https://sputnik-abkhazia.info/20260513/1062959083.html
2026 шықәсазы "Комета" Шәачантәи Аҟәаҟа абжьаларазы аҽҳәарақәа еилкаауп
2026 шықәсазы "Комета" Шәачантәи Аҟәаҟа абжьаларазы аҽҳәарақәа еилкаауп
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, лаҵара 13 — Sputnik. "Комета" Аԥсныҟа иныҟәалоит жьҭаарамза нҵәаанӡа амшқәа ирнаҭар ҳәа иҳәеит "Аԥсны амшынӷбаныҟәара" акоммерциатә усуразы адиректор... 13.05.2026, Sputnik Аҧсны
2026-05-13T11:33+0300
2026-05-13T11:33+0300
2026-05-13T13:36+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
аԥсшьара
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0c/18/1060003693_0:100:1920:1180_1920x0_80_0_0_640ae3d5cd07c89786ade64c7045dadf.jpg
АҞӘА, лаҵара 13 — Sputnik. "Комета" Аԥсныҟа иныҟәалоит жьҭаарамза нҵәаанӡа амшқәа ирнаҭар ҳәа иҳәеит "Аԥсны амшынӷбаныҟәара" акоммерциатә усуразы адиректор ихаҭыԥуаҩ Адамыр Габуниа. Иццаку аӷба раԥхьатәи ареис азԥхьагәаҭоуп лаҵара 15 рзы. Есымчыбжьа – аҩашеи ахәашеи рзы иазгәаҭоуп ареисқәа ҩба рымҩаԥгара. Аихшанҵа инақәыршәаны аӷба Шәача абаӷәазаҟынтәи асааҭ 09:00 рзы Аҟәаҟа иқәҵуеит, амҩа 2 - 2,5 сааҭ рҟынӡа иқәхоит. Аӷбахь абилеҭқәа раахәара алшоит имҩанызго асаити Аҟәа абаӷәазаҿи. Абилеҭқәа истандарту рыхәԥса – хырхарҭак ахь 2800 мааҭ. Аӷба "Акосмонавт Павел Попович" атесттә реис мҩаԥысит нанҳәамза 6 2025 шықәсазы. "Комета" 32 шықәса рыҩнуҵҟа раԥхьаӡа акәны Аԥсныҟа иааит. Анавигациа хацыркхеит нанҳәа 30 рзы, ихыркәшахеит цәыббра 26 рзы, ареисқәа зегьы шамахамзар инагӡаны, пассаџьырла иҭәны имҩаԥысит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0c/18/1060003693_107:0:1814:1280_1920x0_80_0_0_8483002555c242d2af11ef5b85d8a854.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, аԥсшьара
ажәабжьқәа, аԥсны, аԥсшьара
2026 шықәсазы "Комета" Шәачантәи Аҟәаҟа абжьаларазы аҽҳәарақәа еилкаауп
11:33 13.05.2026 (ирҿыцуп: 13:36 13.05.2026) АҞӘА, лаҵара 13 — Sputnik. "Комета" Аԥсныҟа иныҟәалоит жьҭаарамза нҵәаанӡа амшқәа ирнаҭар ҳәа иҳәеит "Аԥсны амшынӷбаныҟәара" акоммерциатә усуразы адиректор ихаҭыԥуаҩ Адамыр Габуниа.
Иццаку аӷба раԥхьатәи ареис азԥхьагәаҭоуп лаҵара 15 рзы.
Есымчыбжьа – аҩашеи ахәашеи рзы иазгәаҭоуп ареисқәа ҩба рымҩаԥгара. Аихшанҵа инақәыршәаны аӷба Шәача абаӷәазаҟынтәи асааҭ 09:00 рзы Аҟәаҟа иқәҵуеит, амҩа 2 - 2,5 сааҭ рҟынӡа иқәхоит.
"Атуристцәа рзы даара иманшәалоуп, аиҳаракгьы аԥхынтәи аамҭазы иԥшӡоу, иблахкыгоу аԥсабара иагәылаԥшуа аамҭа рацәа мгакәа рымҩа ианысуеит. Аԥхынтәи аамҭахҵәа, ауаарацәа рыҟазараан "Комета" зегь раасҭа иласу транспорт хкуп", — ҳәа ҳәа азгәеиҭеит Габуниа.
Аӷбахь абилеҭқәа раахәара алшоит имҩанызго асаити Аҟәа абаӷәазаҿи. Абилеҭқәа истандарту рыхәԥса – хырхарҭак ахь 2800 мааҭ.
Аӷба "Акосмонавт Павел Попович" атесттә реис мҩаԥысит нанҳәамза 6 2025 шықәсазы. "Комета" 32 шықәса рыҩнуҵҟа раԥхьаӡа акәны Аԥсныҟа иааит. Анавигациа хацыркхеит нанҳәа 30 рзы, ихыркәшахеит цәыббра 26 рзы, ареисқәа зегьы шамахамзар инагӡаны, пассаџьырла иҭәны имҩаԥысит.