Урыстәыла аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи адронқәа 200 инареиҳаны иҭадырхеит
09:35 29.03.2026 (ирҿыцуп: 13:33 29.03.2026)

© Sputnik / Константин Михальчевский
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 29 — Sputnik. Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 203 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Адронқәа ҭархан Белгородтәи, Бриансктәи, Волгоградтәи, Воронежтәи, Калугатәи, Курсктәи, Ленинградтәи, Новгородтәи, Орловтәи, Пензатәи, Псковтәи, Ростовтәи, Самаратәи, Саратовтәи, Смоленсктәи, Твертәи, Тулатәи областқәеи иара убас, Москватәи арегионқәеи, Краснодартәи атәылаҿацәи, Ҟрыми, Амшын еиқәа инахыкни.