00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Агаҿа ԥсаатә еилҟьақәа": аҷнышқәеи урҭ ирыхҳәаау азгәаҭарақәеи

© Sputnik / Томас ТхайцукГород Сухум
Город Сухум  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.05.2026
Анапаҵаҩра
Еилаԥыруа агаҿа зырԥшӡо аҷныш ԥсаатәқәа ирызку аматериал ҳадылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Аҷнышқәа ахақәиҭра иазхьуа ԥсаатәқәоуп. Рҽыҭҳәа, аԥшәымара уа, аԥшаҳәа инаваршәны инеиааиуеит. "Абар, ҳзеиԥшроу жәбома" рҳәошәа рымҵәыжәҩақәа ааилыршәшәо, ршьапқәа шшәыр-шшәырӡа, иҽырбоит, иҽырба.
Аиашазы, дара ирылам арбан, "Анцәа игәарԥханы ишаҵәҟьеит": иԥыруеит, иныҟәоит, иӡсауеит, аӡы инҭас аԥсыӡ ркуеит, убри алагьы "агаҿа ԥсаатә еилҟьақәа" ҳәа ахьӡ рчаԥахьеит.
"О, аҷнышқәа, аҷнышқәа,
Зыбжьы ықәыҩуа агаҿа!"
Аҷнышқәа еилаҭыруа Аҟәа аԥшаҳәа иамоижьҭеи убри аҟара ҳрышьцылеит, аҭынчра еилаго, рыбжьы ыркьыкьны, "ҭыӷьӡаа реиԥш" ианеилало аимгеимцарақәа ранаҳажьуеит.

Аҷнышқәеи ажәлар разгәаҭарақәеи

Ашәҟәыҩҩы Алықьса Џьонуа иҩуан: "Агаҿахь улаԥш науршәыр, еибаркьииуа, еилаԥырԥыруа аҷныш ԥсаатәқәа ахьеилоу убоит, амшын рыҽӡаарслауа".
Рассвет  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.05.2026
Аԥсны
"Ашәахәақәа уҿахәмаруа иубазар": амра иазку ажәлар разгәаҭарақәеи аԥхыӡқәеи
Жәаҳәарада, арҭ аԥсаатәқәеи аӡи иузеиҟәымҭхо еицуп. Урҭ реизааигәара рхы иархәан ирыцклаԥшуан, рхымҩаԥгашьа аҷыдарақәа рыла амш зеиԥшрахо анеилыркаауаз ыҟан.
Изларҳәо ала:
Аҷнышқәа рҽырҭынч амшын ацәқәырԥақәа ирыхиаалазар, амш бзиа иатәуп.
Аҷныш амшын ихыҵны, рҽеизакны ажәҩан аҟны ианеилаҭыр – аԥша иазҳәоуп.
Аҷнышқәа аҽыкәабара аныхҭарк – амш еиласуеит.
Аҷнышқәа амшын иҭыҵны адәы ианықәла – аԥша иатәуп.
Аҷнышқәа амшын ихылан аӡсара хҭаркзар – амш бзиақәа ҟалоит.
Аҷнышқәа еиқәҿырҭуа иалагазар – ақәа рбоит.

Аҷнышқәа апоезиаҿы

Агаҿа аԥшаҳәа ҭзырцәажәаауа аҷнышқәа рыԥшӡареи реилҟьареи апоетцәа ргәаҵаҿы ацәаныррақәа андырцыхцыхлак, ишьақәгылон ацәаҳәа еинаалақәа. Ҳрызхьаԥшып ҿырԥштәқәак:
Амшын агәы иаҵәа иалдан хара,
Ацәқәырԥа ҭынчын, иаҿымызт ақьра.
Аҷныш жәҩашқәа хиаала иԥырԥыруан,
Рыфатә ацырҟьозшәа аӷба иахан!
(Баграт Шьынқәба)
Зны-зынла сгәы зегь рыԥссоит, гәыӷрақәак сҭаан.
Аҷныш еиԥш быблаҿ иӡсоит, ишкәакәаӡа хьаак.
(Анатоли Лагәлаа)
Аҷныш ашьҭа ианнаҵоз аԥслымӡра,
Иаӡәӡәон ацәқәырԥа, ицо-иаауа.
Аха угәы изҭымҵра, убла изырхымҵра,
Ишнеиуа иара, шәахәала еилбзаауа.
(Инал Гыцба)
Дрозд  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.11.2025
Аԥсны
"Аҷынҷа абымбыл ианыладыртәа, абӷьыжә иаҳәон": аҷынҷа иахҳәаау ажәаԥҟақәеи аиҿырԥшрақәеи
Анҵәамҭазы жәабжь кьаҿк
Ажәеи ажәеи еихҳәаауа сшааиуаз, абра ианысҵар сҭаххеит схәыҷра шықәсқәа раан сабду иҿынтә исаҳахьаз ажәабжь кьаҿк.
Амшын иазааигәоу қыҭак ажәҩан иалубаауан аҷнышқәа. Акәытҵаара ада акгьы зымбацыз кәтык урҭ абла иааҵашәацыԥхьаӡа аԥсахы еибакуан: "Аҳ, анаасыни, абанҭ сызлареицәеи! Қьаф рымоуп, хыда-ҵыхәада аҳауа иалоуп. Сара сакәзар, ашҭеи акәытҵареи сышрыбжьаз сшьапқәа хеит, аԥшәмаԥҳәыс "аӡы зызхалаша" уаҳа блахтыра слырбом" ҳәа игәамҵ-хамҵуан.
"Амҵәыжәҩа ӷәӷәақәа змоу дышәсырбап!" - аҳәан, акәты акәытҵара ахыб инықәԥрит. Ахәыцра хаақәа ирылахаз акәты, ахьшь шахаҩоз зынӡа иазгәамҭеит, уи акәхеит, инышьҭԥаа иагеит.
Абас ауп, дад, "аӡәы итәы иашьҭалаз, иара итәы шәатәхоит".
Аматериал аиқәыршәараҿы ахархәара аҭан Шьаликәа Камкиа иеизга "Ажәа хьыршәыгәқәа".
Ажәабжьқәа зегьы
0