Аветеран Илиа Христианов Аиааира Ду 81 шықәса ахыҵра идырныҳәалеит
19:02 07.05.2026 (ирҿыцуп: 19:46 07.05.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 7 — Sputnik. Аветеран Илиа Христианов Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны игаз Аиааира 81 шықәса ахыҵра идырныҳәалеит.
"Аныҳәа шәыдаҳныҳәаларц ҳашәзааит, сара сышәзаԥхьоит Урыстәыла ахада Владимир Владимир-иԥа Путин иҟынтәи адныҳәаларатә шәҟәы", — иҳәеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аҩбатәи амаӡаныҟәгаҩ Андреи Џьунько.
Адипломатиатә усбарҭа ахьӡала аветеран аҳамҭақәа ианаршьеит.
Иара убас Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭеи, Россотрудничествои, Жәлар рфронти рхаҭарнакцәа аветеранцәа Нонна Дорофеева, Нона Мол-оӷлы, Елена Водзинскаиа ирҭааит.