Альготатә кредиттә программа алахәхаразы арзаҳалқәа рыдкылара хыркәшахоит лаҵара 15 рзы
12:52 05.05.2026 (ирҿыцуп: 13:40 05.05.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 5 — Sputnik. 2026-2030 шықәсқәа рзтәи альготатә кредит аҭара апрограмма алахәхаразы арзаҳалқәа рыдкылара хыркәшахоит лаҵара 15 рзы ҳәа аанацҳауеит Аеканомика аминистрра.
Уи ашьҭахь аинвестициатә проектқәа рыҭҵаара иалагоит. Арзаҳалқәа рыдкылара анаҩстәи ахәҭа мҩаԥгахоит сынтәа, арыцхәқәа рзы аинформациа инацҵаны ирылаҳәахоит.
Апроектқәа Аԥсны инагӡатәуп, урҭ иреиҵаӡоу рыхәԥса — 50 млн мааҭ ыҟоуп. Анаплакҩы ихатә ԥарақәа 10% иреиҵамзароуп.
Аԥыжәара змоу аусхкқәа: ақыҭанхамҩа, ақыҭанхамҩатә аалыҵ аус адулара, ааглыхра лас, анхарҭа ҭыԥқәа раԥҵареи рхархәареи.