Амаругатә лексика

Амаругатә лексика
Ҩба-хԥа хьӡы змоу амаҭәарқәа:
• Аҵлаҭыцәаага, аиаҳәаҭыхга, аҭҟага — аҵкьапа́р, агәыбжьа́ҵә // агәымжьа́ҵә;
• Аҳаԥшьаӡәӡәага — аҳа́рӷь, аҭамсҳәы́ԥ;
• Абамбарыцқьага — аччы́хь;
• Аҟауарршьшьага — асаҭы́р;
• Áаҵыхга, ааҷаҵхы́га — абырҵкал;
• А́лукəага – акәыкәымса́г (амҿтәы жьаҳәа), отбойник для жерновов.
Хьӡык змоу, аха иссиру (иахьа иаҳамкуагьы налаҵаны):
• Аҟҟа́га – инструмент для нанесения узора по дереву,
• Алацҟьа́га – инструмент для расчёски шерсти,
• Амҳаҵәҭы́хга – инструмент для изготовления деревянных (самшитовых) ложек,
• Ачхəа́ркыдхга – инструмент для снятия (соскабливания) ачхуара,
• Акəа́га – отбойник (специальный молоток) для отбивания косы, меча и т.п.
• А́цеилыхга – инструмент для разводки пилы,
• Áаивыхга – приспособление для изготовления ремней.
Ахыҵхырҭа: "Аԥсуа-аурыс жәар", В. А. Касланӡиа, 2005
Асахьақәа: Ф. Кәабахьиеи Н. Ачбеи ажьааӡара иазку рышәҟәы аҟынтә "Виноградарство и виноделие у древних абхазов", 2020
