https://sputnik-abkhazia.info/20260613/kavkaz-azhlara-rakzaara-akultura-aforum-lykhny-1063675258.html
Кавказ ажәларқәа ракзаара: акультура афорум "Лыхны"
Кавказ ажәларқәа ракзаара: акультура афорум "Лыхны"
Sputnik Аҧсны
Кавказ ажәларқәа ркультура раԥхьатәи афорум "Лыхны" мҩаԥысит Аԥсны рашәара 13 рзы. 13.06.2026, Sputnik Аҧсны
2026-06-13T23:00+0300
2026-06-13T23:00+0300
2026-06-14T00:05+0300
аԥсны
аԥсны
акультура
кавказ
афотосахьақәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/06/0d/1063675633_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_d54f7e6e35c07ca68eb8a1ff8f474267.jpg
Афорум еиднакылеит арҿиаратә коллективқәа, жәлар рнапкымҭақәа азҟазацәа, Аԥсни Нхыҵ Кавказтәи ареспубликақәеи рҟынтәи адизаинерцәа, асахьаҭыхыҩцәа, аҵарауаа.Лыхнашҭа имҩаԥысыз афорум хықәкы хадас иаман - Аԥсни Кавказ ажәларқәеи ркультура абеиара аарԥшра.Аиҿкааҩцәа — АНО "Аԥсуа сезонқәа", акультура-усутә платформа "Гәыма". Аусмҩаԥгатә еиҿкаауп атәыла ахадеи аиҳабыреи, Аԥсны акультура аминистрреи, атуризм аминистрреи, Урыстәыла ахада игрантқәа рфонди рыцхыраарала.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/06/0d/1063675633_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_3be97775cd65aa3d967d4c19abbea634.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
фото, аԥсны, акультура, кавказ, афотосахьақәа
фото, аԥсны, акультура, кавказ, афотосахьақәа
Кавказ ажәларқәа ракзаара: акультура афорум "Лыхны"
23:00 13.06.2026 (ирҿыцуп: 00:05 14.06.2026) Кавказ ажәларқәа ркультура раԥхьатәи афорум "Лыхны" мҩаԥысит Аԥсны рашәара 13 рзы.
Афорум еиднакылеит арҿиаратә коллективқәа, жәлар рнапкымҭақәа азҟазацәа, Аԥсни Нхыҵ Кавказтәи ареспубликақәеи рҟынтәи адизаинерцәа, асахьаҭыхыҩцәа, аҵарауаа.
Лыхнашҭа имҩаԥысыз афорум хықәкы хадас иаман - Аԥсни Кавказ ажәларқәеи ркультура абеиара аарԥшра.
Аиҿкааҩцәа — АНО "Аԥсуа сезонқәа", акультура-усутә платформа "Гәыма". Аусмҩаԥгатә еиҿкаауп атәыла ахадеи аиҳабыреи, Аԥсны акультура аминистрреи, атуризм аминистрреи, Урыстәыла ахада игрантқәа рфонди рыцхыраарала.

Кавказ ажәларқәа ркультура раԥхьатәи афорум "Лыхны" мҩаԥысит Аԥсны.

Кавказ ажәларқәа иреиӷьу ртрадициақәеи ркультуреи еидызкылаз афорум Лыхнашҭа мҩаԥысит.

Апрограмма иахәҭакын аҽтәы-спорттә еицлабрақә. Аспортсменцәа рыбжьара дыҟан аҽыуаҩ қәыԥш Кира Ҭраԥшьҧҳа.

Аԥсни Адыгеиеи рҟынтәи аҟазацәа рнапылаҟаҵаратә аалыҵқәа ӡырган.

Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан амилаҭтә ҳәызбақәа, аҳәса рыҵкқәа, ахацәа ркостиумқәа.

Бадра Гәынба Кавказ ажәларқәа ркультура иазку афорум "Лыхны" даҭааит.


Аҽыбӷаҟазаратә спорт абзиабаҩцәа рроль ҳаракын.

Афорум апрограммаҿы иҟан аҽырыҩра, аҽтәы шьапылампыл, ахыци ахәымпали рыла ахысра.

Иара убас афорум апрограммаҿы иҟан аиармарка, афотоцәыргақәҵақәа, алекториақәа, астол гьежьқәа.

Амилаҭтә спорт хкқәа руак — ахыци ахәымпали рыла ахысра.

Аԥснытәи амодельерцәа русумҭақәа дырбара мҩаԥган.

Аԥсни, Адыгеиеи, Чечентәылеи рҟынтәи арҿиаратә коллективқәа злахәыз аныҳәатә концерт ала афорум хыркәшан.

Бадра Гәынба Кавказ ажәларқәа ркультура иазку афорум "Лыхны" аҟны еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла еихшаз аҭыҧқәа дырҭааит.

Лыхнашҭа имҩаԥысыз афорум хықәкы хадас иаман - Аԥсни Кавказ ажәларқәеи ркультура абеиара аарԥшра.

Аиҿкааҩцәа — АНО "Аԥсуа сезонқәа", акультура-усутә платформа "Гәыма".