоуп, иҟалап, ари асиужет Аџьынџьтәылатә еибашьра ду ацәыӡқәа ирыдҳәалазар.
Абас еиԥш хкырацәалеи ԥшшәырацәалеи ишеиларсугьы, акомпозициа иаку астиль ныҟәнагоит, асахьаркыратә еидара ду иаҵоуп, аҟаза инапы ишыҵыҵыз ҩашьом. Игәы иҵанаҳәаз ихатә ҭыхшьала инеигӡеит, амилаҭ цәа аханы, аԥсадгьыл абзиабара агәылыжжуа.
