Аӡаҵалара амзызқәа аԥырхлахоит Гәылрыԥшь араион аҿы
09:45 27.04.2026 (ирҿыцуп: 10:33 27.04.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 27 — Sputnik. Аӡаҵалара амзызқәа аԥырхлахоит Гәылрыԥшь араион аҿы.
Араион ахада ихаҭыԥуаҩ Нури Ҭарба иажәақәа рыла, уи акырӡа хра аманы иҟоуп ақәаршҩы ӷәӷәақәа анаҩстәи рыхҟьаԥҟьақәа рҿагылара аасҭа.

Ақыҭақәа рҿы аӡыршьҭрақәеи ақәаршҩцарҭақәеи дрыцқьоит.
Аҭыԥантәи анапхгара рхатәымчала Абгыӡра аӡиас аӡыршьҭра дрыцқьоит, анаҩс – Парнаут аӡиас. Кәыдры аӡиас аҿы ауадаҩрақәа ыҟоуп, аха уи аҿы араион ахадара ацхыраара рҭаххоит ҳәа азгәеиҭеит Ҭарба.
Иара иҳәеит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынбеи араион ахада Саид Ҳаразиеи ааигәа Каштакгьы уахь иналаҵаны, ҷыдала лассы-лассы аӡы зҵалало аҭыԥқәа ишырҭааз. Атәыла ахада Акапиталтә ргылара аусбарҭа анапынҵа аиҭеит ари апроблема аӡбара нап адыркырц.