Аԥснытәи ашколхәыҷқәа раԥхьаӡакәны арра-спорттә хәмарра "Аиааира ашьҭрақәлаҩцәа" иалахәуп
11:33 04.06.2026 (ирҿыцуп: 13:39 04.06.2026)

© telegram SputnikAbkhazia
Анапаҵаҩра
Ахәмаррақәа аартын Москва "Апатриот" апарк аҟны, иалахәуп 32 команда.
АҞӘА, рашәара 4 — Sputnik. Аԥснытәи ашколхәыҷқәа раԥхьаӡакәны арра-спорттә хәмарра "Аиааира ашьҭрақәлаҩцәа" иалахәхоит.
Ауснагӡатә аартын Москва "Апатриот" апарк аҟны, Аиааира абираҟ зхагылоу Реихстаг ахыбра амакет аҿаԥхьа ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Аицлабрақәа жәамш имҩаԥыслоит, ҩ-етапкны еихшоуп: урыстәылатәии жәларбжьаратәии. Аиааиразы иқәԥоит 32 команда: урыстәылатәи сувороваа, нахимоваа, акадетцәеи, аруаа қәыԥшцәеи, Аԥсни, Беларуссиеи, Ҟазахсҭани, Узбекисҭани рхаҭарнакцәеи.
Дара аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа еизыргоит, анаҩс урҭ рхархәаразы рылшарақәа аадырԥшуеит, фиџьитал-хәмарра "Калибр", аинтеллектуалтә еицлабрақәа, аклассикатә арратә еиндаҭларақәа, иара убас аԥынгылақәа змоу аҭыԥқәа рҿы "аӷа" ижәылара ахьԥырҟәҟәаатәу, аныҟәара-аҩрала аҭыԥ ахысра ахьалыршатәу адәынтәи атактикатә хәмарра "Аиааирагаҩцәа рымҩа" рҿы рымчқәа ԥыршәоит.